Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҵарауаҩ ду, ажәлар рхьаа рыцеиҩызшоз

Аҧсадгьыли ажәлари рхьаа ры­цеиҩшара зегьы ирылшом, уи зылшо аҧсҭазаара ацәқәырҧақәа ирыӡрыжәхьоу, гәыла-ҧсыла зыжәлар ирымадоу, урҭ зыгәра рго  дреиуазароуп.

Здаракәац еизаку адыга жәларқәа риешьара ажәҩахыр арҕәҕәара аус ҧшьаҟны зылшамҭа шьардоу Кавказ аҵеицәа хьӡырҳәагақәа дыруаӡәкуп, арҭ амшқәа рзы 95 шықәсхыҵра азгәарҭо Ҟабарда-Балкариа жәлар рышәҟәыҩҩы, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Ҳаҭыр зқәу апрофессор, «Леон иорден» занашьоу, Кавказҭҵаара акаҵәарақәа ируаӡәку аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Заур (Заурби) Магамеҭ-иҧа Налоев.

Заур Налоев диит ииуль 15, 1928 ш. рзы Урвантәи араион Стари Урух ақыҭан. 1952 ш. рзы Ҟабардатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт анхиркәша, иҟыбаҩ азгәаҭаны уаҟа, аҟабарда бызшәеи алитературеи ркафедраҟны аусура дрыдыркылеит. 1954-2012 шықәсқәа раан аус иуан Ҟабарда-Балкариатәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аҟны, аамҭаказы алитературеи афольклори рыҟәша анапхгаҩыс.

Заур Налоев алитератураҿы дцәырҵит х-поемаки ҩынҩажәа жәеинраалеи еидызкылоз «Аҧсаатә рбызшәа» ҳәа хьӡыс иаманы, 1959 ш. рзы иҭыҵыз иажәеинраалақәа раҧхьатәи реизга ала. Ипоезиа цәаҳәа хаданы иагәылсуеит арҿиаҩы ифилософиатә дунеиеилкаара ҵаула: абзиеи ацәгьеи, аҧсреи абзареи, ауаҩи аҧсабареи уҳәа реинырра, рҽеиҭныҧсахлара, рхеибарҭәаара. Апрозаҿы акәзар, еиҳа иқәҿиеит, мҽхакыла еилацалоу, аха зыхшыҩҵак акырӡа иҭбаау аҩымҭақәа раҧҵара. Уи арҵабыргит, зыӡбахә хара инаҩыз, 2012 ш. рзы иҭыҵыз иновеллақәа ихарҭәаам реизга «Аӡыцәа заҵә» («Одинокий журавль»).

Зыҧсҭазаара аҵыхәтәанӡатәи аминуҭқәа рҟынӡа аҭҵаарадырра иадҳәалаз Заур Налоев дравторуп адыга филологиеи, акультура аҭоурыхи ирызку астатиақәа реизгақәеи амонографиақәеи быжьба назлоу, ҩышә инареиҳаны – аҭҵаарадырратә, алитература-критикатә, апублицистикатә усумҭақәа. Инапхгарала иаҧҵан: «Аҟабарда литература аҭоурых аочеркқәа «Адыга жәлар рашәақәеи рыхьӡыртәрақәеи» (х-томкны); зыхьӡ нагаз, XVIII ашәышықәсазтәи Ҟабарда анҭыҵгьы еицырдыруаз ауаажәларра-политикатә хаҭара «Жабаги Ҟазаныҟәа изку аҳәамҭақәа»; Бақсантәи арккаратә центр ахаҭарнакцәа – Б.Куашев, Х.Ельбердов, Џь.Налоев, И.Клишбиев русумҭақәа реизгақәа. Убасгьы, Заур Налоев аҭҵааратә згәаҭақәеи ахҳәаақәеи рзыҟаҵаны аҭыжьра иазирхиеит «Аҟабарда поезиа» (1957 ш.), «Заатәи адыга литература» (2010 ш.) рантологиақәа. Иџьабаа маҷым, ахәыҷ баҳчақәа рзы ҟабарда бызшәала ахрестоматиа аиқәыршәареи, аҟабарда жәлар рлакәқәа реизгареи, аҭыжьра разырхиареи рус аҿгьы. Иара иоуп изылшамҭоу, адунеи ажәларқәа рлакәқәа рахьтә иреиҕьу шәкы, аҟабарда бызшәахьы еиҭаганы аҭыжьра азырхиарагьы.

Акырынтә еиҭаҭрыжьхьоу «Адыгақәа ркультура аҭоурых аетиудқәа» ҳәа хыс измоу имонографиаҟны дазааҭгылоит адыга рккара азҵаарақәа реиҧш, иаҳхысыз ашәышықәса актәи азбжазы зыхьӡ наҩхьаз аҟабарда поетцәа: А.Хавпочев, А. Шогенцуков, Н. Цагов уҳәа аӡәырҩы рырҿиаратә ҭынха.

Заур Налоев уаажәларратә усзуҩык иаҳасабалагьы иаҳаҭыри имҽхаки даараӡа иҭбаан, 1990-1994 ш.ш. раан Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак – Жәлар Реизара алахәылас дыҟан; далахәын убасгьы аҟабарда жәлар р-Конгресс. Уи дреиуоуп 90-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭазы ареспубликкатә уаажәларратә еиҿкаара «Адыгэ Хасэ» аҧҵаҩцәа, кыраамҭа ахантәаҩысгьы дыҟан. Заур Магамеҭ-иҧа 1991ш. рзы далахәын иаҧхьаӡатәины Голландиа имҩаҧысыз адыга жәларқәа рхаҭарнакцәа реилацәажәара, иажәалагалала анаