Ақалақь ахақәиҭтәра амш

Ес-шықәса еиԥш иахьагьы, Аԥсны ақалақь Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц, Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәаладыршәарц «Ахьӡ-аԥша» апарк ахь имҩахыҵит: Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ақалақь Аҟәа ахада Беслан Ешба, Аԥсны Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, адепутатцәа, аветеранцәа, ашкол хәыҷқәа.
Иара убас ари амш аҽны "Ахьӡ-аԥша" апарк аҟны иаартын Аԥсны Афырхаҵа,аинрал-леитенант Гиви Агрба аџьаз иалхыз ибиуст.
Ари абаҟа авторцәас иамоуп Амиран Адлеибеи Адгәыр Ҷкадуеи.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me