Лыхны ақыҭан афымцамчтә еимадарақәа рмодернизациа азы аусурақәа мҩаԥысуеит

Лыхны ақыҭан 40 ҭаацәара инарзынаԥшуа ауааԥсыра ахьықәынхо Аџьамҽыӷра ақыҭан Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала афымцамчтә еимадарақәа реиҭашьақәыргыларазы аусура дуқәа мҩаԥысуеит.
Шықәсырацәала ақыҭа ауааԥсыра есыҽнытәи ауадаҩрақәа рызцәырызгоз афымцамчы еимадараҿы амчхара азымхара иадҳәалоу апроблемақәа ирықәшәон.
Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба ишазгәеиҭаз ала "афымцалашара аҭагылазаашьа даара ицәгьан, зынӡа имаҷын". Ауадаҩрақәа рцәырҵра атрансформатор аидара ахьазышьҭымхуаз ауп изыхҟьоз.
Иахьа афымцамчы еимадара аусзуҩцәеи урҭ реиҳабы Ахра Гагулеи рџьабаа иабзоураны аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Уи иажәақәа рыла, афымцамчтә цәаҳәа ажәытәра иахҟьаны, ақыҭа ауааԥсыра акыраамҭа ауадаҩрақәа ирықәшәон.
Адгьылҭыԥ ауадаҩрақәа шцәырнаго инаҵшьны иазгәеиҭеит Гагулиа, аха аспециалистцәа рџьабааи аҭыԥантәи ауааԥсыра иаадырԥшуа аилкаареи рыбзоурала, апроект қәҿиарала анагӡара мҩаԥысуеит.
Уажәазы, аҵаргыла ҿыцқәа 21, 160 кВА амчхара змоу ҳаамҭазтәи атрансформатори шьақәдыргылеит. Ацәаҳәа ҿыц аура километрак аҟара ауп.
Аҭыԥантәи ауааԥсыра аԥсахразы иҭабуп ҳәа рҳәеит. Урҭ руаӡәк Фарид Кобахьиа ақыҭа ԥсҭазаара аҿиаразы аинфраструктура иамоу аҵакы азгәеиҭеит. “Аԥсуа нхаҩы ҭынч дынхаларц, аус иурц азы, афымцамч бзиеи, амҩеи, аӡи имазар ауп”. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалаз апроблемақәа жәашықәсала ишыӡбамыз.
Уи адагьы, ақыҭауаа ҭабуп ҳәа иарҳәоит Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адҵақәеи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адгылареи рыбзоурала ас еиԥш акыр зҵазкуа аусура ахьымҩаԥысуа азы. Урҭ иазгәарҭоит, аҳәынҭқарра ацхыраара ҟамлакәа, арҭ апроблемақәа акыр шықәса иӡбамкәа иаанхар шалшоз.
Афымцатә еимадара амодернизациа иадҳәалоу аусурақәа Лыхны ақыҭаҿы анхаратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭак мацара ауп, уаҟа иара убасгьы амҩақәа рырҽеира, аинфраструктура аиӷьтәра мҩаԥысуеит.

Аманда Анталаа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me