Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсабара «алеишәа»

Ааигәа асоциалтә информациа Амаҵзура аинтервиу аиҭеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар.

Ишдыру аиԥш, аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟала аԥсабара даара ӷәӷәала аҽеиҭанакит, уи инаԥшьны ирацәахеит аԥсабаратә рыцҳарақәа, амшцәгьақәа, аӡхыҵрақәа. Ҳтәылагьы арҭ ахҭысқәа изрыцәцом. Аинтервиу аҟны дазааҭгылеит ус еиԥш ҟалозаргьы, рыхҟьа-ԥҟьа армаҷразы иҟаҵатәқәоу.

«Ҳара ҳҟны иҟаӡам аметеорологиатә гәаҭарақәа рганахьала инарҭбаау асистема, имҩаԥысуа аҽеиҭакрақәа ашәҟәы иазырбалаша, иара убас анаҩс урҭ ҭызҵаалаша. Урҭ иреиуоуп аӡиасқәа рҟны аметеорологиатә станциақәа, агидрологиатә ҭыԥқәа. Краснодартәи атәылаҿацәи Ҟрыми рыдгьылҵакырақәа ирҿҳарԥшуазар, уаҟа иарбанзаалак аӡышьҭраҿы, иаҭахызар иӡиасзааит, икәаразааит, ақәаршаҩқәа анауа иахьықәтәо аҭыԥқәа ракәзааит, игылоуп аӡы ахьынӡашьҭыҵыз узырбо ашәагақәа, агәаҭара акамерақәа, насгьы аинтерес змоу иарбанзаалак амаҵзура игәанаҭоит абарҭ аҭыԥқәа рҿы аӡы ахьынӡашьҭыҵыз, имҩаԥысуа аиҭакрақәа ианаамҭоу анырра рзыҟаҵара.

Еилкаауп, ари даара зыхә цәгьоу ситемоуп, аха уи аҭахуп. Урыстәылан абри асистема иазкылсит Ҟрымск (2012 шықәса ииуль азы аӡхыҵра ыҟан, аофициалтә дырраҭарақәа рыла убасҟан иҭахеит, хабарда ибжьаӡит 171-ҩык – Аред.) иҟалаз ахлымӡаахратә хҭысқәа рышьҭахьҵәҟьа. Убасҟан сааҭқәак рыҩнуҵҟала жәаҩыла ауаа ҭахеит», – иҳәеит Роман Дбар.

Атәылаҿы ӡиасқәак рҟны – Гәымсҭа, Кәыдры, Егрытәи аӡыхкыра рҟны иқәыргылоуп агидрологиатә станциақәа. Уажәы абри аҩыза ашьақәгыла аибыҭара иаҿуп Басла аӡиас аҟны, аха ари иаҭаху ахьтә маҷӡак ауп.

«Абасеиԥш иҟоу аметеостанциақәа рышьақәыргыларазы аинститут атәыла абиуџьет аҟнытә акымзарак ннамхыц. Абарҭ амалқәеи ашьақәгылақәеи ҳаԥшааит ҳара ҳхала, ҳнапы нарымҵакуа. Еилкаауп, абасала иҭышәынтәаланы аус зуа ашьақәгылақәа рыҟаҵара залшаӡом. Ҳазну аамҭазы алшара ҳамоуп урҭ рацәак рхыԥхьаӡара ыҟамзаргьы, иҳарҭо адырраҭарақәа рыҭҵааразы. Ҳарҭ зегьы ҳазхәыцроуп абасеиԥш иҟоу аинформациа аизгареи, аҵәахреи, аҭҵаареи алзыршауа ихаҭәаау аҳәынҭқарратә программа аҟаҵара хымԥада ишаҭаху», – иҳәеит аекологиа Аинститут Аиҳабы.

Даара акырӡа аҵанакуеит анџьныртә инфраструктура аҳауа иаалырҟьаны аҽыԥсахрақәа ирзыхиахарц азы.

«Ианаамҭоу ирыцқьахароуп аӡиасқәа рышьҭрақәа, урҭ агәамсам рхыҵәаны иҟамзароуп. Аӡхыҵрақәа, ақәаршаҩқәа раан агәам-сам ацҳақәа ирԥырачуеит. Дара урҭгьы ииашамкәа рпроект шыҟаҵаз ааԥшуа иалагеит. Ацҳақәа ӡыхкырак иаҩызахеит, ишьҭыҵыз аӡы урҭ ирхыҽҽаны аиланхарҭақәа ирыҵалоит. Даҽакала иуҳәозар, аӡышьҭрақәа ианаамҭоу ррыцқьара, агәам-сам рҭыгара абас еиԥш иҟоу ацәырҵрақәа ргәырҽанҵаразы акырӡа зҵазкуа ахәҭақәа ируакны иҟоуп», – иаҵишьит Роман Дбар.

Даҽа аспектк, ҳаамҭазы зынӡаск иатәарымбауа, – ари аӡыԥшаҳәақәа рҟны ҿыц аргыларақәа анымҩаԥыргауа акәша-мыкәша аҭҵаарақәа рыҟамҵара ауп; аӡхыҵрақәа ирыԥшьу ашәарҭарақәа зынӡаск ҳасаб рзыруӡом.

«Иара убри аан шьаҭас иҟауҵар ауеит даара иҽеимкәа аус зыдулоу анормативтә база, ишабалак ҳәа аус азнеира. Абасеиԥш иҟоу аргыларақәа рганахьала алкаақәа рыҟаҵара, мамзаргь мап рыцәкра зуалу амаҵзурақәа жәпакы ари аҭагылазаашьа ишабалак ҳәа иазнеиуеит. Урҭ ирхылҿиаауеит арбгарақәа, аӡхыҵрақәа, аԥхасҭа ӷәӷәа, иара убас ауаа рҭахарагьы ахылҿиаар ауеит», – иазгәеиҭеит Роман Дбар.

Иара убас аус адулатәуп аҳауа аҽыԥсахра инамаданы аконцепциа ҷыда. Уи иамҽханакыроуп анхамҩатә усура аганқәа зегьы, убрахь иналаҵаны анџьныр-техникатә ргыламҭақәа, аӡышьҭрақәа, ахәыҵсырҭақәа уҳәа рыргылара иазку анорматив ҿыцқәа.

«Ҿырԥшыс иаагозар, 40-50 шықәса уажәаԥхьа Аҟәа агәаны аканал ҟарҵеит усҟантәи аамҭазы иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иадкыланы, насгьы хәарҭара алан, иалшон ақәаршаҩқәа раан еизоз аӡы аушьҭра. Иахьа ари аканали ахәыҵсырҭақәеи зҽеиҭазкыз аԥсабаратә, аҳауатә нормақәа зынӡаск ирықәшәаӡом. Иҟаҵахароуп аргыламҭа ҿыцқәа рпроектқәа, ҳаамҭазтәи аҳауатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа ҳасаб рзуны», – идеилиркааит Роман Дбар.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me