Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аҧсны Аиҳабыра Реилазаара аилатәарақәа рзал аҟны имҩаҧган аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҧсуа ҵарауаа аус здырулоз аҭыжьымҭа ду «Аҧсны. Иаазыркьаҿу аенциклопедиа, 2-томкны» (урысшәала) аӡыргара. Аҭыжьымҭа аус адырулон аҭҵаарадырратә Центр «Аҧсуа енциклопедиа» амаҵ азызуа.
Ашәҟәы аиҧшз еиҧшу ирышьашәаланы еиқәыршәоуп, еиднакылоит, иамҽханакуеит Аҧсны ҳәынҭқаррак аҳасабала ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа иаҵанакуа аазырҧшуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа, ауаажәларра-политикатә шьақәгылашьа инаркны, акультура, аҟазара, алитература, афольклор, агеографиа, аҭоурых, аекономика, адин, афлореи афаунеи, архитектура, аспорт уҳәа.
Аӡыргара иҽалаирхәит Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр В. Делба, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҵарауаа, аҧсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәыҩы.
Аӡыргара ааиртит, егьымҩаҧигон Ацентр «Аҧсуа енциклопедиа» аиҳабы С. Салаҟаиа. Инаимҩатәны дзааҭгылеит, аҭыжьымҭа аус адулара шымҩаҧысуаз Ацентр анаартха инаркны. Ҳәарада, аҧшьгамҭа усумҭа дууп, акы агӡамкәа иҟамзаргьы, инеизакны даара ахәшьара зҭатәу акәны ишыҟазаауа. Хымҧада, аҧхьаҟазы ахарҭәааразы аусура иацҵахоит, арҽеирақәа алагаланы.
Анаҩс ажәа ииҭоит аенциклопедиа аредактор хада, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат У. Аҩӡба. Уи аӡыргарахь имҩахыҵыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Аенциклопедиа азырхиара знапы алакыз аҵарауаа ракәзар, рџьабаа ахәшьара аҭауа аџьшьара бзиа ишаҧсоу азгәеиҭеит.
«Ари раҧхьатәи усумҭоуп. Инеиҧынкыланы хышықәса аусура мҩаҧысуан. Аҭыжьымҭа аиқәыршәара шықәсыки бжаки аамҭа агеит. Аусумҭа ахаҭабзиара лаҟәымхарц, еизаҳгоз, иҭаҳҵаауаз аматериалқәа рыдагьы, аенциклопедиақәа шырыҩуа азы иҟоу аҧышәа аганахьала еилкаатәыз рацәан, амҩа уқәызҵо алитература ҷыда ҭҵаатәын. Иаҳҳәар ҳалшоит, жәаха енциклопедиа рҟынӡа аус рыдааулеит ҳәа. Урҭ рҟнытә Аҧсны иазкыз аматериалқәа еизаҳгон. 2019 ш. рзы астатиақәа рыҩра ашҟа ҳаиасит. Изӡатәузеи, усҟан иҿиаз апандемиа аҵарауаа русура иаҧырхагахеит, абиблиотекақәа акраамҭа аус руамызт, аха, убас шакәызгьы, аенциклопедиа аиқәыршәара иалахәыз зегьы рнапы ианыз аус нарыгӡеит», – иҳәеит уи.
Аҭыжьымҭа еиднакыло астатиақәа рҩит, Аҧсны аҭҵаарадырратә институтқәа рҟны аус зуа аҵарауаа реиҧш, Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа русзуҩцәагьы. Астатиақәа рҟны ахархәара зызуу ахыҵхырҭақәа ахьынтәаагоу иазку алитература ҷыда арбоуп. Уи ала зхы иазырхәо дарманшәалоит, дымҩақәнаҵоит, иеилнаркаауа рацәоуп.
Хымҧада, Аҧсны адоуҳатә культура аҿиара амҩан аенциклопедиа аҭыжьрала ашьаҿа бзиа ҟаҵоуп, ауасхыр ҕәҕәагьы шьҭаҵоуп, аихаҳаразгьы амҩақәа аанартуеит.
Ашәҟәы ахцәажәараан ргәаанагарақәа рҳәеит аҵарауаа : И.Ҭаниа, З.Шьалашьаа, Е.Гәбаз, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы В.Цыгәба уҳәа егьырҭгьы, иазааҭгылеит аҭыжьымҭа даара хәарҭара ду аланы ишыҟазаауа, хҭыс бзиангьы ишахәаҧшуа.
Аенциклопедиа редактор хадас дамоуп уаанӡа Ацентр анапхгаҩыс иҟаз У.Аҩӡба. Аредакциатә коллегиа аилазаара иалоуп: А.Аҩӡба (аредактор хада ихаҭыҧуаҩ), И.Анчабаӡе, Н.Багаҧшь, Е.Гегиа, А.Дбар (аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ), С.Салаҟаиа, Л.Саманба. Иҭыжьуп Санкт-Петербург, «Аиуристтә центр» аҟны. Атираж 2000 цыра ыҟоуп.
В. АЖӘАНБА