Дҳаԥхеит Витали Шариа

15 Ԥхынгәы 2024 06:55
Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи гәалсрала адырра ҟарҵоит иаалырҟьаны иԥсҭазаара дшалҵыз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Витали Шариа, егьрыдышшылоит уи иҭаацәеи иҭынхацәеи.
Ақалақь иамоуп ахатәы герб иара убас еицырдыруа алозунг- "Очамчыра-город мира!". Араҟа иит имаҷҩымкәа еицырдыруа ауаа. Витали Дараселиа-Асовет шьапылампыл асҩы СССР зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза. Нелли Ешба-раԥхьатәи аԥсуа режиссиор, Аԥсны жәлар рартист, Георги Товстоногов иҵаҩы. Александр Шьоуа-еицырдыруа акомпозитор, ашәаҳәаҩ, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артист.Ақалақь амш инамадан аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рацәаны иазԥхьагәаҭоуп. Аиҿкааҩцәа иалыркааит аҭыԥқәа хԥа.Актәи – амшын аԥшаҳәа.Араҟа имҩаԥгахоит ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа, Очамчыра араион…
27-ҩык Аԥснытәи астудентцәа, Казантәи (Волгатәи атәылаҿацә) Афедералтә Университет анапхгара ааԥхьарала, Казан ақалақь аҿы имҩаԥысуа апроект “Аԥхынтәи Ауниверситет” рхы аладырхәуеит, ҳәа аанацҳауеит ААУ аинформациатә ҟәша.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me