Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ақәра ду нызҵаз дызхысыз имҩагьы дууп, идууп иԥышәа, идунеи.
Ианааилак аамҭа уи идунеи аԥсахра ирацәоуп дахьцо хынҳәрада ицны ицо: ихәыцрақәа, имаӡақәа, иҟалап зынӡа иаартым дунеикгьы игозар. Убас иҳацәцахьоу ҳанрызхәыцуа, рыҟамзаара ицәырнагоит ҳагәқәа рҿы ихьухьуа хьаак. Еиҳарак ихьааҳгоит урҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз иаҳзымдыруаз ирҿаҳҵааша, иҳарҳәаша шырацәаз. Нас аамҭа цацыԥхьаӡа иҳазцәырҵуеит урҭ рҭоурых аҿы зыӡбахә ҳәам, аха, сара стәала, дызлаз иуаажәлар рзы имаҷымкәа иааԥсахьаз, ргәалашәараҿгьы зыԥсадгьыл иахӡыӡаауаз, здунеихәаԥшра ҵаулаз уаҩ иашаны иаанхаз дреиуоуп Радион Алқьарм-иԥа Чамагәуа.
Радион Чамагәуа диит сентиабр 26, 1923ш. Аҷандара ақыҭа. Иаб Чамагәуа Алқьарми иан Матуаԥҳа Џьгәыгәи ирхылҵит быжьҩык ахәыҷқәа. Аӡәы дшыхәыҷыз дырцәыԥсит, аха иаанхаз фҩык–Кәынҵал, Радион, Миша, Руфеҭ, Шоҭа, раҳәшьа Ӡабулиа рыжәлар рзы ихәарҭаны, аҵара дуқәа ҵаны аҭаацәа бзиақәа ааӡаны, рықәрақәа рахь инеины рыдунеи рыԥсахит.
Кәынҵали Мишеи ирымоуп хазы уззааҭгылаша Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду иадҳәалоу рхатә ҭоурых. Уажәы сыззааҭгыло саб инысымҩа, иара ихаҭа исзеиҭеиҳәази, идунеи аниԥсах ишәҟәқәа сахьрылаԥшуаз исԥыхьашәаз аибашьратә мшынҵеи рҟынтә иаагоуп. Амшынҵа шьақәгылоуп атетрад ԥшьыркцаны иԥҟаны блокнот хәҷык еиԥш еиқәҵаны иҟоу абӷьыцқәа рыла. Иҟалап, ари амшынҵа хәыҷы (иҟалон исымбакәа икасыжьыргьы) саб дахьеибашьуаз адәаҿы ицызҭгьы, уи аҩра бзиа ибон. Мамзаргьы, иҟалап данырхә Қәҭешь агоспиталь аҟны хымз дахьышьҭаз, аамҭа ахьимаз ихигаз дазхәыцуа, ихамшҭразы абӷьыц ианиҵазар. Уажәшьҭа уи аӡәгьы издыруам, аха иану ахҭысқәа иҳаилдыркаауеит Аџьынџьтәылатәи аибашьра аан Кавказ ашьхақәа рҿы ҳхаҿы иаҳзаамго аџьамыӷәа шырхыргоз ҳабацәа. Ари амшынҵа санаԥхьоз сшыҟаз аҳәара уадаҩуп, закәытә мҩа хьанҭаз арԥыс иқәыԥшразы дызнысыз, шаҟа уадаҩрагьы дыриааизеи. Иҟалап арҭ ихигаз ауадаҩрақәа ракәзар дызӡрыжәыз 90 шықәса инеигаз иԥсҭазааратә мҩа данысратәы.
