Аԥсҭазаара ыҟазаарц

Еиуеиԥшым ажәларқәа ирхаҭарнаку, миллионҩыла рыԥсҭазаарақәа зыхҭынҵоу, сынтәа 80 шықәсхыҵра адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭо Аиааира аагара иалахәыз 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан, ҵакыратә мҽхакыла Гәдоуҭа араион ақыҭақәа иреиҵоу, амшын ақәыԥшыларахьтә зегь раасҭа иҳараку, ашьха иаԥну Хәаԥ ақыҭа 90-ҩык аҵеицәагьы.

Урҭ, аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аиааира нагӡа аҟнынӡа, Кавказынтә Берлинынӡа еиуеиԥшым афронтқәа рҟны еибашьуан. Ааи, аибашьра еибашьроуп, аӡә дҭахоит, даҽаӡәы деиқәхоит агәаҟра рацәа ихганы, досу ишилахьынҵоу еиԥш… Аԥсадгьыл хьыӡла ахы ақәҵара рлахьынҵахеит жәиԥшь жәла ирхаҭарнаку 47-ҩык Хәаԥтәи арԥарцәагьы. Убарҭ дыруаӡәкын 1909 ш. рзы ииз, аибашьра алагамҭазтәи аамҭақәа рзы Оҭҳаратәи ақыҭсовет амаӡаныҟәгаҩыс аус зуаз Мамед Бида-иԥа Анқәаб.
Дшыхәыҷыз аеҭымра зыхьӡаз Мамед, зны Аҷандара, нас Абӷархықә иаб иаҳәшьеи, уи лыԥҳаи рҭаацәарақәа рҟны ихигеит иқәыԥшра. Анаҩс, иаб иџьынџьахь – Аладатәи Џьырхәаҟа дхынҳәны, нап аиркит анхара. Аха, иаҳхысыз ашәышықәса аҩбатәи ажәашықәса ахыркәшамҭазы, ақы­рҭуа меншевикцәа ирҿагыланы ақәԥара дахьалахәыз азы, аҳәынҭқарратә мчрақәа длаԥшықәырҵо иалагеит. Убри аҟнытә, аамҭала иҽиӡон Баҭым, уаҟа ахақәиҭратә қәԥара анаҩстәи ацәқәырԥа азырхиаразы, абџьар Аԥсныҟа аӡхыгара знапы алакыз дреиуан.
Асовет мчра анышьақәгыла, Мамед анхара шьаҭаиркит, усҟан Џьырхәа аҳаблақәа ируакыз, аха 30-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы ихазқыҭахаз Хәаԥ. Араҟа иазгәаҭазар алшоит, аижәлантәқәа Анқәабаа рахьтә, арахь нхара ииасыз раԥхьатәиқәа дышреиуаз иара. Аџьабаа иацәымаашьоз, иагьацәымшәоз Мамед анхара ҿыц аҟны ԥшь-гектарк инареиҳаны аӡахәа баҳча еибиҭеит, иргылеит ҩ-еихагылакны акәасқьа, агәаԥшь ӷәӷәа змоу аҵлажәлахкқәа ирылху мҿымаҭәахәыла ананыра, аца, аҩцара уҳәа анхамҩа иақәнагоу зегьы еиҿкаара бзиала. Уи зегьы ҭахкаан, иара ибзоурала Бзыԥтәи Аԥсны иқәнагалаз, иахьа уажәшьҭа шамахамзар ахатәы нхамҩақәа рҟны зхархәара уԥымло ақәыц (ацитрус) аанда ала.
30-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы Мамед аҭаацәара далалеит, уи иԥсҭазаара лымеидеит Абӷархықәтәи аҭыԥҳа – Ӡыкәт (Сониа) Мысҭафа-иԥҳа Шамба. Урҭ ирхылҵит ԥшьҩык ахшаара: х-ҩык аԥҳацәеи аԥеи. Абзазара ҿыц ашьақәыргылара иазынархаз ауаажәларратә ԥсҭазаара ҽышәала далахәын Мамед еснагь, идырреи илшеи дырмеигӡакәа, иааӡон ихшаара аԥсуала.
