Афырхаҵа ибаҟа ишаҳаҭуп

Ауаҩытәыҩса иеилкаара изҭамыкӡо, аарлаҳәа ажәҩан иаҵубаауа аеҵәа аҟара ихароу аиаша, ҳныха ԥшьақәеи ҳшәаԥыџьаԥи зшаҳаҭу, ажәала еиҭаҳәашьа змам, зыбла иамбаз изхамҵо, агәышьҭыхраз мацара ирҳәо афырхаҵара инадҳәало иузеиҭаҳәашам иаалырҟьан ҳажәлар ирзыҟалаз атрагедиа ду, аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны ҳажәлар ирылдыршаз.

Азынџьырқәа иԥах иркыз еимыцҟьаа Абраскьыл аҳаԥы дааҭыҵны иџьырлых аҳәа ырмацәысуа ажәҩан ишьҭа аниҵазшәа ҳтәыла аҳәаақәа ирҭыҵуан ҳажәлар рфырхаҵара ахыԥша.
Шықәсыки мызки бжаки ицоз аибашьра аан, ҳәарада, иҟан аиааирақәа, ахьаҵрақәа, ачарҳәара, аԥсахра, ашәаргәындара аԥсҭазаара ахаҭа урҭ зегь рыда ишмаҭәам еиԥш, уи аԥҟарақәа хархәара рызун араҟагьы,.
Кәыдры аӡиас инаркны Аԥсны аҩадатәи ахәҭа мшынлагь шьхалагьы амацәаз иҭакын, амацәаз иакәыршан амца акын, амца дара рышҟа инармышьҭырц иалаԥалон аҵеицәа дауаԥшьқәа, иагьдырцәон ршьа нақәҭәаны, уи амацәаз аҩныҵҟа игәаҟуан хәҷи-дуи ибылуаз рыдгьыл иахылҵуаз амцаԥшь зыцрасыз, уи алҩа еилач иахьцоз знамырбоз, аха гәылеи бжьылеи еигәныҩуаз, шәарак зхахьы иаазымгоз ажәлар. Уи аамҭа шықәсык акәӡам ԥсҭазаарак ыҟоуп.
Заҟа ааха ҳанаҭазеи аибашьра, аамҭа цацыԥхьаӡа уи ахәрақәа иҳаннаҵаз еиҳагьы иҿыцхоит, унадгылоит харҭәаашьа змам, иҭацәу аҭыԥ. Аха… аха иҟоуп уаҵәы, зҳәаа уахьыԥшуа агәыӷрақәа рымыш, уи иазыԥштәуп, аԥсҭазаара нымҵәарц. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵоуп азы, зегьы ириааитәуп, ичҳатәуп. Абас ихәыцуан хацәнамырха аӷа иҿагылаз, ҳҵеицәа гәлымҵәахқәа, зыԥсыцқьала ҳҿызхыз, иахьагьы зтәы нагӡаны иаҳзымҳәац, зфырхаҵара зыжәлар бираҟра рзауа.
Ишырҳәо еиԥш, Денуар Асланӡиа деилҟьа-­еилӷәыцәын, ауаҩышьа, анаалашьа иман, даԥсуа хаҵа бзиан ҳәа мацара рыла ибиографиа узхарҭәаауам. Денуар ҩныҵҟала даара ибеиаз, Ҳазшаз имҭак заҭәеишьаз, ахара ихәыцуаз аӡә иакәын,ишәан-изан уи ишьаҿа иеихигоз, иныруан дызҭагылаз аамҭа ахыԥша, иара убри аангьы иԥсы иара дшақәиҭымызгьы. Аԥсуа хаҵа игарашәа «Шәнеибац» аниԥхьа амш инаркны Денуар иабацәа рџьынџь ахьчара шихәҭаз еиԥшҵәҟьа даҵагылт. Аибашьра аантәи дызнысыз имҩала ишьҭақәа унархылар, уи ихҭысқәа алегендатә фырхаҵа иҭоурых адаҟьақәа хадырҭәаауеит. Деиқәхахьан алакәаҿ мацара ишырҳәало аҭагылазаашьаҿы, атанк иҭаблыз агәыԥ дрыланы аԥсцәаҳа димпыҵыҵхьан деимгәаҷиа дбылны, аха даанымгылт ари афырхаҵа усҟангьы, инапы абџьар акыртә ишааҟалаз деиҭадәықәлеит имҩахь, усҟантәи ахаҵа изы иакызаҵәыкыз амҩахь.