1940-1941 аҵара ашықәс азы, Радион Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы ихьчеит адиплом. Дрышьҭуеит Ленинградҟа ацәыргақәҵахьы. Дахьнеиз иусумҭақәа ргәаԥхеит, академиахьгьы ааԥхьара ирҭоит, аха уи адырҩаҽны, уа дшыҟаз, аибашьра иалагоит. Адәыӷба ала аҩныҟа деихоит. Дахьааиз идиплом ааҿыхны (хымз рашьҭахь 18 ихыҵуан), адырҩаҽны иуль 2 рзы арра дцоит. Раԥхьа шықәсыбжак ашьхақәа рҿы ахыхьчаратә еибашьразы азыҟаҵарақәа дырхысуан абџьар зымкыцыз ақәыԥш, анаҩс еилфаҷа иҟоу инапҩымҭала иҩу имшынҵа абӷьыц хәыҷқәа рҿы уаԥхьоит, шықәсыки хымзи аибашьра раԥхьатәи ацәаҳәаҿы дызлахәыз ахҭысқәа (аибашьҩы имшынҵа аҩышьа астиль еиқәырхоуп):
«1942 ш. ианвар 29 инаркны март ҩбанӡа Баҭым иҟаз аихшарҭатә пункт 51-тәи ахырӷәӷәарҭатә раион аҿы ҳаҟан. Нас Хашурантә абаржа ала Ахалицхҟа ҳдәықәырҵоит, уаантә Ахалқалақьи ҳнеиуеит март 4 рзы. Араҟа (полеваиа почта №14589), 662-тәи ахысратә полк аҿы ҳҟалоит. Апрель 1 инаркны сара сҟарҵоит 3 аротаҿ аротартә писарс. Апрель 5 азы исоуеит раԥхьатәи асалам шәҟәқәа ҩба. Уантәи атактикатә ҽазыҟаҵараз 404 адивизиахь ҳрышьҭуеит. Уаҟа еимадаҩыс сҟалоит. Иун 25 азы афронт аҟынтә сашьа еиҳабы Кәынҵал исалам шәҟәы соуит, 28 ииун азы аҭак ҟасҵеит. Аладатәи афронт аҿы Асовет ар ахьаҵра иаҿын. Анемеццәа Кавказ ашьхақәа ирҿықәшаны ажәылара иалагеит ииуль анҵәамҭазы. Ҳар ахыхьчаратә еибашьрақәа ирҿын, иаҳҭомызт аӷа ҳхырӷәӷәарҭақәа, имҩақәа ҳкын, игәҭакы иҵаҳхуан, ажәылара ҳҽазыҟаҳҵон. Ԥыҭрак ашьҭахь сареи сҩызцәеи арота рҿаԥхьа ҳақәыргылан ҳарҽхәаны иҭабуп ҳәа ҳаҳәаны ҳаурышьҭуеит мышқәак аԥсшьара. Фымш рышьҭахь август 21, 1942 ш. азы сҩызцәеи сареи Қәҭешь ҳаиԥылеит. Уаҟа ҳаилаҳәаны, бџьарла ҳаибыҭаны: «Аразҟы ду ҳамоуп Ҳаԥсадгьыл ахьчара ахьҳаҭәашьахаз!» ҳәа ҳдәықәырҵеит аҵааршә зқәу ашьха ҳарак ҳхыҵны, Ҟабардаҟа ҳлыбааны, ҳархәҭақәа ацхыраара раҳҭарц. Қәҭешьынтәи амҩа аладатәи Ашәантәыла Лентехиҟа игоуп аӡиас ахыхьла. Лентехинтәи аҩныҟа исышьҭит ателеграмма, аҵыхәтәантәи асалам шәҟәқәагьы сентиабр 8-9 рзы. Уаантәи Лапураҟа ҳаҵҵит сентиабр 12, ҳазлацоз амҩа Краснаиа Полиана ала иган, уаанӡагь амашьына бжьысуан, нас Лапуранӡа 25-ҟа км ицон. Аҭыԥқәа ԥшӡаран. Сентиабр 19, асааҭ ԥшьба рзы ҳнаӡеит Кавказтәи ашьхахыҵырҭанӡа. Анаҟә, ахьҭа ӷәӷәа, асы, аҵаа. Ари ашьхеибаркыра Аԥсни, Кабардино-Балкариеи, аҩадатәи Асетиеи еиҟәызҭхаауа ҳәаауп.
