Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аибашьра – шаҟа ихьанҭоузеи ари ажәа. Шаҟаҩы рзы ирыцҳарахазеи, шаҟаҩгьы еиҭымнатәыда…
Зхәычқәа мбакәа зыдунеи зыԥсахыз дреиуоуп сабду, Ԥачлиа Хәыта Петра-иԥа, уи далахәын Аџьынтәылатәи еибашьра ду. Диит иара 1910 шықәсазы Очамчыра араион, Ԥақәашь ақыҭан. Имаҷмызт уи игәҭакқәа, аха…
Хәыта дышқәыԥшыз иԥхеит иҭаацәа, диааӡеит иаб иашьа. Даныҩеидас аус иуан ақыҭатә бжьаратә ашколқәа рҿы. 23 шықәса шихыҵуаз далалеит аҭаацәара, аибашьра иалагаанӡа ҩыџьа ахшара иихьан, Хәыта Петра-иԥа аибашьра дшыҟаз иарҳәеит дышиоуз аԥа, игәырӷьара ҳәаа амамызт, аха аби аԥеи еибабартә алшара зыҟамлеит. Хәыта Ԥачлиа дҭахеит 1943 шықәсазы, джуп Краснодартәи атәылаҿацә, Закатаи Вереновски аҳаблаҿы.
Иԥа Вальтер иаб игәалашәара хьааго иҳәалоит: «Знызаҵәык иадымзаргьы саб илакҭа сҭаԥшны сыҟазтгьы…» - ҳәа.
Иҟамлааит уаҳа аибашьра. Хашҭра рықәым аиааира ҳзаазгаз!
Илана Ԥачлиа