Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьра ацәаҳәа аҟнытә – асценахь

Ишаҳдыруа еиҧш, Аҧсны ахыи-аҵыхәеи, уи анҭыҵи  иззымдыруа, измаҳац дыҟам, Едуард Бебиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» аӡбахә. Аха аҧсуа ажәаҧҟаҿы ишаҳәо еиҧш: «Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом». Убас, ансамбль аҭоурых сагәылалаанӡа, иааркьаҿны иазгәасҭарц сҭахуп, уи аиҿкаара шыҟалаз.

1970 шықәсазы Едуард Уаҳаид-иҧа Бебиа напхгара ззиуаз акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны еиҿикаауеит акәашаратә ансамбль «Шьараҭын». Абри нахыс ари акәашаратә гәыҧ, Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы ахьӡ рылаҵәеит. 1978 шықәса рзы акәашаратә коллектив ҳәынҭқарратәны иҟалеит.

1996 шықәсазы Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» ихьӡ ахҵан раҧхьатәи асахьаркыратә напхгаҩы Едуард Бебиа.

Иахьа ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс, балетмеистр хадас дамоуп Руслан Едуард-иҧа Бебиа, уи Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Чечентәыла аҟазара зҽаҧсазтәыз, Адыгеиа аҟазара зҽаҧсазтәыз, Аахыҵ Уаҧстәыла зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡқәа ихҵоуп.

Руслан Бебиа иаб ишьаҭаиркыз ансамбль атрадициақәа мырӡкәа иахьа уажәраанӡагьы аус адулара даҿуп. Еиуеиҧшым акәашарақәа ықәиргылоит, иазгәаҭатәуп, ажәытә аҧсуа кәашарақәа шыгәцараикуа. Игәаумҭар залшо  аҧсҭазааратә хҭысқәа ирылхны акәашарақәа шықәиргыло.

Ансамбль инанагӡоит еиуеиҧшым акәашарақәа, аҧсуа фольклор аҟынтә, иара убас угәы хыҭ-хыҭуа уҟазҵо аритуалтә ҟазшьа змоу акәашарақәа, иаҳҳәап, аҳәақәа кны акәашара. Урҭ инарыгӡо акәашарақәа рҿы иумбарц залшом, дарбанызаалак акәашаҩ аҟазара ҷыда шилоу. Аҟазара узҵаӡом, уи ауаҩы ициуеит даниуа. Убас иҟоуп ансамбль «Шьараҭын» акәашаҩцәагьы, урҭ рыбаҩ рзыласуп, гәыла, цәаҩала ирныруеит инарыгӡо акәашарақәа. Уи ахәаҧшҩы иныруеит, срыхәаҧшланда ҳәа игәы ҟанаҵоит. Убасҟак аҟазара, апрофессионализм рылоуп, рхы шьҭыхны, рыбҕақәа риашаны асцена ианаақәлалакь, аҧсуара рныҧшуеит, ахәаҧшҩы илаҵәоит, дыхнахуеит. Уи алагьы иубоит ирылоу аҟазара аҩаӡара даара ишаҳараку. Хымҧада, уи зегь зыбзоуроу, напхгара азҭо, еихсыҕьра ҟамҵакәа есыҽны иазыҟазҵо, ианаҭаху иџьбароу, ианаҭаху ирҩызоу Руслан Бебиа иоуп.

Ансамбль «Шьараҭын» инанагӡоит абас еиҧш иҟоу акәашарақәа: «Ауапа кәашара», «Анхацәа рыкәашара», «Ачара кәашара», «Хәаҧаа рыкәашара», «Аҟама кәашара», «Нарҭаа рыкәашара», «Аҭауадцәа рыкәашара» уҳәа убас ирацәаны. Ансамбль «Шьараҭын» апрель 9 рзы 53 шықәса ахыҵит, ари иубилеитә рыцхәым, аха ус егьа иҟазаргьы, Аҧсны аамҭа уадаҩрақәа ианҭагылаз инаркны, иахьа уажәраанӡа аҧсуа ҵасқәа, ақьабзқәа мырӡкәа, ҳкультура аҩаӡара шьҭызхуа, Аҧсни уи анҭыҵи ҳӡырызго, егьырҭ амилаҭқәа ҳарзырдыруа ансамбль «Шьараҭын» аҟны еиуеиҧшым акәашарақәа назыгӡо акәашаҩцәа срыҿцәажәарц сыӡбеит.

Аха уахь сиасаанӡа, сзааҭгыларц сҭахуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан рнапқәа ргәыҵаҧса иштәамыз ансамбль иалаз арҧарцәа, урҭ рхатәгәаҧхарала еиҿыркааит рхатәы баталион, иагьахьӡырҵеит «Шьараҭын». Аибашьраҿы зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҷкәынцәа рхыҧхьа­ӡараҿ иҟоуп ҧшьҩык хаҵарыла иҭахаз, урҭ рахьтә х-ҩык абаталион анапхгаҩцәа ракәын: Аркади Чачхалиа, Даур Акаба, Руслан Кулаа. Аибашьра ашьҭахь машәырла дҭахоит Аҧсны афырхаҵа Ҭамаз Џьопуа, хьыӡшьарас «Малыш» ҳәа зарҳәалоз.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан «Шьараҭынаа» иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи, иара убасгьы Аҧсны акультуреи аҟазареи рырҿиараҿы рлагалеи рзы ансамбль «Шьараҭын» ианашьоуп Леон иорден.

