Аҧсуаа ҳџьынџьтәылатә еибашьраҿы аҵеицәа гәымшәақәа азгылеит Река ақыҭангьы. Рекаа рыҷкәынцәа аибашьцәа рыӡбахә анаҳҳәо, еснагь ҳгәалашәараҿы дыҟазаауеит Аҧсны ахьчаразы фырхаҵарыла иҭахаз, 23 шықәса зхыҵуаз Роман Шьаҭикәа-иҧа Кәартаа. Роман август 14 аҽны абџьар шьҭызхыз дыруаӡәкын, уи иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа деибашьуан. Аибашьратә ҧышәагьы иман, избанзар 18 шықәса анихыҵуазгьы Афганисҭантәи аибашьрагьы далахәын, убри араҟа иҧсадгьыл гәакьаҿы аибашьра амца анакы иҩызцәа рҿы иаҳагьы агәрагара…