Аԥсныпресс. Адиспансеризациа аналага инаркны амедицинатә гәаҭара иахысит 150-ҩык ашколхәыҷқәа. Мызкы иалагӡаны адиспенсеризациа мҩаԥган Бе­диа, Аацы, Мҵара, Ҭхьына, Арасаӡыхь ақыҭақәа рҿы.

Аҭәаҵла ду ахәра

13 Мшаҧы 2023 14:24
Мшаԥымза 7, Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭ­қарра Ахада Аслан Бжьаниа Лыхны ақы­ҭаҟны макьаназы ишьақәыргылам ахаҿқәа ахәым­гара ахьыҟарҵаз аҭыԥ даҭааит. Мша­ԥымза 5 рзы ацәгьо­уцәа аҭоу­рыхтә ҵакы змоу аҭыԥаҟны игылоу шәы­шықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла ԥырҟеит. Лых­нашҭа иаҵа­накуа ари аҵла Аԥсны аҭоурых-культуратә, аԥсабаратә ҭынха иасим­волны иҟоуп. Аҳәынҭ­қарра Ахада ицны ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭы­ԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә…
Лыхнашҭа – ижәытәӡоу, иссирӡоу, еснагь иҿоу, ҳаҧсадгьыл агәеисырҭа, агәа­цаҧха! Аҧсуа дзырҿыхо, дзыр­хәыцуа, аҭоурых ӡыблара далызго, дхьа­зырҧшуа ашҭа-ҧшӡа! Аҧсуа иџьынџьыз, иҧсад­гьылаз ашьа зқәыршу! Лыхнашҭа – ари ажәа аҧсуаа зегьы ҳзы иҧшьоу ажәоуп. Агәырҕ­ьаратә, афырхаҵаратә ашәақәа зҭыҩҩуаз ари ашҭа иахьа алахь еиқәуп.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me