Абольшевикцәаҵәҟьа рзы аимаа татақәа

Акыр шықәса инеиԥынкыланы саԥхьон агазеҭ «Аргументы недели», аха нас иара ахьырҭиуази сара сымҩеи ахьеиҩысыз азы игәыгәҭасыжьит. Ааигәа сҩызак исиҭеит убри агазеҭ аномерқәа руак, абригь-абригь астатиа уаԥхьа ҳәа. Саԥхьеит, исҭаххеит ҳаԥхьаҩцәагьы ирыдызгаларц. Авторс дамоуп Михаил Смиренски (Аргументы недели №34,2024ш.). Аҵакы аиҭаҳәара салагом. Абар иара ахаҭа:

Дарбанзаалак ҟазшьак-ҟазшьак рымоуп, араҟа ҷыдала иԥхьаку, иҭаҵәаху маӡақәак уԥылаӡом. Ахәыҷы, ҿырԥштәыс, акы игәаԥхом, иқәра ахьмаҷу аҟынтә убри аминуҭ азы иара изымхо,  ииҭаху атәы адуцәа рлымҳа аҟынӡа изнагаӡом. Ҩаԥхьа ҿырԥштәыс, иара иҭахын фатәы хаак, арахь инапы иадыркит аҟаб гәаӷь зқәыԥсаз ачарҳәы.

Даҽа усуп, аҭагылазаашьа ахәша ахьшьреи аршшареи адуцәа рҽаназыркуа. Ҷыдала амчра ду знапаҿы иҟоу ауаа.

Зегьы кәашоит!

Асовет аамҭазы еиҭаҳәашьа змам сасдкыларала ахьӡ-аԥша шьҭыҵны иҟан Кавказ. Абраҟа Кремль иқәтәаз меигӡарахда рхазы аҳәынҭдача  ханқәа еихҳәа-еиҵҳәа идыргылт, урҭ агәараанда дуқәа рықәдыршеит, аӡәгьы илаԥш иҵамшәарц рхы иааҭашәоз ҟарҵон.

Кремль ҟазшьаҷыдас иаман убарҭ агәабзиарачаԥарҭақәа рҟны аҳәаанырцәтәи асасцәа дахьқәа аԥсшьара хазына рзеиҿкаара, иара убриалагьы Асовет Еидгыла иаҭахын аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара. Уажәы феида аманы зыҽкынҵа мраҭашәаратәи «ахыб» аԥшаара иашьҭоу Қырҭтәыла иахәҭакыз Аԥсны СССР ахсаалаҿы убри аҩызаҵәҟьа географиатә кәаԥны иҟан.

Асовет Еидгыла асасцәа дахьқәа дыруаӡәкхеит Иорданиа аҟрал Хусеин ибн Талал. Асовет напхгаҩцәа иареи иԥшәма қәыԥш Алиеи Кремль официалла ианрыдыркыла ашьҭахь, ԥсшьараҳәа рхы дырхеит Аԥсны агәабзиарачаԥарҭақәа руак ахь. Усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла аҽазҵәылхны иашьҭан абри арабтә ҳәынҭқарраҿы аиҩызара абжьаҵара, насгьы США ианаскьаҳәымҭаз арегион аҟны аҽышьақәырӷәӷәара. Москва имҩаԥысит аиҿцәажәара дуқәа. Урҭ ирыбзоураны  СССР-и Иорданиа аҟралреи рыбжьара аекономикатә, ахәаахәҭратә, акультуратә уҳәа аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы акырӡа зҵакы ҭбааз акоммиунике рнапы аҵарҩит. Асовет Едгыла аганахьала инапы аҵаиҩит СССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы Николаи Подгорныи. Уи аԥсуа партиауаа днақәыӷәӷәаны ирыдиҵеит Иорданиатәи асасцәа дахьқәа рыԥсшьара еиҿыркаарц Кавказтәи асасдкылара аҵас ала –акы агымкәа. Адҵа зауз ус егьныҟәеит.

Аҟрал Хәсеини иԥшәма Алиеи раара аҽны КПСС Аԥснытәи аобком абанкет ду еиҿнакааит. Уахь инаԥхьан Аԥсны зыԥсы зшьоз егьырҭ атәылаҿацәқәеи аобластқәеи робкомқәа  рмаӡаныҟәаҩцәа реиԥш, аҭыԥантәи апартиатә чынуаагьы. Аишәа чысхкыла, ҩыҷаԥала иҭәын. Аԥшәмацәа рныҳәаҿақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт. Амузыка шыкьуан, маҭәала еилаҳәаз акәашацәа шьацәхыртәуа, атәыла дырбгон. Даҽакала ҟалашьа амамызт, апартиа ус иаҭахын. Аха ассир ҟалеит иаалырҟьан…

Аҭыԥантәи аҩы хазына «Лыхны» инамацхәны изжәыз, иԥыр-ԥыруа иҟанаҵаз Аҟәатәи ачынуаа руаӡәк ихы иааҭашәан, зҽырҭынч итәаз аҟрали иԥшәмеи днарыдыххылан, Алиа рацәак иласымыз кәашарак ахь днеиԥхьеит. Ари ахымҩаԥгашьа жәларбжьаратәи аԥҟарақәа зегьы ҿаасҭала реилагара акәын! Ус баша днеиԥхьеит ҳәа уаҩы ихы иқәикрын, аха аҳкәажә ԥшӡа дигәыдиҳәҳәалеит аҭыԥантәи қыҭа клубк аҟны акәызшәа. Убас дыргьежьуа, дырхынҳәуа иҿааихеит иҟазгьы, иара ихаҭагьы иикәашоз рзеилымкаауа. Бзиараны иҟалаз, аҟрал ԥҳәыс лшьапы даӷрамгылт, иаргьы ларгьы ирхианы игылаз астол иқәымҳаит.

Аҟрал иҭаацәа зыхьчоз зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа ишнаҵҟьара рыҽдырхиахьан, адәныҟатәи аусқәа рсоветтә Министрра ачынуаа зегьы гәаныла рпартбилеҭқәеи рмаҵурақәеи шьҭарҵахьан, ааигәаӡа рнапы зҵарҩыз акоммиуникегьы ақьаад аҿы мацара  аанхара ақәашьхахьан, аха…

Аҭагылазаашьа дырҽеит аҟрал иҭаацәа: аҟрал ԥҳәыс Алиа ччаԥшьк лхы-лҿы иқәҵаны,  «лкавалер» азин илҭеит иҵегьы  диргьежьырц, аҟрал Хәсеин акагьы  ҟамлаӡазшәа ихы мҩаԥигеит, ари аҩыза ахымҩаԥгашьа рҭаацәара́ҿы  иаԥушәа, уимоу аԥхӡы зҿашыз аԥсуа коммунист иҟаиҵаз игәаԥхазшәа ижәҩахыр  днас-насит. Аќәашара ианалга ашьҭахь ари аиҿамс (иара аҭыԥантәи ақалақьтә нагӡкомқәа руак дахантәаҩын) азал ддәылганы дыргеит.

Иҟалаз атәы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Громыко иҟынӡа инаргеит, акагьы  бжьамыжькәа зегьы ҭырҵааит, «акәашаҩ» имаҵура даԥырыргеит, Аԥснытәи обкомаа зегьы партиала лахьы рырҭеит, иҵегьы имҽыӷыз аиҿкаара́тә лкаақәа ҟалар, аҩадатәи атәылаҿацәқәа рахь шьоукы дәықәырҵар алшон, аха Алиа акрыфара- акрыжәра алгамҭазы аҭыԥантәи амчрақәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит илоуз агәахәаразы. Ҳгәы иаанагоит, уи гәыкала илҳәеит ҳәа, убри адкылара ҟалаанӡагьы уи ашьҭахьгьы џьарамзар џьара аԥсуа чынуаҩ «иаԥшьгамҭа» аӡәгьы изымгәаӷьит. Дыршьас иамоузеи, Алиа дазԥшызар ауан абас уаҩԥсҵас лара лызхьаԥшра.

Аҟрал ԥҳәыс ллахьынҵа еиқәаҵәахеит: убри аиԥылара ашьҭахь, Иорданиа ажәҩан аҿы иҟалаз авиамашәыр аан трагедиала дҭахеит, ргәы далан.

 

Месие, же не манж па сис жур

Аҟрал иҭаацәа еицырдыруа рвизит азынӡа акыр шыбжьаз, 1962 ш. азы  Аԥсны дыҟан афранцыз Коммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩ хада Морис  Торез. Тәамҩахә змамыз Никита Хрушьчов, зегьы реиҟаратәра  аидеиа зхы иҭагьежьуаз, илшо́з  ала дадгылон асоветтә ԥарақәа рыла адунеи уаҩы ишьапы ахьакуаз зегьынџьара  акоммунисттә иачеикақәа раԥҵара.

Асас дахьи уи ицызи, ҳәарас иаҭахузеи, ҳаҭыр-пату рықәҵаны ирыдыркылт: абанкет, агәабзиарачаԥарҭақәа, акәшарақәа. Уахыки-ҽнаки ракәын уи ара даныҟаз, аха афранцыз коммунист ихигаз аамҭа агәалашәара бзиа изыннажьит. Асас ихаҵкы камыршәуа дымҩаԥызгоз Аԥснытәи обком  актәи амаӡаныҟәгаҩ Михаил Бӷажәба асас аланарԥшыра-гәырӷьара изеиҿикааит ачаи колнхара-миллионер Дәрыԥшь ақыҭан. Даара иацклаԥшны иалхын аколнхаҩы ԥхьагыла иҩнаҭа, уброуп Торез дахьрыдыркылазгьы. Иара, ҳәарас иаҭахузеи, зегьы игәаԥхеит, иаҳараӡак иԥсы  алахеит акаҳуа –иҵабыргыҵәҟьаны аԥсуаа уи дыршуеит дара ртәала.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз асас дахь илаԥш иҵашәеит аҩны иахьубарҭаз аҭӡы аҟны икнаҳаз аҩнаҭа аԥшәма иашьеиҳаб имаҭәақәеи иҟамеи. Арҭ амаҭәақәа зтәыз 1942 шықәсазы  дҭахеит анемец концлагер аҟны, иара ишәиҵоз амаҭәақәа ракәзар, ақыҭаҿы аҭыԥантәи милаҭтә реликвианы иршьон. Аҩнаҭа иатәызгьы ианаҭахыз-ианаҭахымыз уи иахькьысуамызт, иԥшьоу акакәны ирыԥхьаӡон.

Хымԥада асас иеилдыркааит урҭ рхы-рҵыхәа ́, аха афранцыз коммунист, европатәи ахымҩаԥгашьа (усеиԥш акрыҟазма? – автор иазгәаҭа) ихаршҭны, афырхаҵа иҟама илаԥш ахмыршәо ахәаԥшра далагеит, ибызшәала акы иҳәон, аҟама аҿы иҭаԥҟаны ианыз аса́хьа ҵаӷақәа џьеишьон, иахьа уажәраанӡа аиԥш зеиԥшу џьара ишимбац иҳәон. Ҿаҳа-ҿымҭрахеит: Кавказ асас игәаԥхаз ҳамҭас ирҭоит, аха абарҭ ншьанк иаҩызоуп… Аԥшәмацәа иҟарҵара, ирҳәара иақәшәомызт, аха аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәиҵеит аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Бӷажәба: маҵуратә лакҭала данихәаԥш ашьҭахь, аҩнаҭа аԥшәма изыхӡыӡаауа, изхәаԥшуаз, ныхак аиԥш ирыԥхьаӡоз аакныхны ихы-иҿы аарччашәа, афранцыз инаииркит. Аобком амаӡаныҟәгаҩ иара убраҵәҟьа «адунеизегьаҿы  аҭынчра», «акоммунисттә еишьара» ҳәа ажәақәак  неиԥишьит. Аҟама Парижҟа иагеит. Уажәы уи ахьыҟоу аӡәгьы издырӡом. Иара убасҵәҟьа уаҩы издырӡом уи инашьҭарххны шаҟа миллион асоветтә нефтдолларқәа афранцыз большевикцәа маӡалатәи «рцаҭрақәа» ирҭаԥсоз.

Морис Торез дшазыԥшӡамыз, 1964 шықәсазы иаалырҟьаны иԥсҭазаара ҿахҵәеит асоветтә теплоход «Литва» акаиутаҿы, Сҭампылынтәи Крымҟа амҩа дшықәыз.  Лахьынҵахару, гәнаҳахару – аҳәара цәгьоуп.

 

Аимааҵыршьқәа, урҭ Аԥсынгьы дара роуп

 

Франциа Акомпартиа егьи амаӡаныҟәгаҩ Жорж Марше, 1972 шықәса инаркны акоммунистцәа напхгара рызҭоз, Асовет Еидгыла илаԥш иҵимыжьит. Уи аҩыза шԥаҟалоз, Леонид Брежнев ирӷәӷәаны дахьгәыдикылоз аҭакс, Марше Асовет Еидгыла аҟынтәи еимгәамӡо абанктә  чекқәагьы игон.  Традицианы ишыҟалахьаз аиԥш, иаргьы Аԥсны  агәабзиарачаԥарҭақәа рҟны дрыдыркылон.

Зны ашьхақәа рҿы зыԥсызшьоз Марше  дымҩаԥызгоз аҭыԥантәи ачынуаа дрыҳәеит ашьхарыуаа-абыргцәа рԥылара изеиҿыркаарц. Ҳәарас иаҭахузеи, аиԥылара еиҿыркааит, абыргцәа ргәырҽанырҵеит асас дахь дшырҭаауа!  Рҽеиларҳәеит, рҽеиларцеит, иҵәахны ирымаз анафталин фҩы зхышәшәоз раԥсуа маҭәақәа ршәырҵеит, аишәа дырхиеит, иарбаз асааҭ азы асас изыԥшны иаатәеит.

