Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵара шықәс ҿыц иалагаанӡа

Мышқәак раҧхьа Очамчыра араион Кындыҕтәи абжьаратә школ ахыб аҧсахразы аусурақәа ирылаган. Атәыла анапхгара рҟынтәи аиҭашьақәыргылара иазоужьын апроект-сметатә шәҟәқәа реиқәыршәаан иаҭахәуп ҳәа зыӡбахә ҳәаз ахарџь.

Аспециалистцәа разгәаҭақәа инарықәыршәаны уи иартәеит жәаҩа миллион мааҭ. Уажәы аҭыҧ аҿы аусурақәа ҩ-напыкла ирҿуп.

Аибашьра ҟалаанӡа Кындыҕ ақыҭан аус руан азеиҧш ҵараиурҭақәа хҧа. Уажәы аусурақәа ахьымҩаҧысуа ашкол ахыбраҿы ахәыҷқәа аҵара рҵон х-бызшәак рыла. Аибашьра амца ахьеилашуаз Кындыҕ ақыҭан аибашьра ашьҭахь заартра алыршахаз школк ауп, ҩба аркын. Уажәы аус зуа ашкол аҿы аҵара рҵоит хынҩажәаҩык инареиҳаны   аҵаҩцәа.

Ашкол ахыбра акыр шықәса раҧхьа агәыҳалалратә еиҿкаара ацхыраара ала ахыб ҿыц ақәҵан. Аха аҧшасрақәа раан изныкымкәа ааха аиухьан, убри аҟынтә аӡы кылсуан.

 Кындыҕ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа иажәақәа рыла, ақыҭа анапхгареи анхацәеи рхатәы мчқәа рылагьы изныкымкәа иқәыршәны, аӡы кылымсуа иҟарҵахьан, аха уи зегьы аамҭала акәын аҭагылазаашьа иахьацхраауаз. Кындыҕ ақыҭаҿы инхо ауааҧсыра рыхьӡала аиҳабыра рахь изныкымкуа ашәҟәқәа шырыҩхьазгьы, иахьа уажәраанӡа азҵаара шыҟац иҟан.  Аҧсны анапхгара рыӡбамҭа инақәыршәаны, ааигәа аҵараиурҭа ахыб ҿыц ақәҵаразы аусурақәа ирзоужьын жәаҩа миллион мааҭ. Араҟа еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп х-нызқь ҧшьыркца метр инареиҳаны ахыб. Аусурақәа мҩаҧысуеит ҳаамҭазтәи ашәагазагақәа ирықәшәо. Ахыб анаҩсгьы иҧсаххоит уи зку, зҭагылазаашьа уашәшәырахахьоу ахаҳә-ҵәаҳәгьы.

Аусурақәа еиҵахарада имҩаҧысуеит, избанзар ахарџь азҵаара ӡбоуп, амшқәагьы аусуразы иманшәаланы ишьақәгылоуп. Кындыҕтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп цәыббрамза 1, аҵара шықәс ҿыц алагара аҟынӡа.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me