Аҧсны Аџьынџьтәылатә еи­башьра аветеран Ерқан Қәҭарба диит Ҭырқәтәылан, Диузџье ақалақь аҟны. Иаб Бурҳан иҭаацәараҿы ирызҳауан хҩык ахшара: аиҳабы Ерҳан, агәыбжьанытә Ерқан, аиҵбы – раҳәшьазаҵә Зуҳаль. Ерқан Диузџье ашкол данал­га аргыларатә институт дҭалоит. Даныҩеидас нахыс идыруан хылҵшьҭрала дшаҧсуоу, иабдуцәа Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа ишах­газ. Уи аҭоурых еиҳагьы еили­каауан акультуратә хеидкылахь аныҟәара даналага инаркны.
52 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа ихьуаз ачымаза­ра ӷәӷәа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит арепатриант, Аԥсны Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аве­теран, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Со­нер Неџьми-иԥа Гогәуа. «Ҩымзҟа раԥхьа уи Сҭампылынтәи диаргеит Москва ареабилитациатә центрқәа руак ахь. Ари ҳажәлар рзы, хаҭала сара сзы цәыӡ дууп», – Аԥсныпресс аҟны абас иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аԥсныпресс. Аԥсны Очамчыра араиони Удмуртиа (Урыстәыла) Алнаштәи араиони акультура, атуризм, аҵарадырра, аспорт, ақыҭанхамҩа уҳәа рганахьала ау­сеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит, – иаанацҳауеит Очамчы­ра-информ. Абарҭ амшқәа рзы Очам­чыра ақалақь иаҭааны иҟан Урыстәылатәи Афедерациа Удмуртиатәи Ареспублика Алнаштәи араион аделегациа. Уи напхгара аиҭон араион ахада Алеқсеи Се­мионов.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me