Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Маркәыла ақыҭан аибашьцәа рбаҟа дыргылоит

Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵреи, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара жәохә шықәса ахыҵреи разгәаҭара аламҭалазы, Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан иқәдыргылараны иҟоуп аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа.

Абаҟа ашьақәыргыларазы аҭыҧ ус машәыршәа иалхӡамызт, атанк асахьа змоу амонумент Маркәылаа рыҷкәынцәа аибашьраан раҧхьа аҿагылара ахьыҟарҵаз аҭыҧ аҿы иқәыргылахоит. Аибашьра аветеранцәа абаҟа аҭыҧ азалхны ахаҳә шьҭарҵеижьҭеи крааҵуеит, аха ужәраанӡа иаҭахыз аусурақәа зегьы реиҿкаара залмыршахеит.

 Ҩышықәса раҧхьа, аҭыҧантәи анхацәа, ирылшо рнапала иҟарҵарц гәҭакыс ишьҭыхны аусурақәа хацдыркит, раҧхьа иргыланы аҭыҧ дрыцқьеит, еиҟарартәит, абҕанҷ ықәрыҧсеит. Анаҩс, аусурақәа рымҩаҧгараҿы иаҭаху афинанстә цхыраара аиуразы аиҳабыра рыхьӡала ашәҟәы рҩит. Аҧсны анапхгара ари аус адгылара арҭеит, иазоурыжьит иаҭахыз аҟәрышь.

Мызкы аҧхьа аргыларатә усурақәа напы ддыркит, урҭ мҩаҧнагоит аргыларатә усбарҭа «Ақалақьргылара». Абаҟа ахьықәыргылахо аҭыҧ ашьапы ҭадырҭәахьеит, уи анаҩсгьы планла иарбоу аусурақәа зегьы нагӡо иааиуеит. Амшцәгьа иахҟьаны аусурақәа шеиҧҟьазгьы, зегьы акоуп, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп нанҳәамза ҩажәи жәеиза иахымгакәан. «Аргыларатә маҭәахәқәеи, афинансқәеи рганахь ала уадаҩра ҳамаӡам, зегьы ианаамҭоу иҳауеит, – иҳәеит аусбарҭа «Ақалақьргылара» апрораб хада Асҭамыр Кәакәасқьыр.

 Аргылара иацу ахарџь зегьы ашәоит аҳәынҭқарра, апроекттә-сметатә шәҟәқәа инарықәыршәаны абаҟа аргылара иазуожьуп 3,9 миллион мааҭ.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me