Афырхаҵара аамҭа афырхацәа ахшон. Ажәлар агәаҟра ианҭагылоу, рыԥсы ахац ианахьынҳалоу изыргәырӷьо, агәыӷра рызҭо амаҷ ауп, мамзаргьы ргәы казыжьуагьы. Аиаша аҭыԥ аԥшаара ианакәзаалакгьы ицәгьан, еиҳагьы ицәгьан аибашьра аамҭазы. Афырхацәа рҭыԥқәа шхадырҭәаауазгьы, рыдгьыл хәызмаӡам ршьа-цқьала ишҿырхуазгьы иҭахазгьы зыԥсы ҭоугьы рахьтә, жәлар ргәаҿы еи­ҳа зҭыԥ ылызхыз,изнықәуаз, ирԥсҿыхгаз, ргәыӷрақәа здырҳәалоз ахьӡқәа иреиуоуп Денуар Асланӡиа ихьӡ.
Иара ихаҭа ишиҟазшьаз еиԥш, иӡыримгеит уи ифырхаҵарақәагьы, аамҭаказ ажәеин­раалақәа шиҩуаз шиҵәахыз еиԥш, иҵә­а­хит иеибашьратә хҭысқәагьы, илакә фырх­ҵа­рақәагьы, уи знымзар-зны аӷа ихы шиаҩымсшаз шидыруазгьы ахақәиҭра агьама ихшаз ахыбаамхарц иԥсы иалеиԥсахит, еиҭныԥсахшьа шрымамызгьы. Ус ихәҭаны ибеит зымҩа хараз, ахара инаԥшуаз арԥыс.
Иҵәахуан Денуар ибаҩхатәрагьы, иҟәы­шрагьы, ихаҵарагьы, ихы нақәҵан иихьчоз Иԥсадгьыл абзиабарагьы, ихәыҷқәеи иԥшәма ԥҳәыси рахь имаз абзиабара шиҵәахуаз еиԥш. Ааи, ицәыргоу акгьы ԥшӡам ҳәа ҩныҵҟала дрыҵан абарҭ зегьы, иагьхәнигеит уи ахәы акәаԥра аҳаракыра аҟынӡа, ихьӡ-иԥша, ифырхаҵара иршаҳаҭу абаҟа нықәыргыланы.
Денуар идыруан, аибашьра ҟалаан­ӡа­­гьы­, ҳа­ԥсадгьыл шәақь ԥынҵала ахьчара шҳа­қәшәоз, убри азакәхап уи ар рус нап залеикыз, дазыҟаҵан аруаҩык иаҳасабала, раԥхьаӡа архәҭақәа реиҿкаара напы анадыркы иаҭахыз усны иԥхьаӡаны дадгылт, ихы алаирхәт ҳажәлар рзы зегь реиҳа иԥшьаз ари аус.
Ирҳәоит ауаҩы иимгәыӷьуа акгьы ыҟам ҳәа, шықәсы рацәала имтәа-имыцәа аԥсуаа рыдгьыл ҳара иаҳтәуп, иагьырцәаҳгароуп ҳәа агара илаз инаиркны абырг иҟынӡа еицықәԥоз жәларык ҳшьа илаԥшаанӡа згәы змырҭынчыз «ҳгәылацәа» зеиԥшра гәылацәаз далацәажәон Денуар ҳаиқәшәарақәа руак аан, уи абри аҭагылазаашьа ҳашацәымцоз заа ишинырхьаз алкаауа.
Денуар имҩа иԥшьаз мҩан, арахь ишьҭахьҟа ԥшӡан, хьаа имамызт, хҩык аԥацәеи ԥҳаки драбын, ҩызас, арӷьажәҩыс дивагылан ибзиаӡаны деилызкаауаз, пату иқәызҵоз иԥшәма ԥҳәыс, арҵаҩы Алла Шьынқәба. Уи акыр абӷа инаҭон. Иԥшӡан Денуар идунеи, иагьҵаулан, агәырӷьашьагь дақәшәон, изыԥсаз идыруан иаҭәашьаз атәыла, ажәлар, иара аԥсҭазаара ахаҭагьы. Аибашьра еибгала дшалҵызгьы, игәы ҭынчмызт, идыруан (аибашьра ҳара инҵәахьаз анџьаҳшьоз) ишнымҵәацыз, макьана акырынтә абџьар шьҭыхтәыс иоураны ишыҟаз. Убри азы акәхап Денуар иабџьар шьҭамҵакәа Аԥсадгьыл ахьчаҩ иус дшаҿыц дзаҿыз.
