Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажурнал аҟны – ажәабжьқәа ҩба

Ҟабарда-Балкариа, Нальчик ақалақь аҿы иҭыҵуа алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи журнал «Литературная Кабардино-Балкария» адаҟьақәа ирны­леит аԥсуа поет, апрозаик Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа «Ануаа-рхәы», «Аԥсадгьыл акоуп». Арҭ ажәабжьқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра атема иазкуп.   Ажәабжьқәа еиҭеигеит ажурналист, ашәҟәыҩҩ, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор хада Витали Шариа.

Анатоли Лагәлаа – апоет, апрозаик, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Урыстәылеи Аԥсны рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рыхьӡ зху апремиақәа рлауреат, акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, алитература-сахьаркыратәи ауаажәларра-политикатәи ажурнал «Алашара» аредактор хада. Анатоли Лагәлаа – ҩажәа инарзынаԥшуа ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа реизгақәа дравторуп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me