Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иреиҕьхаз алыркааит

Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟнытә ашколхәыҷқәа злахәыз азҿлымҳара бзиа зауз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи абжьаратәи Ашь­харыуаа ршкол аҟны.

Зиубилеиқәа ыҟоу аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рыҧсҭазаареи рырҿиамҭақәеи рыла «Аҧсуа литература аҧсы ҭоуп» ахьӡны ашколқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабра. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы А. Ҭаркьыл-ҧҳа лзеиҧш напхгарала еиҿыркааз апроект ҷыдала аус адылулон аҵара аусбарҭа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы азанааҭдырҩы хада Н. Ломиа-ҧҳа.

Ашколқәа рыбжьара имҩаҧысуаз аицлабра иалахәын Аҟәатәи аҧшьбатәи, ахәбатәи, афбатәи, абыжьбатәи, ажәабатәи, ажәахатәи, ажәиҧшьтәи абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа ргәыҧқәа.

Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа ршкол ахь инеит, ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи реиҧш, ашәҟәыҩҩцәа, аҟазара аусзуҩцәа. Аицлабраҿы иреиҕьхо ралкааразы иаҧҵаз ажиури аилазаараҿы иҟан: апоет З. Ҭҳаиҵыкә, асахьаҭыхҩы Л. Габе­лиа, Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аусзуҩцәа Н. Ломиа-ҧҳа, А. Ҭар-ҧҳа.

Ашколхәыҷқәа рҟазара аадырҧшуан быжьҩык ашәҟәыҩҩцәа ирызкны. Урҭ рҩымҭақәа рыла еиқәдыршәаз ӡырыргон.

Школцыҧхьаӡа рықәгылара иазыҧҵәан жәаминуҭк рҟынӡа.

Ажиури зызхьаҧшуаз иреиуан: афотоальбом аестетикатә гьама ахьынӡаҳараку (уи абҕьыцқәа жәаҩа даҟьа иреиҵамзар акәын), насгьы акомпозициа, иҭырҵааз азгәаҭара, апрозатә ҩымҭа ацҧҵәаха мамзаргьы ажәеинраала исахьаркны аҧхьара ахьынӡарылшаз.

Аусмҩаҧгатә аартуа еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит амҩаҧгаҩ, арҵаҩы И. Конџьриа-ҧҳа. Аиҧылара иалахәыз зегьы ирыдныҳәалауа иқәгылеит, ақәҿиарақәа рзеиҕьаршьеит Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы А. Ҭаркьыл-ҧҳа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа уҳәа егьырҭгьы.

Ашколхәыҷқәа ақәҿиара бзиақәа аадырԥшит. Ари ишьақәнарӷәӷәоит аԥсуа литература ишазҿлымҳау, рхатәы бызшәа шыгәцараркуа, ахархәара ишазыманшәалоу, агәырҵҟәыл шрымоу, ишҿыршыгоу. Зегьы аихьӡара шьахәқәа шаадырҧшызгьы, аицлабра анакәха, иҟалоит еиҕьны иқәгыло, еиҳау ахәшьарақәа зауа, убри ала­гьы иалкаахо. Ажиури аихшьалақәа рыла, актәи аҭыҧқәа ҩба ирыҧсахеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҧшьбатәи ашколи Н.А. Лакоба ихьӡ зху ажәабатәи Ашьхарыуаа ршколи. Аҩбатәи аҭыҧ ранашьа­хеит Е.А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи ашкол, ахҧатәи аҭыҧ рҽаҧсартәит Ҷ.М. Џьонуа ихьӡ зху ажәахатәи ашкол агәыҧ еиднакы­лоз.

Абас еиҧш иҟоу алитературатә хәылҧазқәа, аицлабрақәа, аконкурсқәа, афестивальқәа еиҵагыло аҿар рхатәы бызшәа агәыблра рыланааӡоит, аҧсуара иазхьанарҧшуеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me