ИХАДОУ
Аҭоурых
Ажурналистцәа
Ахҭысқәа
Ажәабжьқәа
Астатиақәа
Аинтервиуқәа
Аочеркқәа
Аҭыжьымҭа архив
АИМАДАРА
Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа
16 Ԥхынкәын 2022 13:57
Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр анапхгарала имҩаҧысит аихшьалатә концерт. Уи напхгара аиҭоит Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден II аҩаӡара занашьоу Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа. Аконцерт мҩаҧысуан Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы. Аконцерт мҩаҧылгон акыр шықәса «Аҿар рыбжьы» аконкурс зҽалазырхәхьоу алауреат Инесса Григолиа.
Инарҭбааны...
Аҧсуара аныҟәгаразы
16 Ԥхынкәын 2022 13:49
Ҳаазқәылаз Аҧсуара ана-ара ҳалацәажәоит, абжьааҧнеиҧш «зеиҧш ажәала», хықәкыла, Аҧсуара аныҟәгараз иҟаҵатәу, ишныҟәгатәу ҳәа инҭкааны акы ҳазааҭымгылакәа.
Инарҭбааны...
Ашықәс иреиӷьу аусумҭақәа
16 Ԥхынкәын 2022 13:47
Декабр 6 рзы Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаартын асахьаҭыхыҩцәа иреиҕьу русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уахь имҩахыҵит аҟазара абзиабаҩцәа рацәаҩны.
Инарҭбааны...
Игор Адлеиба ажәиԥшьтәи ииааира
16 Ԥхынкәын 2022 13:41
Игор Адлеиба техникатә нокаутла диааит Екатеринбург имҩаԥысуа апрофессионалтә бокс атурнир аиԥылараҿы Сардор Музаффаров. Аринг аҟны еиԥылеит аԥсуа боксиор Игор Адлеибеи Узбеқисҭанынтәи Сардор Музаффарови. Урҭ 66,7 кг зкапануа рыҩнуҵҟа аа-рауднк мҩаԥыргараны иҟан. Аха аԥхьаҵәҟьа иубартә иҟан Игор иандаҭлоз иаасҭа акыр дшеиӷьыз.
Инарҭбааны...
Иаартуп Тарас Шамба ибаҟа
16 Ԥхынкәын 2022 13:39
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза Конгресс 30 шықәса ахыҵра азгәаҭареи Аконгресс XIII аизҳара ду амҩаҧысреи рҳәаақәа ирҭагӡаны уи раҧхьатәи ахадас иамаз Аҧсни Урыстәылеи руаажәларра-политикатә усзуҩы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Тарас Мирон-иҧа Шамба игәалашәара анаунагӡатәразы Аҟәа иаартын ибаҟа.
Инарҭбааны...
Алагарҭа
Анҵәамҭа
396
397
398
399
400
401
402
403
404
405
Алагарҭа
Анҵәамҭа
Адаҟьа 401 - 460
ИХАДОУ
Аҭоурых
Ажурналистцәа
Ахҭысқәа
Ажәабжьқәа
Астатиақәа
Аинтервиуқәа
Аочеркқәа
Аҭыжьымҭа архив
АИМАДАРА