Атлетика лас азы

Пицунда имҩаԥысит аолимпиатә хәмаррақәа рҟны араӡнытә аԥхьахә иаԥсахахьаз Саида Гәынба лгәалашәара ахьӡала, атлетика лас азы иаарту ареспубликатә турнир. Уи рхы аладырхәит ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гал, Гәдоуҭа рҟнытә 2007 ш. рзы ииз, иреиҳабацәами, 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз иреиҵбацәами 70-ҩык рҟынӡа аспортсментцәа.


100 метрак абжьаӡараҟны аиԥхныҩлараҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит: Никита Головиатенко (12,76 с:, Аҟәа), Михаил Аветианц (12,02 с:, Гагра), Марианна Миносиан (14,09 с, Аҟәа) Ангелина Рушьак (13,85 с. Аҟәа).
400 метра рҟны – Ованес Кеиан (1.22,21 с., Аҟәа) Тимур Габуниа (58,09 с:, Аҟәа), Марианна Миносиан 1.11.4., Аҟәа), Даниел Туркиа (1.13.13 с:, Аҟәа).
3000 метра ахьыбжьоу аиԥхныҩлараҿы иалкаахаз иреиуоуп: Денис Полиаков (10.15.5 с. Аҟәа), Дамир Хмаил (11.20.7с., Аҟәа), Евелина Шипилкина (1.47.0.с, Гал), Саламеиа Ҳаразиа (13.28, 0 с., Аҟәа.
Абҵы аршәраҿы рҽалыркааит – Владимир Габуниа (37 м. 15см., Аҟәа), Дамир Хмаил (24 м. 39 см., Аҟәа), Шьаризан Шьакаиа (26 м.62 см., Аҟәа), Лалита Хмаил (16 м.83 см., Аҟәа).

А.Бзыԥба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me