Сенитабр 20, Лапурантәи 18 км ҳхалеит. Имӡыҭӡо аҵаақәа реиҟәышьшьарақәа дуун, зны-зынла асыԥса былгьан иаҳгәыдлон. Хыхь ҳахәнеит иаҳаулак. Асы дуун. Сенитабр 22. Шаривцек ахыҵырҭа. Араҟа ар ҳҭыԥ ылхны ҳгылеит, иҭаҳҵаауан акәша-мыкәша.
Октиабр 15, асааҭ ԥшьба рзы ҳдәықәлеит ԥшыхәра Шаривцекынтә Кабардино-Балкариаҟа ҳхы рханы. Адырҩаҽны ашамҭазы ашьха ҳхыҵит. Абыжьбатәи арота рказармаҿ ҳнеиаанӡа 800 м шҳагыз ҳаангылеит, ҳаҽҳарбеит. Нас ашьыжь, асааҭ быжьба рзы ҳнаӡеит абыжьбатәи арота ахьтәаз. Нарзанк ыжәны, аказарма аҭуан ахь ҳахәнаны ҳацәеит. Октиабр 18, асааҭ 6 рзы, еиҭа ҳдәықәлеит ԥшыхәра. Аладатәи Балкарианӡа ҳнаӡеит асааҭ ԥшьба реиԥш, амҩа зегьы ақәеи аси леиуан, аха Балкариа амш бзиан. Нас даҽа хәбаҟа км. ҳцон абжьаратәи Балкарианӡа. Уа ауха ҳаангылеит. Ҳаԥсы еиҭакны адырҩауха асааҭ хԥа рзы амҩа ҳақәлеит. Амҩа ҳахьынӡақәыз ԥшьҩык ҭҟәаны анемеццәа иаҳцәыргеит, аӡәы дыршьит. Иахьабалак шьхаран, ауасақәа рҳәырҭа ҭыԥқәа ракәын. Ҳаангылеит фермак аҿы, ҳаԥсы еиҭаҳкит. Нас аҵыхәтәан ҳнаӡеит қыҭак аҿы. Ара ҟьаҟьаран. Ауха ашкол аҿы ҳацәан. Уаантәи ҳхынҳәит адырҩаҽны октиабр 23 рзы, ахәылԥаз асааҭ 6 реиԥш абжьаратәи Балкарианӡа ҳнеит. Ҽнак ҳаԥсы ҳшьон. Октиабр 25 ахәылбыҽхан ҳҟалеит абыжьбатәи аротаҿ, уаантәи ҳандәықәла, октиабр 26, асааҭ хԥа аҵхагәаны Шаривцек ахыҵырҭа ҳнаӡеит, аха иаркын. Ара иҳақәшәеит ашәанцәа гәыԥҩык, арота аиҳабы ихаҭыԥуаҩ дрыцны. Урҭ асыҭәҳәа иҭанархақәаз рыԥшааразы аимдара иаҿын.
