Акыр шықәса инеиԥынкыланы саԥхьон агазеҭ «Аргументы недели», аха нас иара ахьырҭиуази сара сымҩеи ахьеиҩысыз азы игәыгәҭасыжьит. Ааигәа сҩызак исиҭеит убри агазеҭ аномерқәа руак, абригь-абригь астатиа уаԥхьа ҳәа. Саԥхьеит, исҭаххеит ҳаԥхьаҩцәагьы ирыдызгаларц. Авторс дамоуп Михаил Смиренски (Аргументы недели №34,2024ш.). Аҵакы аиҭаҳәара салагом. Абар иара ахаҭа: Дарбанзаалак ҟазшьак-ҟазшьак рымоуп, араҟа ҷыдала иԥхьаку, иҭаҵәаху маӡақәак уԥылаӡом. Ахәыҷы, ҿырԥштәыс, акы игәаԥхом, иқәра ахьмаҷу аҟынтә…