Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум аҽалархәразы арахь иааз Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭны-қалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иара убас акциа алахәылацәа ари апарк аҿы збиустқәа ықәыргылоу аԥсуа ар рԥызацәа – Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбари Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит Урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа, аҳақьымцәа, агәабзиарахьчара Аминистрра аусзуҩцәа, Аԥснытәи Урыстәылатәи амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа.