Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Очамчырантә ажәабжьқәа

Август мза 14 азы ақырҭуа фашистцәа рыр  Аҧсны ианалала раҧхьа ахымца иадыргаз аҧсуа қыҭақәа  ируакуп Тамшь ақыҭа.

Абри ақыҭаҿы ауп дахьиз, ақырҭуа ар рмагәшьхәа иадыргаанӡа дахьынхоз аҧсуа шәҟәыҩ­ҩцәа абыргцәа рабиҧара иаҵанакуа Нури Бараҭелиа. Уи иблала ибеит аибашьра раҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсуа жәлари егьырҭ иақырҭуам амилаҭқәа рхаҭарнакцәеи ргәырҽанӡамкәа изыниаз арыцҳара. Ирхырго агәаҟрақәеи  азалымдарақәеи иахьагьы ибла иабоит… Убри азоуп ари абырг ааигәа иаҳзааишьҭыз иҩымҭақәа рҿы игәыҭшьаагоу ахҭысқәа дызрылацәажәо.

Агыгшәыг гәы зызҭоу

…Қырҭтәыла афашизм иины адәы иаақәлеижьҭеи акрааҵуан, аха уажәы иаазқәылаз иаабахьаз, ҳзыргәаҟхьаз афашизм аасҭа еицәаны ҳара ҳзы иаақәгылеит. Ари афакт шымцым уажәшьҭа зегьы ирбарҭоуп! Сара хаҭала урҭ руаҩымрақәеи ргәымхаратә  хымҩаҧгашьақәеи – зегьы ртәы рыҩра сылшартә агәамч сымам, аха иага убас акәзаргьы, аҧхьаҩцәа рлымҳа аҟынӡа иназгарц сҭахуп урҭ ауаҩытәыҩса игәы зызҭам ргыгшәыгтә хымҩаҧгашьақәа рҟынтәи хҭыс заҵәык.

…Октиабр 17 рзы Аҟәаҟа ицарц иццакуаз ақәлаҩцәа шааиуаз Кындҕтәи аҧсаатә ааӡарҭатә фабрикаҿы иахьым­ҩахыҵыз уаҟа механикс аус зуаз Ҕәынџьиа Зурик Шьоҭа-иҧа дааныркылан, аҭаҷкәыми ашәақьшьхәеи данадырга ашьҭахь: «узмилаҭда, иужәлоузеи?» ҳәа иазҵааит. «Сара араҟатәуп, саҧсуоуп!» – аниҳәа, – «аа, ус аума? Саҧсуоуп уҳәама?» – ақырҭуа гвардиа аруаҩ иавтомат ихәда иаахиҧаан, – «уаҧсуазар, аа, абасоуп аҧсуаа зегьы ишырзаауа» – иҳәан, иабџьар ахы Зурик иҿы иҩҭеикын аҟәҟәаҳәа иҩҭаирпҟҟеит.

Абри еиҧш аҟаҵара мариам, зегьы ирзуам, ақырҭуа фашист, гәы зызҭам, агыгшәыг иакәымзар.


Аҧсуаа «рбомба»

Изқәымгәыҕуаз ианақәшәа аҧсуаа рыҷкәынцәа агәыр­қьҳәа игылеит рыҧсадгьыл ахьчаразы. Аха изла? Иабаҟоу абџьар! Уааҧсыралагьы ҳмаҷми?! Акәалӡтәы еибашьыгақәа напҭацәы иузынкылома.

Аха агәаҟраҿы ухы иаурхәалак ҟалозаап. Аҧсуа рҵеицәа ирылдыршеит аҕа икәалӡтәы техникақәа злааныр­кылашаз аӡбарагьы.

Убас зны ақырҭуа «фырхацәа» Кындҕ абжьаларҭақәа руак ртанкқәа рыла ибжьаланы рҿанаарха, зхы изахәоз хәыҷгьы-дугьы рхы ахьынахоз еиханы иқәҵит. Ҩни-гәареи еиларҟәыҿуа ишааиуаз, 12-ҟа шықәса зхыҵуа хәыҷык рнапы хәымгақәа дырҧыхьашәеит. Иалагеит ирҳәацәара.

–Уара алаҧынҵа икылҟьаз, абыржәыҵәҟьа амҩақәа рҿы аминақәа ахьыҵоу ҳауҳәароуп, акәымзар уҧсы ухаҳхуеит – рҳәеит. Ахәҷы акгьы имҳәеит. Дшыҕьаҵәы-ҕьаҵәуаз илаихан атанк длацрарҳәан дырҳәазо дрыман иаақәлеит. Ртанк ааныркылеит рызхара дандыргәаҟ ашьҭахь.

– Шьҭагьы иҳаумҳәои, аминақәа ахьыҵоу,– инаиҿахәааит. Мап аник, адырҩагьых дықәшьуа дрыман идәықәлеит. Ахәыҷы уаҳа илымшо даналага, дыҳәҳәеит: «Абраҟа абомба ыҵоуп» ҳәа. Уи уаҟа акыҟаҵәҟьоуп ҳәа акәымкәа, сыҧсы еиқәсырхап ҳәа иҳәазаргьы ҟалоит, аха иара убраҟа иҵаҵәҟьазаарын акислородтә балон амоналла еиҵаҵаны. Руаӡәк даарылҵын анышә ааимирттаан абалон анаахирты, «аҧхазеҧис бомба» (аҧсуаа рбомба) рҳәан, зегьы аибарччара иалагеит. Ҧыҭрак рызхара ианахычча ашьҭахь:

– Шәнаскьа-ааскьа, аҧсуаа рбомба иҟанаҵо аабап рҳәан автоматла иеихсит. Уи акәхеит итҟәацит. Иакәшаны игылаз 7-8-ҩы аӡәы даанмыжькәа иҟәбаса иагеит.

Абас ауп дадраа ақәлаҩцәа аҧсуаа рбомба ишадыруа. Акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуеит!


Нури Бараҭелиа

«Аҧсны», №15, 1993 ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me