Аԥсадгьыл ду амца анакы раԥ­хьатәи амшқәа рзы хьаҳәа-хьачарак ҟамҵакәа, уи ахьчара иазгылаз зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа гәымшәақәа дыруаӡәкхеит Мамед Анқәабгьы. Уи дрылан 1941 ш. анҵәамҭа инаркны, 1942 ш. аҽеиҩшамҭанӡа Керчтәи адгьылбжьахаҿы, хеигӡарак ҟамҵа аӷа иҿагылаз аибашьцәа. Иҵыхәтәантәихеит 1942 ш. апрель анҵәамҭазы, иԥшәма Шамба-Анқәаб Ӡыкәт (Сончка) илоуз ашәҟәеицарса. Уи нахыс дыбжьаӡит хабарда. Ашьҭахьы, ажәашықәсақәа рнаҩс излеилкаахаз ала, шәнызқь акыр инарыцны асовет аруаа ахьҭахаз, арҭ аидысларақәа раан ахәра ӷәӷәа зоуны, атҟәара иақәшәаз дреиуан Мамед Анқәаб. Ихәра иахҟьаны иԥсҭазаара ҿахҵәеит 13 сентиабр, 1942 ш. рзы, иахьа Польшатәи ақалақь Хелм иахьаҵанакуа, иҟаз аконцлагер «Шталаг – 319» ҳәа изышьҭаз аҟны.
Мамеди миллионҩыла уи иҩызцәеи рыԥсы зқәырҵаз, аԥсадгьыл аҭынч ԥсҭазаара аԥеиԥш – абиԥара ҿа ирхаҭарнакыз иԥшьҩы хшаара, ишырҳәо еиԥш «аӡә ишәхымс ихмырԥшылакәа» рықәлацәа рыгәҭа аӷьараҳәа иҟазаартә ршьапы иқәлыргылеит Шамԥҳа-Анқәаб Ӡыкәт, егьа аџьа лбазаргьы. Ӡыкәт лашьа заҵәгьы, Аԥсны зыжәлеи зыхьӡи еидкыланы ирҳәартә зыӡбахә наҩхьаз Шамы Едгьы ари амцашыра далаӡит. Лаб игәараҭа ашә шаркхахьазгьы, агәырҩа даҵгәаны лыхҩыԥҳацәеи лԥа заҵәи руаажәлар изларзырхырҳагахаша азанааҭқәа длырҵеит, аҭаацәарақәа аԥырҵеит, ирызҳаит рыхшаара, рмаҭацәа.
Ҩынҩажәи ҩба шықәса гәыӷрала злакҭа агәашә ахь ихаз Шамба-Анқәаб Ӡыкәт (Сончка) лыԥсҭазаара далҵит 88 ш. дшырҭагылаз, 1987 ш. рзы.
Мамед иԥа Владимир иқәыԥшра инаркны аҵыхәтәантәи амшқәа рҟнынӡа иԥсҭазаара зегьы ламысцқьала иқыҭауаа рымаҵ аура иазкын. Уи изныкымкәан иалеиҵахьан ашәҟәқәа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рахь, иаб иӡбахәк аилкааразы, аха асовет аамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны еилкаа зыҟамлеит. Заб аибашьра данцоз ҩышықәса зхыҵуаз Владимир, уи дахьыбжьаӡыз, иԥсыбаҩ анышә иахьамадоу аилкаа ахьимамыз хьаа дуны ишицыз инарцәымҩа дықәлеит маи мза 2019 шықәсазы.
Усҟан, Аԥсны аусура хацнаркхьан, аибашьра ду аан хабарда ибжьаӡыз ирызку адыррақәа рышьақәыргыларазы акыр зылшаз жәларбжьаратәи апроект «Ахьӡ архынҳәра» («Возвращение имени»). Уи иабзоураны ауп излеилкаахаз август мза 2019 ш. рзы, Мамед Анқәаб дахьҭахаз. Хымз ракәгәышьоуп дахьахьымӡаз Владимир, иаб иӡбахә аилкаара, аха… аԥсҭазаара ус ишоуп.
Шәышықәса раԥхьа, Хәаԥ ақыҭан Мамед Бида-иԥа Анқәаб зышьаҭа иҳаз ахәышҭаара еизҳарала иӷьацоит иахьа, уи иԥа имоҭацәеи, урҭ рыхшаареи рыла. Аиааира ду 80 шықәсхыҵра ашықәс алагамҭазы диит ари аҩнаҭа абшьҭра аихаҳаҩ, амоҭа – имоҭа Еснаҭ Анқәаб, Аԥсынҵра ду згымхаша.

 

Ахра Анқәаб

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me