Ноиабр 18 азы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Инал Арӡынба диԥылеит Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, – иаанацҳауеит Аминистрра асаит. Арӡынбеи Шургалини рылацәажәеит Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа хра злоу рызҵаарақәа жәпакы, ахәҭакахьала иаармарианы Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра Аҧсны атәылауаа рыҭара. Ҩынтәны атәылауаҩра азҵаарақәа рырманшәаларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь, аганқәа ихацдыркит аратификациа. Аиқәшаҳаҭра амч аиуеит аратификациатә шәҟәқәа анеимырдауа арыцхә инаркны.
Ноиабр 16 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирзааҭгылеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амоушәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада исаит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә гәыԥ еиҿыркааижьҭеи 30 шықәса аҵра аҳәаахьчаҩцәа ирыдиныҳәалеит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me