 Руслан Бебиа иҧҳа Едуарда Бебиа ҳаиҿцәажәараан исзеи­ҭалҳәеит акультура Краснодартәи аинститут дшалгаз, қәҿиарала лҵара аныхлыркәша, бзиа илбо лыҧсадгьыл ахь дшыхынҳәыз. Лара илҳәеит, дхәыҷы аахыс акәашара дшадҳәалоу, ахәыҷтәы студиа «Иааирума» ала дшалагаз, анаҩс 15 шықәса анылхыҵуаз ансамбль ашҟа акәашара дышнеиз. 17 шықәса анылхыҵуаз, аҵара дҭалоит. Иахьазы лаб дарҕьажәҩаны дивагылоуп рҵаҩык иаҳасабла. Абраҟа иазгәаҭатәуп, Едуарда лабду иаҧиҵаз ансамбль дшазыгәдуу.

Даараӡа лгәы лнархьны дцәажәон акәашацәа рҽахьазыҟарҵаша рхатәы зал иахьа уажәраанӡагьы иахьрымам. Абар, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи сынтәа 30 шықәса ҵуеит, аамҭа-аамҭала рҭыҧ рыҧсахлоит. Лара илҳәоит иахьа рҽахьазыҟарҵо азал аҟны дара рыдагьы ишыҟоу зҽазыҟазҵо акәашацәа. Убри инамаданы аҽазыҟаҵара асааҭқәа дырмаҷуеит, егьырҭгьы аамҭа роуртә еиҧш. Иазгәалҭоит сааҭқәак артист изы даара ишмаҷу, уи ихы аус адиулалароуп ес-ҽны. Дазааҭгылеит иара убас рсценатә маҭәақәа шхаз, уажәшьҭа 30 шықәса рҟынӡа шырхыҵуа. Аинстру­ментқәа ртәы уҳәозар, даара иажәхьеит, урҭгьы ҧсахтәуп. Раҧхьаҟа ргәы иҭоу аусмҩаҧгатәқәа рымаӡа салымҳәеит, аха илҳәеит ҩышықәа рышьҭахь аиубилеи анроуа иазкны аҽазыҟаҵарақәа уажәнатә ишрылагахьоу.

Лара лажәақәа рыла, аиубилеи азы Руслан Едуард-иҧа акәашара ҿыцқәа ықәиргылоит. Иазгәаҭатәуп, акәашара ҿыцқәа рықәыргылара даара абаҩхатәра дуӡӡа змоу ида аӡәгьы ишилымшо.

Иахьа ансамбль «Шьараҭын» иалоу рхыҧхьаӡара 40-45-ҩык рҟынӡа ыҟоуп. Акәашара имҩахыҵуа аҿар, рықәра жәаха шықәса инарзынаҧшуеит. Аҿар, еиуеиҧшым акәашаратә гәыҧқәа ирылганы, имҩахыҵуа Едуарда иазыҟалҵоит.

Лара дазааҭгылеит бзиа илбо акәашарақәа рхыҧхьаӡараҿ ишыҟоу «Аҭауадцәа рыкәашара». Иазгәалҭеит асолистцәа алахәхаанӡа, лабду Едуард Бебиа дшалагахьаз ари акәашара ақәыргылара, аха аҵыхәтәанынӡа анагара дахьымӡеит. Аҧхьаҟа аус адуланы асолистцәа алаҵаны акәашара ықәзыргылаз лаб Руслан Бебиа иоуп. Илҳәеит иара убас даара бзиа ишылбо «Ачара кәашареи» «Анхацәа рыкәашареи». «Анхацәа рыкәашара» Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анаршьахьеит. Иара убас иумҳәар залшом, Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба зегь раасҭа бзиа ишибоз «Анхацәа рыкәашара». Иара убри акәашара налыгӡоит Амина Бебиа, «Аҧсуа чара» – Адыгеиа зҽаҧсазтәыз артист Адица Џьопуа.

Драҩымсит аоркестр аҟны ихәмаруа адаул иасуа, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡ зыхҵоу Еснаҭ Сангәлиа, иара убас аккордеон назыгӡо, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, амузыкатә напхгаҩы Даур Аргәын. Ирацәаҩуп зыхьӡ уҳәаша, аха ансамбль иалоу зегьы хаҭа-хаҭала ҳзырзааҭгылаӡом.