Аобком аҟынтәи Марше изынарышьҭит ицыҩ-цыҩуа иҟаз «Чаика».  Ирезиденциа данаадәылҵ, аԥсуа чынуаҩ-аиҭагаҩ дшанхеит: асас дахь абыргцәа рԥыларахь дцоит аҩны ирышьарҵо иеимаа ҵыршьқәак ишьхарԥаны, ишьапқәа хтны! Асеиԥш «ахымҩаԥгашьа» абыргцәа раҳаҭыр шыланарҟәуа, ратәамбара шакәу иаанаго Марше иаҳәара ачынуаҩ  изымгәаӷьит – дацәшәеит. Убри аҭыԥан даҽа машьынак ала аԥхьаҟа ддәықәҵан аобком даҽа  аусзуҩык, дҵасгьы имаз асас дахь дахьатәу атәыла хараҿы зегьы  убас иныҟәоит, хьаас ишәымкын, иҟаҳҵарызеи, ибнеику жәларуп ҳәа раҳәара акәын.

Аиԥылара мҩаԥсыит ибзианы, иҟан аныҳәаҿақәа, азеиӷьашьарақәа. Абраҟа имыцхәхомызт, иаҳагьы иаҭыԥхон ҩ-хацлакык акьарз магәқәа ыҟазҭгьы!

 

Раԥхьа иҿыхаз итәуп аимаа татақәа

Ажәларқәа зегьы рвожд Сталин  аԥсҭазаараҿы, абзазараҿы уаҩы игәы ԥиҵәомызт, ицырцыруа, ицқьа-шәқьаӡа  ишәын шьнелк, маҭәа ҿыцла аҽеилаҳәара ицәымӷын. Иара дшазнеиуаз ала, инапаҵаҟа иҟаз рахь солдаҭ маҭәала днеиргьы, иара ишҟа урҭ рбзиабара иаҳагьы  иӷәӷәахоит ҳәа иԥхьаӡон. Аха авождгьы игардероб аҟны иҟан бзиа иибоз маҭәақәакгьы: аҩны ишьеиҵоз аимаа татақәа, џьара дцаргьы, дааргьы иааицрымшәо ицыз.

Дзыхьчозгьы, имаҵ зуазгьы уи рдыруан, авожд имаҭәа-ҩыҭәа анеизыргоз, раԥхьаӡа изызхьаԥшуаз бзиа иибоз ашьаҵақәа ракәын. Арыцҳара ҟалеит ииааирашықәсзы 1945 ш. декабр мзазы.

Аԥсны бзиа иибоз иҳәынҭдачаҿы изаамҭанытәыз иԥсшьара хыркәшаны, Сталин Москваҟа адәықәлара иҽазирхион. Аҳауа аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны дзышьцылахьаз еихамҩала аныҟәара алымшо иҟалеит. Авожд ивагонқәа маҭәа-ҩыҭәала ирҭәны, апассаџьыр хада ида, Қырҭтәыла  ала, даҽа мҩакала идәықәырҵеит иаҳа  иманшәалаз раԥхьатәи астанциа аҟынӡа. Сталин ихаҭа уахь днаргар акәын автомашьынала. Адәыӷба ҷыда аҵыхәтәантәи авагон  анынаскьеига аамҭазыҵәҟьа, адача ҷыда акомендант ихы еимлагәа  икит: авожд  дызҿынҵәаауаз иеимаа татақәа рҭаҵара рхашҭзаап! Иҟаҵатәузеи?

Асовет мчра злабзиаз убри акәын, ԥсыхәа  змамыз аҭагылазаашьақәа ыҟоуп ҳәа ахахьы иаанагомызт: Арра-ҳаиртә мчқәа зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа адҵа рыҭан, али-ԥси рыбжьара ршьапы иқәдыргылт аԥырҩцәа ргәыԥ, Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҿы иаалырҟьаны аԥырра иаздырхиеит абомбакажьга аҳаирплан. Уахь  инаргеит акануеицәа ацны Сталин иеимааҵыршьқәа.

Урҭ ирыхӡыӡо, акы  рмыхьында ҳәа рылаԥш рыхмыршәо аҳаирплан иҭаргалт, наҟ-ааҟ бџьарла еибыҭаз ахьчаҩцәагьы рывадыртәеит. Аҳаирплан амоторқәа рыбжьы аумаха игеит, аҳҭны-қалақь ахь ахы рханы, адгьыл  ырхыџ-хыџуа иҵԥрааит. Зегьы даара иманшәалахеит: Сталин днеиаанӡа  Кунцево иҟаз Ааигәаӡатәи  идачаҿы дахьышьҭалоз икаруаҭ ахаҿы игылан иеимаа татақәа.

Урҭ аниба, иҟалаз еилызкаахьаз авожд ихы-игәы алаҟаны, аҭаҭын лҩақ иаиршәхьаз иԥаҵақәа  дрыҵаччо ҿааиҭит: «Аҩыза Сталин ажәлар бзиа  дырбоит!»

 

Акьыԥхь иазирхиеит

Борис Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me