Аҭыжьымҭа аӡыргара

07 Ԥхынгәы 2023 08:03
Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иӡырнагеит Аҧсны анаплакқәа ркаталог 15 аҭыжьымҭа. Уахь инаҧхьан 50-ҩык раҟара, убарҭ рхыҧхьаӡараҿы – анападкылаҩцәа, аҳәынҭчынуаа, ауаажәларра, ажурналистцәа.

«Сара» аасҭа – «Ҳара»

07 Ԥхынгәы 2023 08:01
Шьала еиқәырхоу ҳтәыла аполитикатә хьыԥшымра аҽҳәаақәнаҵеижьҭеи абар, сынтәа х-жәашықәсак ҵуеит, ҩымз рнаҩс. Зынӡа ирацәамзаргьы, имаҷцәоуп ҳазҳәарым ари аамҭа. Убри аҟнытә, есымшааирагьы ҳауаажәларратә бзазараҿы иҵарны иқәгылоит ҳҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа азҵаара.
Сергеи Арушьан-иҧа Агындиа диит (08.07.1953) Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсни ржурналистцәа Реидгылақәа дрылоуп. 1997 ш. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь дрыдыркылеит, 2003 ш. раахыс – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа далоуп.
Азҳара иадҳәалоу аҧсҭазаара ду ахь, сынтәа Тҟәарчал араион аҿы ршьаҿа еихыргеит жәибыжь школ роушьҭымҭацәа, иааидкыланы шәи ҩажәи жәаҩык аҭыҧҳацәеи арҧарцәеи, урҭ рыбжьара хынҩажәаҩык ибзианы аҵара рҵон ҳәа иалкаан.

Ирхамышҭуа амш

07 Ԥхынгәы 2023 07:55
Ашколтә ҧсҭазаара ааныжьны, 11-шықәса аҵара дзырҵоз рырҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәаны аҧсҭазаара амҩа ҭбаа ианыло ашкол аушьҭымҭацәа рзы абжьаратә ҵара ахыркәшара иазкыз агәырҕьаратә ҭагылазаашьа змаз аныҳәа мҩаҧысит Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны. Арахь имҩахыҵит Аҧсны атәыла анапхгара, арҵаҩцәа, аҭаацәарақәа, иара убас ашкол аушьҭымҭацәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me