Асабшаҽны, ԥхынгәы 12 азы, ижәытәӡоу ақалақьқәа руак - Очамчыра амш азгәаҭара иазкыз аныҳәамш еиҿкаан ақалақь аԥшаҳәаҿы.

Афинал ахь днеит

15 Ԥхынгәы 2025 09:21
Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ 11-тәи аҵаҩы Арина Оганиан апроект ҷыда «Всегда готов», аԥшьгамҭа «Другое дело» аҟны афинал ахь днеит.

Афестиваль мҩаԥысит

15 Ԥхынгәы 2025 09:14
Гагра араион, Баӷрыԥсҭа ақыҭан, аԥхынтәи аԥсшьарҭа ҩны «Солнечный» аҟны имҩаԥысит «Праздник талантов» захьӡыз ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс.
Аркади Џьопуа– 70 шықәса Аҭҵаарадырраҿы, ҳәарада, ахырхарҭақәа зегьы мариам. Археолог изанааҭ акәзар, аҭҵаарадырратә усумҭақәа раҧхьареи рыҩреи инарываргыланы иаҭахуп имариам махәҿалатәи аусура, амаашьара. Сгәанала, археологиа знапы алазкыз уи – ҧсабарала, доуҳала иӷәӷәоу уаҩуп. Аиаша ҳҳәозар, аџьа ду зцу ари аус зегьы иагьрыцааиуам.
Ԥсҳәы анеира даара иахьыуадаҩу Аԥсны ақыҭақәа ируакуп. Аԥхынразы уахь анеира алшоит автомашьына ҷыдақәа рыла, аӡын амҩа аркуп. Иара убас, Ԥсҳәыҟа ветралиотла аԥыррагьы ауеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me