«Ҳқәыԥшрагьы, ҳаԥсҭазаарагьы ҳаигӡом шәа шәзы…»

«Абас рҳәошәа слымҳа иҭаҩуеит Аԥсны зхы ақәызҵаз ақәрахьымӡақәа санрызхәыцуа. Ихьанҭоуп, ихьаауп аԥсҭазаара агьама абаха иахьымӡаз, аӡыхь ҿамҩа-заҵәыкгьы изаҿымхәаз ҳаҷкәынцәа-ҳаибашьҩцәа рыӡбахә аҳәара. Убарҭ дыруаӡәкуп Аԥсны Афырхаҵа Роберт Иуана-иԥа Габуниа.

Диит, дагьааӡеит ашьха-қыҭа ԥшӡа Арасаӡыхь. Иаб Иуана Габуниеи, иан Налиа Делбеи рҭаацәараҿы ирызҳауан хҩык ахшара: ҩыџьа арԥарцәеи, хҩык аҭыԥҳацәеи. Роберт аҩнаҭаҿы зегьы дреиҵбын. Уи ихәыҷра ргәаларшәо, иҩызцәа ирҳәоит дыԥхашьа-ԥхаҵо, убла дхыԥало акәымкәа, ламысла ихы мҩаԥигон, машәыршәа акәхарымызт ахәыҷы хьӡыс «Ҭахәыц» ҳәа зиарҳәозгьы.
Ааӡара бзиа, аԥсуала ахәыцра, ахымҩаԥгашьа – абарҭқәа роуп иааирԥшыз Роберт даныҩеидасгьы. Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, ирратә уалԥшьа наигӡон Приморсктәи атәылаҿацә аҟны. 1989 шықәса инаркны аус иуан Тҟәарчалтәи азауад «Зариа» аҟны. Зегьы иаҳгәалашәоит 1989-тәи ашықәсқәа рзы ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәа рцәа иҭыҵны, Аԥсни аԥсуа жәлари ирҿагылаз акциақәа ишырҿыз. Абри ашықәсаз ахы акит Роберт иполитикатә мҩагьы. Аԥсны ақырҭцәа шалаҭхаџьуаз, арахь ҳажәлар тәамбашақә ирызныҟәоз рҿагылара иазкын Роберт иҩызцәеи иареи ақалақь Тҟәарчал акультура Ахан аҿаԥхьа 8 мшы имҩаԥыргаз амлашьрагьы.
1989 шықәсазы Роберт Очамчыра ақалақьаҿ еиҿкааз жәлар рфорум «Ашарԥыеҵәа» далалеит. Ари афорум иалаз хықәкыс ирыман, зыгәҭакы рдыруаз аӷа излаиҿагылашаз абџьар аԥшаара. Избарц зҭахыз ирбаратәы иҟан уи ада еилгашьа шҳамамыз ақырҭуа милаҭеилыхыҩцәеи ҳареи . Аџьаԥҳаны аахәаны иааргон Нхыҵ-Кавкази Ермантәылеи рҟнытә. Убри аамҭазы Ермантәыла иаанкылан Роберти уи иҩыза бзиа, афорум анапхгаҩы Оҭар Турнанбеи.
Уаҟа ирзықәыргылан аультиматум: аҿыхԥса рымшәар, ашьауӷа ишақәдыршәоз ала. Аха лыԥхала иацәцеит, иазгәаҭатәуп Константин Озган ицхыраарала. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, 24 шықәса зхыҵуаз Роберт Габуниа днарывагылеит Аԥсадгьыл ахьчараз бџьаршьҭыхла игылаз Арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа. Иара дыруаӡәкуп апартизантә гәыԥқәа реиҿкааҩцәа.
Ицеибашьуаз амедеиҳәшьа Раиса Ӷәынџьиа илгәалалыршәоит: «Раԥхьаӡа абџьар шьҭыхны Кындыӷ иҳазнеиз Арасаӡыхьаа рыҷкәынцәа Роберт Габуниа, Адамыр Бганба, Дима Кациа роуп. Роберт Габуниа дрылахәын: Аӡҩыбжьа, Аҭара, Ҭоумышь, Кындыӷ рхақәиҭтәразы ажәыларақәа зегьы. Далахәын Зорик Ҷҟониа напхгара зиҭоз акоманда «Дамаск».