Аԥсадгьыл аныхьчатәха амаҵурауаагьы, арҿиаҩцәагьы, ахархьуаагьы зегьы еиҟароуп, зҵаара заҵәык ауп жәларык иеицрымоу усҟан – Аԥсадгьыл ахьчара. Ҳара абџьар ҳазкуамызт, аха иҳалшоз ҟаҳҵон иҳәеит аибашьра ашьҭахь маҵурауаҩык. Ус имхәыцит ҳҵарауаа зегьы, ҳарҿиаҩцәа, ԥсра зқәым ҳфырхацәа, збаҟақәа зышаҳаҭу. Ус дымхәыцит Денуар Асланӡиа – аруаҩ, арҿиаҩы, аб, аԥсуа хаҵа, афырхаҵа. Денуар ихаҭара, иҟазшьа, ихатәы мҩа, ихәыҷра ҭаҳҵаарц дҭахаанӡагьы ҳҽазаҳкхьан, аха иҭахымхеит урҭ рцәыргара, Ҳџьынџь, Ҳаԥсадгьыл, Ҳҳәынҭқарра рыхьчара иаҳуалԥшьаны исыԥхьаӡо инахыҳәҳәаны зыӡбахә ҳәатәу акгьы збом ҳәа аҭак ҳаиҭахьан.
Иҭаҳҵаауан Денуар иԥсы ахьынӡаҭаз иҳазимырҳәаз, дзықәшаҳаҭмыз иԥсҭазааратә мҩа, уи иҟазшьазгәаҭак иаҳԥыхьашәаз аҟны ҳаԥхьоит: «Денуар Асланӡиа диит Очамчыра араион Мықә ақыҭан, амаҵура иалаз Асланӡиа Леиуа иҭаацәараҿы 1954 шықәсазы. Денуар дышмаҷӡаз аибара ихьӡеит. Даныхәыҷыз инаркны иҩызцәа хәыҷқәа дрылукаартә дыҟан, деилыҷҷан, иибоз иаҳауаз ак иаҩижьуамызт, ихаҿы инхон, зегьы дрызҿлымҳан, зегь идыруазар иҭахын. Ашкол ахь аныҟәара далагаанӡагьы аҩымҭақәа ҿырҳәала дрыԥхьон. Ԥшьышықәса дырҭан инеиҵыхыз апоемақәа гәынкылан ҿырҳәала ианиҳәоз. Дзыԥхьаз ашәҟәы ишанызҵәҟьа еиҭеиҳәар илшон. Ашкол ахь дныҟәо даналага, аҵара бзианы иҵон, амаҭәарқәа зегь неибеиԥшны ицааиуан, аха иара зегьы ирыликаауан амаҭәарқәа аԥсуа бызшәа, алитература, аҭоурых, агеографиа, абиологиа.

Аиҳабыратә классқәа рахь даниас инаркны, афилософиатә ԥҵамҭақәа дрызҿлымҳахо далагеит, урҭ аҳәамҭақәа ицәажәараҿы ихы иаирхәар илшон, досу иахьырҭыԥыз. Ихшыҩ еилган оумашәа, цитатала мацара ацәажәара илшон, ҿырҳәала игәалашәон афилософцәа дуқәа рҳәамҭақәа, урҭ ахьаныз, адаҟьа инаркны зегь иҳәар илшон. Ашкол аҿы ииҩу­аз ах­ҭҳәаақәа ирҵаҩцәа оумашәа иџьа­ршьон. Даныхәыҷӡаз инаркны аҭоурых ҭыԥқәа дры­шьҭан, археологиа иазкыз ашәҟәқәа еизигон, дрыԥхьон. Ашәҟәыԥхьара даара бзиа ибон, уи чымазарак еиԥшҵәҟьа илаҽны дыҟан, еиуеиԥшым алитература ахкқәа деицрыԥхьон, насгьы аамҭакала 3-4 шәҟәы деицрыԥхьарц илшон. Акызаҵәык аҩра ицәымӷын. Иҟалап уи игәалашәара ахьыбзиаз иахҟьозҭгьы.
