Аиҩызара ҳәаа амаӡам

Аҟазара адунеиаҿы ажәларқәа еидызкыло ахьтәы цҳа иаҩызоуп.Абар жәашықәса ҵуеит Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи жәларбжьаратәи ашәаҳәаҩцәа рфестиваль. Уи еиҿкаауп Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр абзоурала. Анапхгаҩы Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Нури Ермеи-иԥа Кәарҷиа.


Ааигәа Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит Х жәларбжьаратәи ашәаҳәаҩцәа рфестиваль. Уи иалахәын Аԥснытәи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи, Аахыҵ Кавкази, Аахыҵ- Уаԥстәылеи рестрадатә шәаҳәаҩцәеи. Иазгәаҭатәуп, арҭ ашәаҳәаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа ҳконцертқәа рхы шрыладырхәуа. Иара убас сынтәа ари афестиваль рхы аладырхәит ахәыҷтәы-қәыԥштә рҿиаратә гәыԥқәа «Абаза» (анапхгаҩы Циала Ҷкадуа), «Ашара», (Асҭанда Чачибаиа), «Иаирума» (анапхгаҩы Анжела Дбар), «Уарада» (ан­апхгаҩы Ҭемыр Аргәын).
Афестиваль иалахәыз асасцәа аиҳараҩык Аԥсны зҽаԥсазтәыз ар­тист ҳәа ахьӡ рҽаԥсартәхьеит, насгьы угәы иахәаша урҭ ҳаԥсуа ашәақәа ртәылаҿы инарыгӡоит.
Жәларбжьаратәи афестиваль хацыркын аестрадатә шәаҳәаҩы, акырынтә жәларбжьаратәи аконкурсқәа ирлауреатхахьоу Рамина Заде «Сыԥсадгьыл гәакьа ухьчараз» зыхьӡу лашәа анагӡарала, амузикеи ажәақәеи дравторуп Нодар Кәарҷиа.
Афестиваль иалахәыз зегьы инарыгӡон ҩба-ҩба ашәа. Апрограмма убасеиԥш ишьақәыргылан, асасцәа-ашәаҳәаҩцәа рықәгылара ашьҭахь, ҳара ҳхәыҷтәы коллективқәа дара рмилаҭтә кәашара ҳамҭаҵас ирзынарыгӡон.
Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәымба иналыгӡеит ашәақәа «Ауаҩи адгьыли», «Ахьыӡқәеи».
Аахыҵ- Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нодар Гуцаев инаигӡеит иаԥҵамҭақәа «Хулиган», «Дуду Чызг». Иара иаҳаҭыраз ахореографиатә ансамбль «Абаза» инарыгӡеит «Ауаԥсаа рыкәашара».
Ҟабарда ақалақь Нальчик аҳәы­нҭқарратә театр асолистка Инна Керефова ирзыналыгӡеит ашәақәа ҩба лхатәы бызшәала «Красивые глаза», «Девушки».
Гәахәала иазыӡырҩит ҳа­шәа­ҳәаҩ Гьаргь Кәакәасқьыр инаигӡаз ашәақәа: «Вставаите, вставаите, Кавказа сыны!» «Мамзышьха».
Гурам Шереметови (Ҟара­чы-Черқестәыла), Таиса Парсановаи (Аахыҵ Уаԥстәыла) инарыгӡеит ҩба-ҩба ашәа.Иара убас ҳестрадатә шәаҳәаҩцәа Ильда Қәычбериеи Хьыбла Мықәбеи аԥсуа шәақәа нарыгӡеит.
Ҳасасцәа Алаудин Есмурзиеви, Ед­уард Даурови, Ольга Сакуровеи аӡәгьы иҵахомызт. Уимоу рхатәы ашәақәа инарҷыдангьы, Ольга Сакурова иналыгӡеит ҟазарыла, Баика Џьопуа иаԥҵамҭа «Аԥсуа ашәа».
Х афестиваль хыркәшо Арҿиа­р­атә центр аиҳабы Нури Кәа­р­ҷиа ҳасасцәа: Едуард Дауро­ви­ (Уаԥстәыла), Ольга Сокуровеи (Ҟабарда-Балкариа) Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ шрыхҵоу ала аршаҳаҭгақәа ранаишьеит. Х Жәларбжьаратәи афестиваль аконцерт иабзоураны инагӡан аҽа миссиа бзиакгьы.
Аконцерт аҟны еизнагаз 100 нызқь мааҭ аԥара асахьақәа ргалереиа аиҭашьақәыргылара иахырыԥхьаӡалеит.

Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me