Зегьы иреиӷьыз ԥшыхәҩыс дыԥхьаӡан ари абаталион аҟны, убри азын далырхуеит аԥшыхәратә гәыԥ акомандирс. Уи агәыԥ иабзоураны аӷа акырынтә ааха ӷәӷәа иоухьан.
1993 шықәса август мзазы Тамшь иалалаз аӷа иколонна анырҵәара далахәын. Аӷа иавтомашьынақәа, иршьаҟауаа жәпаҩык рнырҵәара алыршан Роберти иареи рҩызцәа рфырхаҵара иабзоураны. Усҟан иара игәыԥ цәыӡ рымаӡамкәа ихынҳәит. Иара убри амзазы дырҩагьых дара ирылдыршеит 30 агаз балонқәа, артҟәацгақәа рҭаҵаны рыҵаҵара, ааигә́а итәаз ҳаӷацәа Аҟәаҟа ицоз рымҩа ԥырҵәарцазы, абраҟагьы лыԥхала рыдҵа нагӡан.
Сентиабр мзазы агәыԥ ироуит адҵа: Кындыӷ амҩаду аанкылараз, дара иагьрылдыршеит ари аҭыԥахь ацәырҵра, 12 мшгьы инкыланы ирыман. Ажәахатәи амш аҽны 10 инарзынаԥшуа акәылӡтәы техникеи 500-ҩык аӷа ируааи шырҿагылазгьы, ҳпартизанцәа ргәы мыҭрысит, ирылшеит аӷа инкылара. Усҟан ҳаӷа авиациа ихы иаирхәеит, рџьаԥҳаны нҵәо ианалага, аӡиас Ҷашьа ацҳа ԥжәаны, амшын аганахь рҽарҭеит. 8 сааҭк инарзынаԥшуа амацәаз ишҭакызгьы, ааха ӷәӷәа ирҭеит. Иҭархан 100-ҩыуаак рҟынӡа аӷацәа, атехника. Ари аиҿагылара игәаларшәо, Роберт ицеибашьуаз Рамин Ҳаџьымба иҳәоит: «Робик дымшәаӡакәа, зынӡа исзааигәахеит ҳәа дымхьаҵӡакәа, дырҿагылеит, иара игәымшәара иабзоураны зегьы ҳаибга-ҳазҩыда ҳалҵит».
Аҩбатәи аполк акомандаҟаҵаҩ Вадим Ӷәынџьиа, Роберт дихцәажәо иҳәоит: «Абри арԥыс знык иадамзаргьы дшәаны ишьҭахьҟа дхьамҵит, ажәылара ианцоз Роберт заԥхьа дгыланы дцоз ус ргәы иаанагон акәылӡтәы техника иашьҭагылоушәа, убри аҟынӡа ихыԥша ӷәӷәан».
Декабр мзазы ақыҭа Ҭоумышь ахәра ӷәӷәа шиоузгьы, ихәра цқьа иӷьаанӡа еиҭах иҩызцәа аибашьцәа днарылагылеит. Дрылахәын Кәачареи Лабреи анҭадырцәуаз. Урҭ астратегиатә ҵакы змаз ҳаракырақәан.
Ииуль 2, 1993 шықәсазы, адесант аныӡхыҵуаз рԥылараан, Кындыӷ ақыҭаҿы дҭахеит Арасаӡыхьтәи арԥыс-гәымшәа Роберт Иуана-иԥа Габуниа. Уи дқәыԥшын, аҭаацәарагь аԥимҵацызт, диҭнымхеит ихьӡ иацызҵаша аӡәгьы, ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳақәлаз аӷа иҿаԥхьа дамеигӡеит иԥсҭазаара қәыԥш. Ицқьара, иԥшӡара Аԥсны абиԥара ирзынижьит. Ифырхаҵара ҿырԥшыган аҭоурых иазынхоит.
Рҿаԥхьа схырхәан иҭабуп ҳәа расҳәоит Аԥсны Афырхаҵа Роберт Габуниа иԥсҭазаареи еибашьратә мҩеи рдырразы исыцхрааз аиҳәшьцәа гәакьақәа Изольдеи Наргизеи (На­ргиза ааигәа лдунеи лыԥсахгәышьеит, зынарцә лашахаша).
Данҭаха ашьҭахь Роберт Габуниа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me