Аслан

Аслан

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыг Урыстәылеи Аԥсни русеицура азҵаарақәа ирызкыз астол гьежь аусура ихы алаирхәит.

Аҟәа, В. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы имҩаԥысуеит астол гьежь «Урыстәыла - Аԥсны. Иаарту адиалог» захьӡу, уи иалахәуп Урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа рделегациа.

Иуҳәар ауеит, ақәра ду рымоуп ҳәа ҵакыла ибеиоу аԥсуаа рҵасқәеи рқьабзқәеи. Ҳажәлар ҳатрадициақәа маҷ-маҷ еихаҳауа абиԥарак аҟынтәи даҽа абиԥарак ахь инеимда-ааимдо, ашәышықәсақәа ирылганы иахьа уажәраанӡа раӷьырак еиқәырханы аагара рылдыршеит.

Хымш имҩаԥысуаз афорум, даара аҵак ду аман абызшәадырыҩцәеи, аҭҵааҩцәеи, арҵаҩратә еилазаареи рзы. Спикерцәас иамаз еиҳарак Апедагогика аинститут ахаҭарнакцәа роуп, избанзар арҵаҩцәа иахьа-уаха рнапы иаку, аусураҿы мҩақәҵагас ирымоу Аинститут еиқәнаршәо арҵагашәҟәқәеи апрограммақәеи роуп.

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус 1993 шықәса раахыс аҳәынҭқарра иҳәаақәнаҵоит иахьагьы. Ҳтәыла анапхгарала, хықәкыла иаԥҵоу акомитет, Аԥсныҟа иаауа зегьы хылаԥшра рырҭоит, ара, рыԥсадгьыл аҿы рыҟазаара аус дырманшәалоит.

Хымш Пицунда ицоз афорум еиднакылеит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә 250-ҩык рҟынӡа арҵаҩцәа.

Адыга бираҟ амш иазкыз аныҳәа мҩаԥысит Аҟәа, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа.

Афорум еизнагаз алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа ирзеиҭаҳәан Аҵара аминистрреи апедагогика аинститути аус здырулаз арҵагашәҟәы аҽахьынӡаеиҭанакыз атәы, ҿыцрас иалагалаз, насгьы иану атекстқәа ахьанӡамариахаз.

Мшаԥымза 23-24, 2026 шықәсазы Миуссер имҩаԥысит ацәгьоурақәа рҿагылараҿы ҩ-ганктәи аусеицура иазкыз Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилатәара.

Амаҭәар «Ҳазну адунеи» алагалоуп актәи акласс инаркны. Дыҟамзар ҟалап анык, ари арҵага ауадаҩра зызцәырнамгац. Арҵаҩцәа ракәзар, имӡакәа ирҳәоит, аурок аныҟоу амш аҽны ахәыҷқәа ашкол ахь аара рҭахӡам ҳәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me