Нанҳәамза жәохә рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭеит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан зхатәгәаҧхарала иааны Аҧсны еибашьуаз Рымш. Кавказ аиашьара жәларқәа рҟынтәи аибашьцәа раҧхьатәи ргәыҧ еибашьра ҳәа ашьха каҵәарақәа ирхысны, шәарах мҩахәасҭала Аҧсныҟа иааит нанҳәамза жәохә рзы – аибашьра аҩбатәи амш азы. Уи аахыс иҵит ҩажәи жәаба шықәса. Анчхьоу акаҵәара ихыҵны аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Аҧсныҟа иааз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәыҧ далан Ҟабарда-Балкариатәи аибашьҩы, Аҧсны Афырхаҵа Муҳаммад…