«Аҟәа Опен – 2024»

20 Ԥхынгәы 2024 10:11
Ашахмат Жәларбжьаратәи амш аламҭалаз, Аҟәа Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҟны иаатит, 100-ҩык инареиҳаны Аԥсны араионқәеи Урыстәыла ақалақьқәеи рҟнытә, уи аспорт хкы иазҿлымҳау ахәыҷқәеи аиҳабацәеи еидызкылаз, есышықәсатәи Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир «Аҟәа Опен-2024».

Агәырӷьаратә мшы

20 Ԥхынгәы 2024 09:52
Иахьа 50 шықәса ихыҵра азгәеиҭоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, "Кәыдры ахақәиҭтәрази" "Аиааирази" амедалқәа занашьоу, агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Анқәаб Ахра Владимир-иԥа. Диит 1974 шықәсазы ԥхынгәымза 20 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.

Зхаҵарашәа ҿырԥшыгоу

19 Ԥхынгәы 2024 11:46
Иҳаҩсхьоуи иҟалашеи еиҟәыҭхашьа рымам. Ажәлар ражәа баша иаламзар акәхап, зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имам ҳәа зыхшыҩҵак ҵаулоу аҳәахьагьы. Ҳажәлар ианакәызаалак ҳаҭыр рзақәын аҭоурых, ҳазхылҵшьҭроу рдоуҳа иаҟәырҷахоу агәалашәарақәагьы уи иахәҭа хадоуп. Ауаҩы ԥхьаҟатәи иԥеиԥш иҳдырра ианыԥшуазарц ииасхьоу аамҭақәа ргәалашәара имырӡуазароуп, урҭ рахьтә алкаақәа ҟаҵаны идунеиеилкаара шьақәиргылаларц.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me