Аԥснытәи аспортсменцәа аиааира ргеит

Аԥсны карате-до Афедерациа аспортсменцәа ааԥхьара роуит жьҭаарамза 6 азы ақалақь Краснодар имҩаԥысыз карате ала Урыстәыла Аладатәи ачемпионат ахь.
Атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи 630-ҩык инареиҳаны алахәылацәа.
Аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа хәба, иара убас аџьаз медал ранашьахеит. Леон Хаџьымба, Таисиа Клипина, Алана Боциева, Амир Харчилава аиааира ргеит. Амир Харчилава иара убас аџьаз медал даԥсахеит.
«Ас еиԥш иҟоу атурнир дуқәа рылахәхара хәы змам аԥышәа ҳнаҭоит. Ҳкоманда азы ари даара ибзиоу лҵшәоуп», - ҳәа иҳәеит аспортсменцәа рзыҟаҵаҩ, Аԥсны Шотокан Казе Ха карате-до Афедерациа апрезидент Ахра Абыхәба.
Аманда Анталаа
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me