Ашахмат аҭоурых ҭиҵаахьан, ахәмаррагьы бз­иа ибон. Ашьапылампыл асра дазҟазан, Очамчыра иеиҿкааз агәыԥ «Амиран» аҟны дыхәмаруан. Зых иақәиҭу ақәԥараҿы акырынтә аԥхьахәқәа игахьан. Даара бзиа ибон аҽыбӷаҟазара, аҽыҩқәа дрықәтәаны аҽырыҩрақәа рҿы акырынтә аԥхьахәқәа ианаршьахьан. Аҭагылазаашьа уадаҩқәа раангьы акыр дманшәалан: ихгьы еиқәирхар илшон, иҩызцәагьы. Аԥшьаҩыра бзиа ибаны даԥхьон, иааџьоушьаратәгьы идыруан. Узизҵаалакгьы рҭак рхианы иман, иҭбаан ган рацәала идырра. Иџьоушьаша, хаҭала иара ашәа иҳәаӡомызт, уи аганахьала ҟазарак шиламызгьы, уи иадҳәалаз азҵаара убас аҭак ҟаиҵар илшон амузыкаҭҵааҩ дааиршанхартә. Бзиа ибон асахьаҭыхра, ицәгьамкәагьы ицааиуан, иусмҭақәа еиҳарак аӷәыцәмаҟьаҿы акәын иахьынаигӡоз.
Рбаха дшахьымӡоз идыруашәа бзиа ибон ауаа, иаргьы убасҵәҟьа дырҭахын, иҩызцәа даара пату иқәырҵон. Егараан дубаргьы иҩызцәа рыгәҭа дгыланы иҿыцыз ажәабжьк рзеиҭеиҳәон, ауниверситет данҭазгьы иҩызцәеи ирҵаҩцәеи деицгәарҭахьан, дыррала ианиршанхозгьы маҷмызт. 1985 шықәсазы аҭаацәара даналала инаркны нхара Тҟәарчалҟа диасит. Аус иуан 4-тәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс. Иаарласнгьы ирылкаахаз арҵаҩы ҳәа ахьӡ ихырҵоит. Аԥсуа бызшәеи алитературеи риҭон 10-11 аклассқәа рҿы, Аԥсны аҭоурых аамҭак азгьы. 4-ҩык ахәыҷқәа драбын. 1989 шықәсазы диаган аррамаҵурахьы Агәыӡераҟа, аибашьра иалагаанӡагьы амаиор ичын иоухьан.
Денуар иԥсы цқьан, амцҳәареи аҽхәар­еи ил­а­мызт, ахӡыргара ицәымӷын. Дуаҩыԥхашьаҩын, абри аҟара агәаӷьреи ахаҵареи илоуп ҳәа угәы иаанамгартә аҟынӡа, ауаҩы ирыцҳашьара илан, ихьӡи ихьымӡӷи ҳаракын, еишьцәак реиԥш ибон иҩызцәагьы, пату рықәиҵон, рыцәгьа-рыбзиа далахәын.

Аџьынџьтәылатә еибашьра анналага амш инаркны абџьар шьҭихит, раԥхьаӡатәи апартизантә гәыԥ далахәын. Август 14 аҽны Охәреи раԥхьатәи атанк аԥжәара илшеит. Ноиабр 12 аҽны Баслахә ақыҭан ӷәӷәала дырхәит. Ихәрақәа цқьа иӷьаанӡа Тҟәарчал ақалақь администрациа хада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. Убри ашьҭахь Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс. Ахалдаба аныргоз даҽа зныкгьы ӷәӷәала дырхәит. Игәымшәаразы ианашьоуп Леон иорден.
