Атәыла ахада иҳәеит ҩ-жәларык реизыҟазаашьа адацқәа ажәытәра ишагәыласоу, рҭоурыхтә лахьынҵа шеиԥшу, реизыҟазаашьақәа ракәзар апатуеиқәҵара шьаҭас ишамоу.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» алахәылацәеи, аиҿкааҩцәеи аԥсшәа реиҳәеит.
2025 шықәсазтәи ахҭыс хадақәа ируакхеит иааиԥмырҟьаӡакәа жәларбжьаратәи аҳаиреимадара аусура аларгара.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» амҩаԥгашьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит.
«Ари ахҭыс баша еиԥыларам, ари шьаҿа ӷәӷәоуп Аԥсны шәҭыкакаҷуа, иҿиауа, аусеицура иазыхиоу ҳәынҭқарраны ашьақәыргылараҿы», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» аартраан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me