Лапураҟа ҳхынҳәит ашамҭаз. Уа ҳахьынӡагылаз-ноиабр мзазы зынӡа иакит Шаривцек ахыҵырҭа, абыжьбатәи аротеи ҳареи аимадара ҳцәыӡит. Иҳауит адҵа ЦКА КП (б) аҟынтә хымԥада аимдара шьақәҳаргыларц, ахыҵырҭа иахыганы ар ирзаҳгарц амҿы, иара убас ԥыҭрак ашьҭахь абаталион аҟынтә иаарышьҭит тонак ачашыла, аха мҩабжанӡа ҳаннеи, егьҳаундаз асы ҳаунамышьҭызт, иаанҳажьит ахыҵырҭаҿ ар ртәарҭаҿ. Ҩымш рышьҭахь асержант Костини сареи арота акомандир ҳицны хәышәҟа метра ҳнаскьахьан, ҳашьҭахь иаауаз аҳақьыми, абаталион аиҳаби, уи ихаҭыԥуаҩи мҩабжа ихынҳәит. Егьырҭ ахҩык ҳамҩа иацаҳҵеит, аха асержант деиҵахон, аҵаа дакит. Ҳгьежьны инапқәеи ишьапқәеи рҟәыҷуа, дҳаманы ашьҭахьҟа Шаривцекҟа ҳдәықәлеит. Ахыҵырҭаҿ ҳахьҩеиз, аҵаа убас иӷәӷәан, ҳалаџьымшьқәа аҵааршәқәа рхьынҳалон. Ҳгьежьны Лапураҟа ҳанааи нахыс, уаҳа иаԥшьҳамгеит ацара. Ари 1942 ш. ноиабр мза акәын. Иара Лапурагьы ноиабр нахыс асы рацәаны ишьҭан. Ҽнак ашьха ашьапахьы абнаџьмақәа ахьлыбаауаз ахь сҩыза Ҳаџьымбаки сареи шәарыцара ҳцеит, асы метрак еиҳан. Ҳныҟәеит ҩажәаҟа км., ҳаныхынҳәуаз иҳаулак цәгьала ҳнаӡеит ҳҩызцәа ахьтәаз аҟынӡа.
Ашьҭахь, иҟалеит адҵа – декабр 4 наркны 10-нӡа, ишакәхалакгьы ԥсыхәак ҟаҵаны, Шаривцек ҳхьаҵны Балкариаҟа абыжьбатәи арота ахьыҟаз ахь ҳҭаланы, урҭ рыцхыраарала афашист десант ԥшааны иҭаҳархарц. Ари адҵа нагӡашьа амамызт-асыԥса ҳашьҭуамызт, иҭанархон ҳаҷкәынцәа. Декабр 12 азы иҳауит адҵа иалҳхырц еиҳа алаӡара змоу 30-ҩык аибашьцәа аибашьратә дҵа анагӡараз. Ишьақәыргылан алеитенант Биджелов дызхагылаз агәыԥ рсиа, уахь салан саргьы. Сара исыдырҵеит исԥшаарц асаҿы изланыҟәаша ашәаҩақәеи изырԥхаша аспирттә рыжәтәи. Ауха амҩа ҳақәлаанӡа исԥшааит арҭ зегьы, иагьсоуит арҽхәаԥхьыӡ ар рҿаԥхьа-абас иралсны адҵа ахьынасыгӡаз азы.
Декабр 12, аҵх асааҭ аказы ҳдәықәлеит адҵахьы. Амш еилган, асы уаҩышәара инаӡон. Ар рымҩаҿ ахырхарҭатә дыргақәа (аорентирқәа) ргыло ицалатәын. Сара ҩызас аимадаҩ (асвиазист) Зарбозиа дышьҭыхны, аколлона раԥхьа ҳгыланы ҳнеиуан. Аибашьра ҳалагеит Георгиевскынтә-абнаршәыраҿ ҳрышьҭашәарыцон адесант. Асҭаршинас сахьыҟаз азы командрис сҟарҵоит ҳкомандир данҭаха. 27сааҭ рыла адҵа наҳыгӡеит, аха адесант рҭархараан Моздок азааигәара сырхәуеит, снацәхыԥ ахы ихнаҵәеит, амҩахь сшьапқәагьы аҵаа иакуеит. Насгьы, шьҭахьла ҳаныхынҳәуаз, абыжьбатәи арота аибашьцәа рацәаны асыԥса иагеит, иаҳцәыӡит ирацәаны аџьаԥҳаны-аминаршәгақәеи атанк иақәдыргылоз ахыԥсаҟьагақәеи. Урҭ рықәын асыҭәҳәа иҭанархаз аҽқәа.
