Аԥсныпресс. 2023 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны еиҭамҩаԥысуеит атәанчаҩцәа рышәҟәҭагалара. Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа Реи­лазаара аилатәараҿы. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҭашәҟәҭаҩра шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит.
Аԥсныпресс. Аекономика Ами­нистрра Адҵала Џьынџьал Ҭемыр Иван-иԥа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хадас дҟаҵоуп. Ҭемыр Аџьынџьал 2007 шықәса ра­ахыс Аҟәа ақалақь ахадара Амуниципалтә унитартә напла­кы «Аҟәатәи СУЕС» адиректорс аус иуан, афымцамч аусхкы аҿы – 1996 шықәса инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ае­кономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсныпресс. Аминистрцәа Ре­илазаара аамҭа кьаҿк иҭагӡоу анапхгаратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгы­ларазы Апрограмма» шьақәнарӷәӷәеит. Иарбоу апрограмма инақәыршәаны, имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рекономикатә хырҳара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра аҟынтәи афинанстә цхыраара роулоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me