Ашьац даҕрагылар ҳәа дшәозшәа, аҿыхара иаҿу адунеи лшьапышьҭыбжь иацәылмыршәозшәа ашьшьыҳәа ашкол ашҭа дааҭалон 80 шықәса ирҭысхьаз ауаҩы ҳалал, ауаҩы ҧшӡа, ауаҩ гәыраз, Аҭҵаарадырратә институт аусуҩы, арҵаҩы Родионова Инесса Григори-иҧҳа. Иналҧыххылоз аҵаҩцәа дахьрыхәаччо амраҵәҟьа абла ҭраа илыҵашьыцуашәа иҧшуан, ацыҧхь ҧхақәа меигӡарада илықәнаҧсон…

Иамҩоу, иамҩаму ?

20 Рашәара 2024 09:23
Ҳаԥсацәа арҵаҩцәа дасу рышколқәа рҿы аԥсышәала аԥхьара ддырҵоит ахәыҷқәа, даргьы аԥсуа шәҟәы иаԥхьозар акәхап…
Дадраа, аҧсуа школқәа рыр­ҵаҩцәа!

АЖӘАК АҦСУАА РЗЫ

20 Рашәара 2024 08:55
Мыцра злам жәытәтәи аҭоурых излаҳәо ала хнызқь шықәса хараӡа иреиҳауп ҳажәлара аҧсацәа ожәы ехьынхо Амшын еиқәа иаванхоижьҭеи.
«Ҧсышәала шәцәажәала» абас ахьӡуп «Альфа» ашкол аҟны иаартхо аҧхынтәи алагер. Ари апроект авторс дамоуп Фатима Дауҭиа. Уи аиҿкааҩцәа хықәкы хадас ирымоуп ахәыҷқәа ҧсышәала рырцәажәара, изцәыуадаҩу ирмарианы реилыркаара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me