700-ҩык инареиҳаны аушьҭымҭацәа ААУ иҭалоит

2024-2025 аҵарашықәс азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аусшәҟәқәа рыдкылара мҩаԥган аҵарадырратә программақәа 35 рыла.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа ала актәи акурс аҿы абиуџьет харџь ала 397 ҭыԥ алкаан, урҭ рахьтә амагистртә программа ала 23 ҭыԥ.
Абакалавриат азы аҵарадырра (азанааҭқәа) рзы 676 арзаҳал ҟаҵан. Урҭ рҟынтәи 102-ҩык ашколхәыҷқәа ролимпиада "Аҳаракырахь амҩа" алҵшәақәа рыла уаанӡа аҭаларазы зсиа рыдыргалахьаз роуп.
11-ҩык ауаа аҩбатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы арзаҳалқәа рҩит, 12-ҩык амагистртә дипломқәа рзы.
Ҳазҭоу ашықәс азы ахырхарҭақәа 20 рҿы абиуџьеттә ҭыԥқәа рзы аконкурс ду мҩаԥысуеит.
Еиҳарак аҳасабырбақәа ҟазҵаз аҵарадырратә хырхарҭа “Аекономика” ауп, иара убас
аспециальност "Аиуриспруденциа".
Адкылара хада анхыркәшаха ашьҭахь, егьырҭ адкыларақәа рзы алаҳәара ҟаҵан анаҩстәи ахырхарҭақәа рҿы:
- "Аматематика";
- “Афизика”;
- “Абиологиа”;
- “Абнатә усқәа”;
- “Афармациа”;
“Аԥсуа бызшәеи алитературеи”;
- “Аԥсуа бызшәа иаԥсуам ашкол аҿы”;
- “Атәымтәылатәи абызшәақәеи (анемец бызшәа) акультурақәеи дырҵара атеориеи аметодикеи”;
- “Агроинженерра: Агробизнес аҿы атехникатә системақәа”;
- “Аҵиаақәа рыхьчара”;
- "Алагарҭатә классқәа рҵарадырра";
- "Ашколқәраҿынӡатәи аҵарадырра".
Сынтәа Аԥснытәи ауниверситет аҿы иаатит ахырхарҭа ҿыцқәеи аспециальностқәеи, урҭ рахь иаҵанакуеит “Афармациа”, “Азанааҭтә усура апсихологиа”, “Амузыкатә-театралтә ҟазара (Аоператә ашәаҳәара аҟазара)”, “Аҩныҵҟатәи адизайн”.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ахәҭак аҳасабала
“Афымцамчтә индустриеи аелектротехникеи” ахырхарҭақәа рҟны сынтәа раԥхьаӡа акәны абитуриентцәа рыдкылара мҩаԥган. Иҩын арзаҳалқәа 13. Ари аформат астудентцәа, иреиҳау азанааҭтә ҵарадырра анроуа, ҩ-университетк зныкала алгара алшара рынаҭоит – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә академиеи.
Уаанӡатәи ашықәсқәа рзы еиԥш, сынтәагьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥган ауниверситет аҭалара аԥхьатәи аҽазыҟаҵаратә школи афизика-математикатә школи.
Аҭаларазы ирҭиуаз аԥышәарақәа ҩ-етапктәи алҵшәақәа инарықәыршәаны, аҩбатәи иреиҳау аҵараиурҭа аҭаларазы арзаҳалқәеи, иара убас,
амагистртә программақәа рыла, иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭалара азин рымоуп 700 инареиҳаны.
Аҩбатәи иреиҳау аҵареи амагистртә программақәеи рзы аусшәҟәқәа рыдкылара иацҵоуп.


Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me