Адҵа нагӡаны ҳахьыхынҳәыз азы аиҳабыра иҭабуп ҳәа ҳарҳәеит. Сара акомиссар имашьынала сыргеит Цагераҟа, 4552 архәҭатә госпиталь ахь. Уа сышьҭан декабр 19 инаркны 25-нӡа агоспиталь ахьеиҭаргоз азы, Цагератәи ахәышәтәырҭахь ҳаиаргоит фҩык ахәцәа. Уа сыҟан ианвар 1, 1943шықәсанӡа.»
Нас Кутаисҟа диаргеит. Араҟа хымз дышьҭан, ахәцәа рҟынтә ачымазцәа рҿаҳәара азин зманы акомиссар ивагылаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан, иара убасгьы, дыҟан аполитинформациаҟаҵаҩыс. Ашьҭахь ддәықәырҵеит Аахыҵ Кавказтәи акадрқәа рыхәҭахьы, ирратә хьӡы аиҭашьақәыргыларазы. Дахьааиз, дныркылоит аҿар арра маҵура дырҵаразы воинрукс. Аӡәгьы издыруамызт аибашьра анеилгоз, иаҭахын аибашьра иазҟазаз ауаа. Арахь Радион иашьцәа даҽа хҩык афронт иалагылан- Степани, Кәынҵали, Ниази. Кәынҵал, усҟан дҭахеит ҳәа ашәҟәы шырзаазгьы, Керч амҵан дыҭҟәаны аӷа илагерқәа дырҭашәахьазаарын. Аибашьра ашьҭахь, егьырҭ ԥыҭҩык аҭҟәацәа реиԥш, адунеи дакәыршаны ддырхынҳәуеит аҩныҟа.
Радион аибашьра адәаҿы иааԥсарақәа рзы ианашьан аҳәынҭқарратә аҳаҭыртә дыргақәа: «Аџьыньтәылатәи Аибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара», амедальқәа- «Агәымшәаразы», «Кавказ ахьчаразы», «Германиа аиааиразы», «Хамеигӡаралатәи аџьабаазы», нас Аиааира аиубилеиқәа зегьы рызгьы.
Аибашьра ашьҭахь 1949 ш. Радион дҟарҵоит Аҷандара ақыҭсовет жәлар реизара амаӡаныҟәгаҩыс. Ари нахыс иалагоит Радион иқыҭаз иааԥсара аҭоурых. Иҟамызт дызлахәымыз, инапы злакымыз хҭыск араҟа. 1951-1963 шықәсқәа рыҩнуҵҟа аус иуан Аҷандаратәи Жданов ихьӡ зхыз аколнхара ахантәаҩыс, апартиатә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс, Ҵереҭели ихьӡ зхырҵаз аколнхара ахантәаҩыс, жәлар реизара адепутатс. Илшаратә данырба, Радион иҵара ацҵаразы апартиа аиҳабыра дрышьҭуеит Қарҭҟа-Иреиҳаӡоу апартиатә ашкол ахь. Аҵыхәтәан дахагылан еидырҵаз азеижәтәи апартсиезд ахьӡ зхылаз Аҷандаратәи аколнхара. Уи нахысгьы иқәра акыр инеиаанӡагьы имҩаԥымсыцызт Радион дызлахәымыз, маӡаныҟәгаҩыс дызмамыз еизарак. Иҟамызт ақыҭа иазаауаз асасцәа пату рықәҵареи рԥылареи далахәымкәа, еимакык зманы идгылоз реиныршәара илымшакәа.
Радион иԥсҭазааратә мҩа зегьы рызкын бзиа иибоз, дызцәымаашьоз икәша-мыкәша иҟаз иуаажәлар, иашьцәа, иуа-иҭахы. Ихатәы интересқәа мап рыцәкны, иара изциҵарц иҭахыз асахьаҭыхратә академиаҿ иҵара ааныжьны, аҵара дирҵоит иашьцәа ҩыџьеи иаҳәшьеи Москватәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы. Урҭ рыԥсадгьыл иазыхынҳәуеит иааԥсара иаԥсаханы-рыԥсы ахьынӡаҭаз аҿар рааӡара рнапы алакын Лыхны, Мгәыӡырхәа, Приморск, Жәандәрыԥшь ашколқәа рҿы.
