Февраль 15 азы 55 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит ашьапылампыл азы СССР аспорт азҟазарахь акандидат, Асовет Еидгыла аҿар еизгоу ркоманда, Аҟәатәи, Қарҭтәи «Динамо» ахәмарҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Саид Заур-иԥа Ҭарба. Уи иԥсҭазаара еиҳарак азикит иалиԥшааз аус амаҵ аура, аԥсуа шьапылампыл иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, уи ахьӡ-аԥша аихаҳара. Зыҟаҵаҩк иаҳасабала иусура ашықәсқәа раан, уи иааӡеит иаԥсаҵәҟьоу ашьапылампыласҩцәа рабиԥара. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы Саид…