Усҟан ирыздыруамызт аҧсуаа рҳақ цҟьашәҟьа агара шилымшоз. Издыруамызт, аҧсуаа рҵеицәа ргәеисыбжь гонаҵы шьҭахьҟа ишхьамҵуаз.
Ақалақьқәеи ақыҭақәеи амца ркын. Аҳаирпланқәа ахәышҭаарақәа ццышәыртәуан, ирбылуан архивқәа, ҳҭоурых ықәырхырц, рҭоурых ҳахәҭакны ҳҟаларц. Рыгәҭакы нагӡара ақәмызт, избанзар ацәгьа зыршо цәгьала дымҩасуеит.
Аибашьра раҧхьатәи амш инаркны рыжәҩа еибыҭа аӡәыкны еидгыла аҕа хәымга иҿагылеит аҧсуаа рҵеицәа. Шәҩыла еибашьуаз аҵеицәа дрылагыланы деибашьуан, зеибашьратә мҩа аҟынтәи, иара игәалашәараҿы акрызҵазкуа ахҭысқәа сырзааҭгыларц сҭаху Аҧсны Афырхаҵа Гашик Аӡынба.
Мрагыларатәи афронт аҿы комиссарс иҟаз, агәыҧ «Чагьам» акомандаҟаҵаҩ Гашик Аӡынба аибашьра ҟалаанӡа аҵарадырраҿы аус иуан. Иара иажәақәа рыла: «Раҧхьаӡа аибашьра саналагыла, жәаҩаҩык сҵаҩцәа сыманы сындәықәлеит, урҭгьы сара исықәгәыҕуан, убри аминуҭқәа рзы сшьамхқәа ҵысуа иалагеит, сеиҵасуа, исҳәо сҿамшәо сааҟалеит. Ҳаи, ахьымӡҕ шҧазгеи, аасгәахәит. Аҟәҟәаҳәа ахысра иалагеит, Тамшь амҩаду ҳаназааигәаха аҵысра саҟәыҵит, минуҭқәак раҧхьа исыхьыз, ааџьасшьеит, уи ашьҭахь ус уаҳа исмыхьыцызт».
«Лабра ҳаҟан, асы рацәаны ишьҭан. Ҭоумышь ҳәа иахьашьҭоу, Кәтолаа рыҷкәынцәа ажәылара мҩаҧыргон. Ҳаҷкәынцәа убра иҭахеит, асы илажьын, дара рахь анеира цәгьан.
Ари анҳаҳа, трақторла Кәтол ацентр аҟынӡа ҳааит, санынаҧш иџьасшьеит, аҳәсақәа «Ҳаҷкәынцәа џьоукы еибашьуазар, егьырҭ ҭахазар ҳара ҳаҟами» ҳәа асы ҧуа анеира иаҿын. «Ҳаҷкәынцәа ҳара иалаҳгоит» ҳәа ҧхьаҟа ицон…».
Аибашьраҿы дҭахеит Гашик иашьеиҵбы, зҩызцәа рыҩныҵҟа даара пату зқәыз Ҭемыр.
«Абџьар анумоу, ухы уанақәгәыҕуа уи даҽакала иҟоуп, ианумам узықәгәыҕуа маҷӡоуп» –иҳәоит Гашик Аӡынба.
Абас еиҧш иҟаз аибашьцәа рыбзоурала ауп ишаагаз Аиааирагьы. Зыхә ҳараку, шьала икәабоу Аиааира. Цәыббрамза 30, ари арыцхә аҧсуаа ҳҭоурых аҿы ихадаратәу аҭыҧ ааннакылеит. Иҧшьоу Аиааира иамшхеит. Ҳҵеицәа гәымшәақәа аиааира амш ҳзааргеит. Аиааира рыхьӡ адҳәалоуп зыҧсҭазаара зыдгьыл иахҭнызҵаз аҵеицәа-адауаҧшьқәа. Наӡаӡа ҧсра рықәым, наунагӡа рыхьӡ еимырдалоит абиҧарақәа.
Аҧсуа иҧсадгьыл алахьынҵа иаргьы илахьынҵоуп. Иахьа Аҧсны зхы иақәиҭу, ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, аҿиара амҩа иануп. Ҳбызшәа цқьаӡа ҳтәыла иқәыҩуеит. Ҳара, еиҵагыло аҿар иаҳхамышҭыроуп даҽа милаҭк ирыламҩашьоу, иҷыдоу аҧсуа цәа зхоу ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа. Ҳара ҳбызшәеи ҳаҧсадгьыли ҳрызхәыцыр, ҳаҧхьаҟатәи ҳамҩагьы лашазаауеит!
Дауҭ Ашәба,
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факульет ажурналистика аҟәша I акурс астудент