Чхәарҭал ақыҭан

17 Цәыббра 2024 09:41
Агәыҳалалратә фонд «Аԥсны» Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан Ацқьа Гьаргь иныхабаа аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи аԥарақәа лагала ҟанаҵеит. Иарбоу ахықәкқәа рзы 500 нызқь мааҭ ирҭеит Аԥсны Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аилатәара ихы алаирхәит. Уи мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аинформациатә Центр аҟны.
Сентиабр 15 азы диижьҭеи 90 шықәса ҵит аҭоурыхҩҩы, археолог-кавказҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гьаргь Кәыҷа-иԥа Шамба (15.09.1934 – 06.10.2006). Археолоиаҿы илагаламҭа, аамҭак иҳацану уи дшыргәалашәауа атәы далацәажәеит Аԥсныпресс иаиҭаз аинтервиу аҟны Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет адекан Алик Николаи-иԥа Габелиа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me