Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны адемографиа аҭагылазаашьа иазкны

Абри азҵаара хада иазкны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр ааигәа имҩаԥнагеит астол гьежь. Уи ааиртит Ацентр анапхгаҩы, афилософиатә наукақәа ркандидат, адоцент Олег Нестор-иԥа Дамениа.

Зегь реиҳа ихадоу, ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳаҟазаарц аҵак ду змоу – адемографиа азҵаара иалацәажәон анаукатә усзуҩцәа, аҵарауаа, аспециалистцәа.

Хымԥада атәылаҿ адемографиа ашьҭыхраз анырра ду ҟанаҵоит Аԥсны аекономика аҭагылазаашьа. Убри иазкын ацентр аусзуҩы Амра Цәышба лажәахә. Лара дазааҭгылеит иахьазы аԥсуаа рхыԥхьаӡара, уи астатистикатә ҭҵаарақәа инарықәыршәаны 51 процент ыҟоуп. Еиҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, 2011-2021 шықәсқәа ирҭагӡаны, 10 шықәса рыла аҧсуаа рхыҧхьаӡара иазҳаит х-нызқьи ҩышәи ҩынҩажәи зеижәҩык рҿынӡа (3259).

1992-1993 шықәсқәа, аибашьра анцоз, иҳауз ааха ҳдемографиа ацәыӡ ду анаҭеит, харҭәаашьагьы амамкәа иаанхеит. Еилкаауп, ҳдемографиа аҭагылазаашьа ҳанзацымхраа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра ҳзыргылом ҳәа азгәалҭеит лара.

Ҳмилаҭ аиқәырхаразы зегь раҧхьа иҳаргылаша акоуп ҳџьынџьуаа, ҳашьцәа Аҧсныҟа рырхынҳәра, абрахь нхараҳәа игьежьыз аанкылара ргәаҧхартә еиҧш аҭагылазаашьа рзаҧҵара. Аб­ри азҵаара дазааҭгыло, ацентр анаукатә усзуҩы Жаде Џьемре иҟалҵеит ажәахә «Арепатриациа апроблемақәеи, асоциологиатә аспекти». Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, асоциолог Гехад Абаза: «Ҳара Сириа ачерқьесқәа ҳәа ҳзырҳәон, ара ҳахьааиз Сириантәи иааз» ҳәа иҳашьҭоуп, ҳара иаҳҭахын, ҳарзыҧшын абра ҳхылҵшьҭрақәа ҳҧыларц», – лҳәеит лара.

Аҭоурыхтәҭҵаарақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиа иажәахәаҿ дазхьаҧшит арепатриациа иаҵанакуа ҳдемографиа ашьҭыхразы. «Нестор Лакоба 1920 шықәса рзы амҳаџьырцәа аҧсуаа рыргьежьра дашьҭан. Иаҧҵан акомитет амҳаџьырқәа рыргьежьразы. Аха мызқәак рыла ихырбгалан. 1928 шықәсазы Аҧсны Ареспублика Ахада Нестор Лакоба ихьӡала иааит ашәҟәы Бырзентәыла инхоз амҳаџьырқәа рҟынтә. Урҭ аҳәон Аҧсныҟа ахынҳәра. Дара рхыҧхьаӡара наӡон 700-ҩык рҟынӡа.

1936 шықәсазы Нестор Лакоба ари азҵаара аӡбараз иқәиргылеит. Аха Қырҭтәыла уи адгылозма. Ишдыру еиҧш, 1936 шықәсазы Нестор Лакоба Қарҭ ахәшә иҭаны дыршьит. Амала баша иҳәаз ажәақәамызт Нестор иан Шьахәсна Џьергьениа лмыткәма иалаз ажәақәа «Сыҷкәын, уан амшын нырцә иҟоу уашьцәа уҧсы рықәҵама нан» ҳәа.

Адемографиа ашьҭыхраҿы аҵакы ҵаулоуп атәыла аекономика, агәабзиарахьчара.

Уи инамаданы ажәа рҳәеит: Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кациа, ахшараиурҭа Аҩны аиҳабы Белла Ҧилиа, ақалақь ахәыҷтәы поликлиника аиҳабы Ада Абыхәба.

Урҭ иазгәарҭеит Аҧснынтәи анацәа хыҧхьаӡара рацәала Урыстәыла ахшара дышрауа, избанзар уаҟа еиҳа ирзеиҕьуп ҳәа иазыҧхьаӡаны. «Урҭ ахәыҷқәа ҳдемографиа иагхеит, аҧсуаа ҳхыҧхьаӡара иагхеит, ара џьаргьы иҭагалаӡам. Уаҟа ироуеит асоциалтә пакетқәа», – лҳәеит Белла Ҧилиа.

Жәлар Реизара 5-тәи ааҧхьара адеутат Леонид Чамагәуа иқәгылараҿ ирацәоуп дыззааҭгылаз апроблемақәа. Ҳдемографиа ашьҭыхразы акырӡа зҵазкуа усуп иқәыҧшу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара. Ахшара дзауз анацәа аматериалтә цхыраара рзыҟаҵара, убри акәӡан ҷыдала иара инапхгарала еиҿкааз афонд «Азҳара» зҿыз хәышықәса ирҭагӡаны.

Иара иҳәеит, «ҳара ҳдемографиа ашьҭыхразы акагьы аҭира аҭахӡам, ҳара ҳхаҭақәа иҳалшоит. Ирыцхраатәуп иқәыҧшу аҭаацәарақәа, ахәыҷы рацәа змоу, иҕару, згәабзиара уашәшәыроу.

Аӡәыр ихашәҵару иахьа Аҧсны 120 нызқь аҧсуаа ҳхыҧхьаӡара наӡоит ҳәа, сара иҭысҵааит иахьа Урыстәыла инхоит 8 нызқьҩык аҧсуаа. Аҧсны инхо хыҧхьаӡара 90-95 нызқьҩык иреиҳам. Гал иақырҭуартәыз аҧсуаа рызҵаарагьы ус имариам аӡбара. Дара иаҧсуаатәны рыҟаҵара сааҭкала иуӡбаша усым. Шәышықәсала иаҿын урҭ рыхдырра аҧсахра, ақырҭуа ҳәа рхы ршьо иҟаларцазы. Ҳара ҳетнос аиқәырхара ҳара ҳхаҭақәа ҳнапы иакуп, ҳара иҳалшоит», – ихиркәшеит уи иажәа.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me