Аиҳарак Радион дзыргәырӷьаз дреиуахеит иашьеиҵбы Ниаз-Миша. Уи иқәра шмаҷызгьы аибашьра ддәықәырҵоит уахь ацара зҽацәхьазкыз аӡәы ицынхәрас. Уи иеибашьратә мҩа наӡоит Берлинынӡа. Деибашьуан атанк ала, далахәын Ҟәбан, Ростов, Воронеж, Европатәи атәылақәа-Иугославиа, Румыниа, Болгариа, Венгриа рҭарцәрақәа. Ахәрақәа шиоухьазгьы, абомба анышә шиқәнаԥсахьазгьы деиҭахынҳәуан аибашьра адәахьы.
Аибашьра ашьҭахь аҩныҟа даныхынҳә дҭалоит Москвтәи Аҳәынҭқарратә университет. Икалам иҵыҵуеит аԥсуа еибашьҩы Хьынтрыгә Мхонџьиа изку аҩымҭа «Иван Абхазец», апиесақәа жәпакы. Аофицер Чамагәуа Михаил ианашьан амедалқәеи аорденқәеи рацәаны, иара убас Аԥсны хәҩык Аорден Ахьӡ-Аԥша зауқәаз рхыԥхьаӡара далан. Арҵаҩратә усураҿы иааԥсара рацәан, Лыхны ашкол аҿы еиҿикааит аҭоурыхтә музеи.
Радион исахьаҭыхымҭақәа еидҿаҳәаланы аҭуан инаҵакнеиҳаит, мышкы зны инасыгӡап ҳәа. Аха уи шгәаҳәараз иаанхоит! Урҭ, инапы иҵыҵыз асахьақәа гәаларшәагас иҟалоит.
Радион иаԥиҵеит аҭаацәара ԥшӡа. Ихатә ҩыза Агрԥҳа Раисиеи иареи ирааӡеит ԥшьҩык ахшара, дахьӡоит урҭ аҵара дырҵаны ршьапы рықәыргылара, имаҭацәа рылагәырӷьара.
Зыԥсадгьыл аҭоурых иазҿлымҳаз, уи иахӡыӡаауаз Радион ихьаа дуны ихигеит еиҭа дызхаанхаз Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра. Хымԥада, акы еиԥшымкәа деигәырӷьон Аиааира, Аԥсны Ахьыԥшымра, аха иԥсҭазаара хьанҭартәуан аҿар рҭахара, знышәара уадаҩыз ацәыӡқәа. Игәы иҵхон Аԥсны зҭагылаз амчымхарақәа, иҭахын ижәлар аӡә инапы ианымԥшуа еидгыланы аҿиара амҩа ианыларц. Аԥсра алакҭа иҭаԥшхьоу аԥсҭазаара еиҳа ахә ишьоит, еиҳа иныруеит ихадароу, ауаҩы изы ижәлар рразҟы.
Радион Чамагәуа идунеи иԥсахит, аха иара ишиҭахыз еиԥш, иахьа Аԥсны ануп аиҭеира, аизҳара амҩа–абас иара иеиԥш зыԥсадгьыл азы зхы иамеигӡоз, жәынгьы-ҿангьы абиԥарақа рҵеи иашақәа рыбзоурала. Радион игәараҭа иҭыҩуа ахәыҷышьҭыбжь агәра унаргоит, иагьа ааԥсара ацзаргьы аԥсҭазаара уи шгәырӷьароу аԥеиԥш анамоу.
Хашҭра рықәымзааит ҳԥеиԥш лаша иазықәԥоз афырхацәа рыхьӡқәа.
Рамфела Чамагәуа,
Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор