Ааигәа ашәҟәы аӡыргара мҩаԥысит В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҟны.
Уахь имҩахыҵит Аԥсны анацәа рхеидкыла, агьырҭ ауаажәларратә хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәхьоу ҳџьынџьуаа, аҿар, Сымсымаа решьара.
Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылан ҭырқәшәала иҭыҵхьан, уажәы – Оқҭаи Ҷкотуа ибзоурала аԥсшәахь еиҭаганы иҭыжьуп. Автор даара иҭахын, ҳтәыла анҭыҵ еиԥш, иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны аԥсуа ԥхьаҩцәагьы ирдыруазарц шықәсқәак инеиԥынкыланы еизигоз аматериалқәа шьаҭас изауз ашәҟәы аҵакы, насгьы еиҵагыло абиԥарақәа иранаҳәо, иреилнаркаауа маҷымкәа ишыҟоу дацәымҩашьауа идыруан. Избан акәзар, аҭыжьымҭа Аԥсны аибашьра аамҭа мацара иазкым, уаҟа еидкылоуп уаанӡатәи аамҭақәеи, аибашьраани, аибашьра ашьҭахьи ирыҵанакуа ахҭысқәа. Аԥсны уи ҩышәҩык рҟынӡа дрыҿцәажәеит аибашьра аҭоурых аганахьала. Даманшәаланы, еиҿыбааны аԥхьаҩ изнагара акәын гәҭакысгьы имаз.
Уи зегьы ҵаҵӷәыдам. Иахьа Аԥсны анҭыҵ, егьырҭ атәылақәа рҟны, Европа убрахь иналаҵаны, Аԥсны аҭоурыхи аибашьраантәи ахҭысқәеи, Ҭырқәтәылан еиԥш, даараӡа еицакны егьырҭ абызшәақәа рыла, англыз бышәала аԥхьа инаргыланы, адунеи иахдырҵәоит ақырҭқәа. Абри аамҭазы аҵабыргҵәҟьа аазырԥшуа аҩымҭақәеи аҭҵаамҭақәеи маҷуп. Абри аҭагылазаашьа згәы иҵхоз, даарагьы иамырҭынчуаз дреиуоуп Селчук Сымсым. Шықәсқәак ҵуеит раԥхьатәи анҭижьыз аахыс, дышнеишнеиуаз – ашәҟәы ҭижьит. Ари аҩбатәи шәҟәуп. Агәыӷра ыҟоуп зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы хара имгакәа англыз бызшәалагьы еиҭагахап ҳәа.
Ашәҟәы аӡыргараан иқәгыланы ргәаанагарақәа рҳәеит, ахәшьара бзиа аҭауа иахцәажәеит, аԥхьаҟазгьы еиҳау аихьӡарақәа изеиӷьаршьеит: В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиа, аҭоурыхҭҵааҩы Руслан Агәажәба, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба, аибашьра аветеран, ҳџьынџьуаҩ, ашәҟәы автор аханатә аматериалқәа реизгараан ивагылаз, ицхраауаз Саим Аҩӡба, Анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәша аиҳабы Фируза Қапба-Чамагәуа уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны атәылахьчара аҟнытә – аминистр Владимир Ануа инаишьҭыз азеиӷьашьара даԥхьеит аинрал Олег Аршба. Аминистр идҵала хҩык – Селчук Сымсым, Оқҭаи Ҷкотуа, Саим Аҩӡба иранеишьаз аминистрра амедалқәа ргәышԥы иаиркит Олег Аршба.
Селчук Сымсым ихаҭа иқәгылараан дазааҭгылеит аханатә хықәкыс ишьҭихыз, уи ашҟа дхьазырԥшыз аҭагылазаашьақәа. Аамҭа рацәаны ишицәагазгьы, ивагылаз рыбзоурала игәҭакы анагӡара илиршеит. Амчқәеи, адырреи, аԥышәеи еимаданы ҳажәлар ԥхьаҟа аҿиара рзеиӷьеишьеит.
Сымсымаа решьара рыхьӡала дықәгылеит Ҭемыр Сымсым, Ҭырқәтәылатәи рашьа, ҳџьынџьуаҩ иџьабаа ахәшьара азҭази аӡыргара зҽалазырхәызи зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
В. Ажәанба