Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҵара лашароуп, аҵарадара лашьцароуп»

Аԥсны Аҵара Аминистрра аиубилеи азгәарҭоит. Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа иҿцәажәара.

Иахьа ҳара аҵарадырра амилаҭтә система ҳаамҭа иашьашәало ашьақәыргылара аетап аҟны ҳаҟоуп. Егьырҭ ахырхарҭақәа рыҟны еиԥш аиасратә период зегьы реиҳа иуадаҩу ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә, аҵарадырра ахаҭабзиара ахәшьара иаахҵәаны аҭара уадаҩуп.

Асовет аамҭақәа рхаантәи аҳәынҭ­қаррақәа реиҳарак реиԥш, ҳара иҳалшаӡом аихьӡара дуқәа раарԥшра. Ганкахьала, аихьӡарақәа ыҟоуп, аха аиаша ҳҳәозар, иҟоуп иӡбам аҳасабтәқәагьы. Жәаҳәарада, ҳара ҳарҿыԥшуеит аҵарадырраҟны алҵшәа дуқәа змоу Урыстәылатәи иреиӷьу ашколқәа. Иара убсагьы иазгәаҭазароуп ҳашколқәа аматериалтә техникатә ҭахрақәа ирымоу рыӡбаразы апроблемақәа шыҟоу. Уи аганахь ала улахь еиқәнаҵартә иҟоуп ҳаамҭазтәи аҵарадырра аҭахрақәа ҳахьырхьымӡо. Аха, егьа ус акәзаргьы, егьа проблема ыҟазаргьы, ҳара иҳамоуп ахәыҷы хазынақәа, ареспубликатәи, жәларбжьаратәи олимпиадақәа рҟны аиааирақәа зго.

Шәгәы ишԥаанаго, аҵарадырраҟны иҿыцу акыр алагалатәума?

Ааигәа ҳҳәынҭқарра анапхгара ирыдаҳгалеит апроект «Иахьатәи аԥсуа школ» апрограмма. Апроект хықәкыс иамоуп иҿыцу аҵарадырратә еиужьра аԥҵара. Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1  аҟны иаҳҭахуп ахәыҷбаҳчеи азеиԥшбжьаратә школи ркомплекс аԥҵара. Иара убас иҟалоит аклассқәа абарҭ реиԥш ахырхарҭақәа змоу: амедицинатә класс; анаплакратә класс; аити класс;амедиа класс, уҳәа ахәыҷқәа 9-тәи акласс нахыс рхала рзанааҭтә хырхарҭа алхреи, аколлеџьқәеи иреиҳау аҵариурҭақәеи рҭаларазы ашьцыларақәа ахьроуша.

Иара убас аметодикатәи арҵагатә-материалқәеи рырҿыцра азԥхьагәаҭоуп. Аԥсуа бызшәала ҳалагеит. Зыӡбахә ҳамоу иахьатәи ахәыҷқәа раамҭа иашьашәалоу арҵагатә шәҟәқәа реизга (рлинеика) ауп-иҭыжьуп ашколқәранӡатәи ашәҟәы «Анбан», аҭыжьра иазыхиоуп «Анбан» актәи акласс азы. Иҭыжьуп апробациазы, ашколқәа ирымоуп ҳаамҭа иашьашәалоу аԥсуа бызшәа аҵаразы, 2-тәи акласс азы арҵага шәҟәы «Еицаҳҵап аԥсуа бызшәа», иара иацуп аусуратә тетрадқәеи аудио цхыраагӡақәеи. Иаарлсаны иҭыҵран иҟоуп арҵага шәҟәы 3-тәи акласс азы. Иҟалоит 1-тәи акласс аҵаҩцәа рзы аизга «Аҟәыбҷа», уа иҟоуп апазлқәа ақьаадҩырақәа асахьаҭыхразы альбом, аҩразы ашәҟәи атетрадқәеи «Еицаҳҵап аҩышьа», аҩреи аԥхьаӡареи рырҵаразы.

Иаҭахума амилаҭ школқәа?

Ҳара хықәкыс иҳамоуп, ашколқәа рҟны, аԥсуа бызшәа дырҵаразы иаку арҵаратә программа ашьақәыргылара. Аԥсны, аҳәынҭқарратә школқәа зегьы рҟны, хымԥада ирҵозароуп аԥсуа бызшәа. Убри анаҩс, аҳәынҭқарра абиуџьет излалнаршо ала егьырҭ атәым бызшәақәа рырҵаразы асааҭқәа алхтәуп. Инақәырӷәӷәаны ҳазааҭгылароуп, ҷыдала аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара, излалшо ала, аԥсуа бызшәахьы еиҭагатәуп агуманитартә маҭәарқәа.

Ҳара, иара убас хшыҩзышьҭра ду аҳҭоит ҳарҵаҩцәа рзанааҭтә ҟазара ашьҭыхра. Сынтәа ԥшьынтәны имҩаԥаҳгеит жәларбжьаратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы». Араҟа рԥышәа еимырдеит Урыстәылатәи аицлабра «Ашықәс арҵаҩы» аҟны аиааира згаз арҵаҩцәеи ҳара ҳарҵаҩцәеи.Урыстәыла иреиӷьӡоу арҵаҩцәа ҳара ҳахь иаауеит рметодикақәеи, рхатәы знеишьақәеи ҳдырбарц, рԥышәа ҳамырдарц.

2014 шықәса инаркны Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети ҳареи еицымҩаԥаагоит аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рырҵаҩцәеи, алагарҭатә классқәа, абаҩрҵәыра амаҭәарқәа рырҵаҩцәеи рзы аԥышәеимдара иазку аиԥыларақәа. Аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны ашколқәа еиқәҳаршәеит Урыстәыла иҭыжьу 1-тәи акласс инаркны 11-тәи акласс аҟынӡа иҿыцу арҵагатә шәҟәқәа рыла, хыԥхьаӡарала иаагозар 200 нызқь цыра инареиҳаны, харџьла шә-милион мааҭ иреиҳауп, Аԥсны ашколқәа зегьы-хәыда ԥсада ирызшоуп урҭ.

Шәышԥызыҟоу арепетиторра? Избан лассы-лассы, дара арҵаҩцәа рхаҭа, аҵаҩцәа рзы ирепетиторцәаны изыҟало?

Сара садгылом арепетиторра – арҵаҩы аҵаҩцәа қьырала хазы ианазыҟаиҵо. Уи ҳара мап ацәаҳкуеит азингьы аҳҭаӡом. Арҵаҩы арепетитортә усура мҩаԥигозароуп егьырҭ аклассқәеи агьырҭ ашколқәеи рҵаҩцәа рҟны мацара.

Иҟаҵатәузеи, арҵаҩы изаанаҭ ахьӡ аманы (ипрестижны) иҟаларц азы?

Иахьа, еиҳараӡак, апедагогикатә факультет ахь иҭало - аиуристра, аекономика жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа уҳәа азанааҭқәа рахь изҭамлаз роуп, арҵаҩрахьы сцап, адиплом сымазааит ҳәа. Аха анаҩс, урҭгьы рахьтә аӡәзаҵәқәа роуп рзанааҭ ала аус зуа.

Угәы казыжьуа ауп, арҵаҩы изанааҭ ахьӡ ахьылаҟәыз, ари апроблема детальла ҳалацәажәеит ааигәа, атәыла Ахада иҟны имҩаԥгаз аилацәажәараан. Уаҟа  исҳәеит, сгәаанагарала иҟаҵатәу, арҵаҩы истатус ашьҭыхразы. Иҟасҵеит ажәалагала ауалафахәы ашьҭыхразы, еиуеиԥшым альготқәа ралагаларазы, иаҳҳәап, хәыдаԥсада ауаажәларратә транспорт ақәтәара, альготқәа афымцамч ахә ахшәаараан, арҵаҩцәа рџьашықәсеи ркатегориақәеи рзы ахәцҵақәа рыҟаҵара уҳәа аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Ажәакала, астимул роуртә аҟаҵара.

Арҵаҩы, аилазаараҟны, лыхә ҳаракны иршьозаароуп, апату лықәзаароуп, лусуразы аџьшьарақәа лыҭалатәуп уахь иналаҵаны, аматериалтә џьшьарагьы. Убасҟан ауп аҵаардырра ахаҭабзиарагьы анышьҭыҵуа, ззаанаҭи змаҭәари бзиа избо , ибзиаӡаны издыруа, есҽны зхы аус адызуло арҵаҩы даныҟало. Убасҟан ауп, ахәыҷқәа аҵара еигәырӷьаны ирҵо ианыҟало. Арҵаҩы – адыррақәа узҭо еимадага мацараӡам, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аргылаҩ иоуп, иара иоуп ахәыҷы изаазыртуа адыррақәа рдунеи, дазыҟазҵо, гәахәарала амаҭәарқәа рҵара. Арҵаҩы илиршозароуп, ахәыҷы иҿыцу аилкааразы аинтерес изырҵысра. Ари аус ҭакԥхықәрала иазнеитәуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳәынҭқарратә ҩаӡараҟны инаганы: аусуразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵалатәуп, арҵаҩцәа бзиақәа русура ааныжьны, даҽаџьара ԥарарҳара рхы дмырхарц азы.

