Атерминал апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит ԥхынҷкәынмза 1 инаркны

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҿ атерминал ҿыц иахәаԥшит. Атерминал апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит ԥхынҷкәынмза 1 инаркны.

Лаҵарамза 1, 2025 шықәса инаркны Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иаднакылеит 120 нызықьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа, уи иаанарԥшуеит аҳауатә еимадара еиҳа-еиҳа ахшыҩзышьҭра шарҭо. Атуризм аҿиараҿы илагала дууп ахырхарҭа ҿыцқәа раартра – Москва, Санкт-Петербург, Нижни Новгород, Ханты-Мансииск.

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭоурыхтә терминал иахәаԥшит. Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак ашьҭахь, аҳаирбаӷәаза аушьҭратә лшара сааҭк ала 400-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me