Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы иааиуа 2024-тәи аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иазку аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит аибашьраҿ иҭахаз Афырхацәа ранацәа ирызкыз агәалашәаратә еиԥылара.
Апрель 11 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаҧган араион алитераторцәа ҿарацәа рсеминар, иара убас апоезиа ахәылҧаз. Алитературатә хәылҧазы мҩаҧысит Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны еиҿкааз аусмҩаҧгатә иалахәын, уахь имҩахыҵыз ашәҟәыҩҩцәа реиҧш, араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемур Гындиа, аҟәша аусзуҩцәа,…
Мшаԥымза 4-5, 2024 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ-Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 60-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Урыстәыла, Америка Еиду Аштатқәа рхаҭарнакцәа ЕАР, ЕЕАЕ, ЕЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа алархәны. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Мрагылара Ааигәеи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәлиа,…
Сынтәа ауаажәларратә усзуҩы, ажурналист, аҭоурыхҭҵааҩ, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941–1945 шш.) иалахәыз, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс иҟаз (1978–2007 шш.) Алеқсандр Ҭариа диижьҭеи 100 шықәса ҵит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me