Аибашьра – шаҟа ихьанҭоузеи ари ажәа. Шаҟаҩы рзы ирыцҳарахазеи, шаҟаҩгьы еиҭымнатәыда…
Сынтәа иазгәаҳҭоит арыцхә ду–80 шықәса ахыҵра Аџьынџтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира. Шаҟаҩы афырхацәа рыӡбахә рҳәахьоузеи арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа, аха шаҟаҩгьы зныкгьы рыӡбахә рымҳәаци.
94 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Адыгатәи (Черқестәи) аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны аҭҵадыррақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьаз Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа.
Мгәыӡаа рхәы. Ажәла Мгәыӡба Аҧсны ахы-аҵыхәа иаанымхаӡеит. Урҭ амҳаџьырра ихырҵәаны иахган. Аҧсуа қыҭа Мгәыӡырхәа аҭоурых шаҳаҭра аз-наур аҭахушәа ақыҭа ахьӡ аанхеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартыз, 20-ҩык аҟазара афакультет астудентцәа русумҭақәа рыла еиҿкааз ацәыргақәҵа азкын Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵра.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳинур Папаԥҳа 75 шықәса лхыҵит.
Ааигәа Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысит активистцәа еидызкыло Урыстәылазегьтәи арра-патриоттә форум «Пост №1» ҳәа изышьҭоу аартра. Уаҟа рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь еизгоу акоманда.