Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амашәырқәа ҟамларц

Амҩаҿы аныҟәара ашәар­ҭадара, аиҳарак аԥсҭбарақәеи ааха ӷәӷәақәа риуреи зцу амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара армаҷра аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусураҿы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Убри аҟнытә, ҷыдала ахылаԥшра аҭоуп. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ақалақьтә араионтәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи аинспекторцәеи алархәны имҩаԥигаз аилатәараҿы абри атәы азгәеиҭеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.

Арбагақәа шеиӷьхазгьы, Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, «иҟоу аҭагылазаашьа уаанӡа еиԥш уажәгьы имариам, иарбоу ахырхарҭала анаҩсгьы аусура аҭахуп».

Аинспекторцәа рҿаԥхьа автомашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга амхрагьы уахь иналаҵаны, азинеилагаҩцәа рганахьала, азакәанԥҵара инақәыршәаны ахьырхәратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, раԥхьатәи аилагарақәеи анаҩстәи аилагарақәеи релектронтә реестр излауала ахархәаразы адҵа ықәыргылан. Аилатәараҿы иара убас лассы-лассы амҩатә ԥҟарақәа еилазго амашьынарныҟәцаҩцәа рганахьала ахьырхәра хырԥашьа амамзаара апринцип ахархәара, акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы апассаџьырцәа рымҩангара аиҿкаара, Ареспубликатә мҩаду иахьаҵанакуа астационартә гәаҭарҭақәа русура арӷәӷәара уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me