«Арратә уалԥшьазы» 2014 шықәса маи 6 азы, «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ианвар 4 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа рышьаҭала, «Аԥсны атәылауаа 2023 шықәса апрели ииуни рзы аррамаҵзурахь рнаԥхьаразы, аррамаҵзура иахысуа атәылауаа рхы рақәиҭтәразы» 2023 шықәса март 22 азы Аԥсны Ахада Иусԥҟа анагӡаразы:
Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аконкурс «Ҳара анарко­тикқәа ҳарҿа­гылоит» аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранеи­шьеит. Аицлаб­рақәа ирылахәын Гәылрыԥшь, Гал араионқәа, Очамчыра, Тҟәарчал ақалақьқәа рҟынтәи абжьа­ратәи ашколқәа рҵаҩцәа. «Акон­курсқәа еиҿкаахеит ашкол­хәыҷқәа рзинтә дыррақәа рышьа­қә­гылара, иара убас ақәыԥшцәа рыбжьара анаркотикатә маҭәа­шьарқәа рыдкылара аганахьала анегативтә зыҟазаара рыла­аӡара аҿар рыбжьара агәабзиара, еиҷаҳарыла азнеира хықәкыс иҟаҵаны», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩнуҵ­ҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ицоит иқәҳа аанҿасра змам аамҭа. Ашықәсқәа неиуеит еиҧхеибаҵа. Ари адгьыл аҿы, досу ицуп иара еиҳа изааигәоу ахаҿса­хьақәа, ҵҩа змаӡам агәалашәарақәа. Дасу илигаз амҩа – иара ихатәуп. Ари амҩаҿы иара изы ихада­роу: илшаз, илымшаз, хықәкыс имаз… Аҧсҭазаараҿы ауаҩы дҭахкаам. Дзықәгылоу адгьыл иара изгәакьоуп, анык леиҧш уи иҵгәоит, иҧхьоит ҧхьаҟа. Уи дрымадоуп иааикәыр­шаны иҟоу, ҧсы зхоу зегьы.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me