Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵарҭатә зал хадаҿы Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд иаҭан Александр Чачба иҭыхымҭақәа. Асахьаҭыхҩы иусумҭа Иарку акционертә еилазаара «Аквафон-GSM» иаанахәеит 2022 шықәсазы аукцион аҟны. Шәыга хәшала инагӡоу аҭыхымҭаҿы даарԥшуп аԥҳәызба. Ари арҿиамҭа ианаԥҵаз аамҭа ашьақәыргыларазы аҟазараҭ­ҵааҩцәа ргәы иҭоуп аҭҵаарақәа жәпакы рымҩаԥгара.
Ҳазну амзазы ихыркәшан ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи ачемпионат. Арҭ ацәаҳәақәа равтор ашьапылампыл сшазҿлым­ҳамгьы ари ачемпионат афинал иахәаҧшыз сыруаӡәкуп. Ашьапылампыл даара бзиа избо, акоманда «Зенит»иалоу сыҷкәын хәыҷы Алан ибзоу­рала саргьы сфанатхеит Аргентина азы ихәмаруа, адунеи иачемпионхаз Лионель Месси изы.

Агәыҕрақәа здаҳҳәало

29 Ԥхынкәын 2022 14:25
Абар мышқәак роуп иагу Ашықәс ҿыц ааира. 2022-тәи ашықәс наскьаго ҳҭалоит гәыҕра шәкы здаҳҳәало 2023-тәи ажьа ашықәс. Инаскьааго ашықәс азгьы гәыҕра шәкы ҳаман, аха ишдыру еиҧш даара иуадаҩны имҩаҧысит: адунеи зегь зымҽхазкыз ачымазара «Ковид-19» уҳәару, Украина имҩаҧысуа аибашьра уҳәару даара ахынҭа-ҩынҭарақәеи аҧсыҭбарақәеи рыла иҭәу шықәсхеит… Аха, дырҩегьх, ҳгәыҕра ҳеижьом, ҳгәыҕуеит ҳазҭало Ашықәс ҿыц инаскьааго аасҭа ишҧеиҕьымхари ҳәа, «агәыҕра аҵыхәтәанынӡа иҧсӡом»…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me