Ари аҟазшьазгәаҭа анырыҩуаз ашьҭахьгьы Денуар иеибашьра нымҵәаӡацызт…
Дырҩегьых афырхацәа раамҭа, дырҩегьых аԥышәара аамҭа… Заҟараан… заҟантә… Тәылак ззымхоз агыгшәыг цхлымқәа рҿаархеит даҽазныкгьы. Анцәа еимеидаз жәларыки ԥсадгьылки реиҟәкәкәаарахьы, ашьа акаҭәарахьы, каҳа изхара каҳа ҟалом ҳәа ижьымдырны Аԥсны иазынхаз Кәыдрытәи аиҩхаала рҿаархеит урҭ ақәыџьмақәа дырҩегьых. Шаҟа гәнаҳа ҟоуҵозеи, изымуцыз ирур акәхеит. Зуахҭа зымҵәахьоу абырг игәы шкаҳара икаҳашан ҳажәлар рҭагылазаашьа зеиԥшраз ала, уи рындырԥшырц иалагазҭгьы, аха иҟан Денуар Асланӡиа иеиԥшыз Аԥсадгьыл аҵеицәа иашақәа, шәара зқәымыз, урҭ еимгеимцарак иалагӡаны мацәыс еимҟьараны иԥсҿыхгаха рыжәлар иаарызгылон, ицәыргамыз, зцәыргарагьы амуаз бзиабарак еиднакылон урҭ рыжәлари дареи.
Алым еиԥш агәаӷ иарџьбарахьаз ҳаибашьцәа дауаԥшьқәа игәыӷьны ус ишабалак изҿамлоз рышьха ԥшьақәа аибашьраз иаҿалар акәхеит даҽазныкгьы, иԥшьаз арҭ аҭыԥқәа аӷа ԥсы мыцқьала дшырҭааз рныруашәа ҳаибашьцәа амч шрыларҵозгьы иҭахар акәхеит жәлар ргәы ҿызкааз Денуар Асланӡиа иеиԥшыз арԥарцәа нагақәа. Уи хабарда дыбжьаӡны дахьынӡаҟаз агәыӷра ыҟан деибганы дшыхынҳәыц дхынҳәуеит ҳәа, аха… 2001 шықәса октиабр 17 рзы ателехәаԥшрала адиктор ибжьы аагеит: «Иацы ахәылбыҽха еилкаахеит дышҭахаз Аԥсны атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аполковник Денуар Асланӡиа. Иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ рбеит гәыԥҩык аԥсуа ԥшыхәцәа аӡиасқәа Кәыдри Амтҟьали ахьеилало аҭыԥ аҿы. Иаха асааҭ ааба реиԥш аԥсуа еибашьцәа рымчала Денуар Асланӡиа иԥсыбаҩ ҭганы Аҟәаҟа иааргеит. Аԥснытәи арбџьарқәа рхаҭарнакцәа изларҳәо ала, Денуар Асланӡиа дҭахеит Кәыдры аиҩхааҿтәи аидысларақәа раԥхьатәи амшқәа рзы иауз ахәрақәа ирыхҟьаны. 1992 шықәса нанҳәа 14 инаркны Аԥсны аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аруаҩ Денуар Асланӡиа далахәын Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра. Ҳаԥсадгьыл ахы ианақәиҭха ашьҭахь уи дыҟан мрагыларатәи архәҭақәа ргәыԥ акомандаҟаҵаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Ҳазну аамҭазы Денуар Асланӡиа Аԥсны атәылахьчара аминистрра аштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ имаҵураҿы ирратә уалԥшьақәа наигӡон. Аԥсуа-қырҭуа еибашьра аан иааирԥ­шыз агәымшәареи ахаҵареи рзы 1995 шықәса рзы аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала ианашьан Леон иорден.
Араҟа инҵәаӡом Денуар Асланӡиа иԥсҭазаара, уи ишьҭахь игылоуп ижәлар, иҩызцәа, иуа-иҭахыра, игәы аӷа ихы ҭашәаны данхынуааз инап иакыз абираҟ импыҵԥаа ишьҭанеиуа иҷкәын еиҳабы Мран Асланӡиа, егьырҭ иҩ-ԥацәа, иԥҳа заҵә, зхы-зыԥсы ақәҵан лыԥшәма иусқәа рынагӡара иаҿу иԥшәма Алла Шьынқәба.
Денуари уи иҩызцәеи рымчала Аԥсны иахашәыршәыруеит абираҟ, уи иаҵагылоуп ҳфырхацәа гәымшәақәа уаҵәтәи ҳамш знапы ианырҵаз Мран Асланӡиеи уи иҩызцәеи.

Инна Аҳашԥҳа
(Аҟәа – 2007ш.)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me