Лаб иашьа Беслан Бебиа иакәзаргьы, иџьабаа ду адуп ари ансамбль. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, иара еидикылеит ансамбль «Шьараҭын» аколлектив. Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ихҵоуп, ансамбль «Шьараҭын» директорс дамоуп.

Едуарда иазгәалҭеит, Аҧсны аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Шьараҭын» 50 шықәса аиубилеи азы, Руслан Бебиа ишықәиргылаз «Акәымжәы уаа». Анаҩс дазааҭгылеит «Хәаҧаа рыкәашара» шықәыргылахаз атәы. Зны Руслан Бебиа ааҧхьара иман Хәаҧ ақыҭан иҟаз ачарахь. Убраҟа иара илаҧш дыҵашәеит аҧҳәызба, абысҭа асаан ианҵаны знапаҿы изкыз, аха уи хьаас имкыкәа амузыка иаҳәоз дацкәашо днеиуан. Убасҟан абас иит абри акәашара ҿыц.

Ансамбль «Шьараҭын» аҟны акыр шықәса икәашоз Софа Џьапуа исзеиҭалҳәеит, лхатәҩыза Асҭамыр Ҧандариеи лареи ансамбль аҟны ишеицыкәашоз, анаҩс аҭаацәара шаҧырҵаз. Убас ари ансамбль аҟны еибаҧшааз, аҭаацәарақәа аҧызҵаз рацәаҩуп. Софа илгәалалыршәон, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга даара ишыуадаҩаз ҳтәыла анҭыҵ ақәгылара, аха гәкажьра ҟамҵакәа, Аҧсны акультуреи, атрадициақәеи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи зныҧшуа аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» Аҧсны еиҧш, уи анҭыҵгьы ҳтәыла ахьӡ ҭыргеит, атәым ҳәынҭқаррақәа ҳаддыр­дырит. Лара иазгәалҭеит, акәашарақәа зегьы ишреиҕьылшьо «Хәаҧаа рыкәашара».

Илгәалалыршәеит 2004-2005 шықәсқәа руак азы Краснодар имҩаҧысуаз афестиваль рышҽаладырхәыз. Асценахь ианцәырҵыз, рхы-рҿы рхаччо акәашара аныхдыркәшоз аламҭалаз, азал аҟны ахәаҧшцәа итәаз зегьы ршьапы иқәгылан еихсыҕьра ҟамҵакәа рнапы анеинырҟьоз, акәашацәа амхагәырҕьаны рылабжыш шаауаз. Избанзар артист изы еиҳау гәырҕьара ыҟаӡам, ахәаҧшҩы дануршанхо, игәы аныҟауҵо, уара уџьабаагьы алҵшәа шаиоуз анудыруа. Лгәы лнархьуа илгәалалыршәон, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа: «Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы абаталион «Шьараҭын» иалаз акәашацәа, аибашьра анеилга, даара ирцәыцәгьахеит аибашьра ацәаҳәа аҟнытә – асценахь аиасра» – лҳәеит лара. Убасҟак ирцәыуадаҩын егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны асцена ианықәлоз, аҧсуа бираҟ шьҭыхны ианыкәашоз. Ргәы рыхьуан рыҧсадгьыл иахҭнагаз азы, аха дара ирҭахын рықәгылара идырбарц Аҧсны аҧсы шҭоу наунагӡа, уи ахатә культура, атрадициақәа шамоу. Ус иагьыҟалеит.

Иахьа Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын» аҟны икәашо Асҭанда Марыхәба санлыҿцәажәоз исзеиҭалҳәеит ансамбль лара лыҧсҭазаара ишаҩызоу, уи ада даҽа хықәкык шылымбо. Лара 15 шықәса ҵуеит араҟа дкәашоижьҭеи. Иреиҕьылшьо акәашарақәа рҟынтә иалылкааит «Анхацәа рыкәашара», иара убас «Аҧсуа чара». Илҳәон аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы, ансамбль «Шьараҭын» Аҧсны анҭыҵ ицаны, Аҧсны акультуреи атрадициақәеи егьырҭ ажәларқәа рыкәашарала ишрыладырҵәоз. Иахьа уажәраанӡагьы Едуард Уаҳаид-иҧа ишьаҭаиркыз ансамбль, иҧа Руслан Едуард-иҧа ишынаигӡо, уи ацҵара дшаҿу.

Жәашықәса иназынаҧшуа иҵуеит ансамбль «Шьараҭын» аҟны икәашоижьҭеи Амина Бебиеи Адица Џьапуеи. Урҭ санрыҿцәажәоз еицҿакны ирҳәоз акы акәын, ргәы шырнархьуа рҽахьазыҟарҵо рхатәы зал ахьрымам рыкәашаратә маҭәақәа даара ишажәхьоу, аҧсахра шаҭаху. Ирҳәон рансамбль даара бзиа ишырбо, агәра гангьы ишыҟоу шықәсырацәала «Шьараҭын» акәашацәа рҟазарала, ахәаҧшцәа шыхнахло, рыбзиабара ишазҳало.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me