Хԥа ҳәа, (ҩба атәы зынӡа иаҳҳәаӡом), аҵара зҵоз ракәымкәа, иреиӷьӡоу рҟынтә, иреиӷьӡоу роуп арҵаҩра знапы азыркыша. Ауниверситеттә ҵарадыррагьы иахьатәи ҳаамҭа иашьашәаланы иҟазароуп. Иахьа, ауниверситет аушьҭымҭацәа ԥыҭҩык рдиплом зынӡа иргаӡом, аҭахра амамзааразы. Дара ирықәырӡуп аҳәынҭқарратә ԥареи аамҭеи, аҵыхәтәан, занааҭла аусура иҭыҵӡом.

Сынтәатәи ашықәс азы ҳара иаԥаҳҵеит аҳамҭақәа: Ҳаҭыр зқәу Ашколқәранӡатәи аҵарадырра, азеиԥш ҵарадырра, азанааҭтә ҵарадырра. Ҳаҭыр зқәу аҵарадырра аусзуҩы. Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит, ҳминистрра аԥҵоижьҭеи аиубилеитә шықәсхыҵра ахыҵра, убри инадҳәаланы, иаԥҵан абарҭ аҳамҭақәа.

Ашкол аушьҭымҭацәа ашкол ианалгалак ашьҭахь, ирымоуп алшара рҵара иацырҵарц иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны, мамзаргьы аколлеџь аҟны.

Ишԥашьақәгылоу ҳреспубликаҟны аколлеџьқәа русура, иарбан занааҭқәоу уаҟа ироурц зылшо?

Ҳара иҳамоуп еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла иахьазыҟарҵо аколлеџьқәа: аелектротехникцәа, автомеханикцәа, ачысҟаҵаҩцәа, аҳазалхратә ус, иара убас, аколлеџьқәа рҟны иҟоуп асантехниказы акурс кьаҿқәа.

Азанааҭтә ҵарадырра арҿиаразы, ҳара изныкымкәа Урыстәыла Аҵара аминистрра анапхгареи ҳареи ҳрылацәажәахьеит Урыстәылатәи Аԥснытәи аколлеџьқәеи реимадара азҵаатәқәа. Уи ахықәкы анагӡаразы ихымԥадатәу аҳасабтәқәа иреиуоуп аҵара  ахаҭабзиара ашьҭыхра, уи азы, аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, уахь иналаҵаны, аколлеџьқәа аматериалтә-техникатә мыругақәа рыла реиқәыршәара. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә занааҭтә коллеџь аҟны ицоит арҽеиратә усурақәа, уа иаԥҵоуп иҿыцу алабораториақәа фымцала аиқәыршәареи, амашьынарҽеиреи уҳәа рхырхарҭақәа рыла. Гали Тҟәарчали аколлеџьқәагьы ирҭахуп ацхыраара, убри аҟнытә, ари аус иацҵахоит. Ҳреспублика аекономика иазхаӡом аусуратә занааҭқәа зегьы: асантехникцәа, аелектрикцәа, аелектроеидырҭәалаҩцәа. Ахәыҷқәа ирыларҵәалатәуп, абарҭ азанааҭқәа алырхларц.

Ҳаамҭазы ирылаҵәаны иҟоу аиуристцәа, аекономистцәа уҳәа ҳара ҳҟны даараӡа ирацәаҩуп, убри аан, зны-зынла, рдыррақәа ры ҩаӡара ҳаракӡам. Ас еиԥш иҟоу аспециалистцәагьы разыҟаҵара ҭакԥхықәрала иазнеитәуп: аекономисти аиуристи рдиплом амацара иаанагом ишпрофессионалцәоу.

Иахьа иҟаӡам аимадара аҵараиурҭақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара, астудентцәа аҵарагьы рҵо, апрактикагьы иахысуа. Аӡәзаҵәқәа роуп изылшо занааҭла аусура. Иреиҳаӡоу аҵарадырра ахаҭабзиара ашьҭыхрагьы инарҵауланы изызхәыцтәу зҵаароуп, ашколтәи азанааҭтәгьы нарыцҵаны. Ҳара, иааунырыртә ҳахьӡаӡом иааҳакәыршаны иҟоу адунеи, аҵарадырра аҿиара,  аконкурентра ҳалшаӡом иахьа, ҳастудентцәа аолимпиадақәак рҟны иааиуазаргьы, зегьы акоуп, уи рбагаӡам. Иҵегьы аусура аҭахуп ҩ-напыкла, ҳҳәынҭқарраҿы ҳхаҿра еиқәырханы ҳақәӷьацаларц наӡаӡа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me