Игәыҭшьаагоу амш

14 Нанҳәа 2024 08:59
1992 шықәса, август 14 рзы аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аӷа иганахьала аԥсуаа ахаан ҽеи ишазԥшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.
 Николаи Георги-иҧа Патулиди диит (13.08.1949) Аҧсны, Аҟәа араион Дмитриевка ақыҭан (иҧсҭазаара далҵит – 03.11.2010, Аҟәа). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан (1991). Ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара (2004). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1997).
Изҿузеи иахьа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа, аԥхьаӡагақәа рышьақәыргылара аганахьала аусқәа зеиԥшроузеи, аӡынразы афымцамч ахархәаҩцәа рҽыззыҟарҵарызеи– абарҭ азҵаарақәа ирзааҭгылеит «Аԥсны-Информ» акорреспонденти «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьали.

16 шықәса уажәаԥхьа

12 Нанҳәа 2024 10:52
16 шықәса уажәаԥхьа, 2008 шықәса август 12 азы Аԥсны Арбџьар Мчқәа ақырҭуа архәҭақәа рҟнытә ахы иақәиҭыртәит Кәыдрытәи аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа, иагькылсит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ашҟа.
Аԥсны аԥкьаҭ асразы афедерациа актәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны Аҟәа имҩаԥысуаз XVI-тәи Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me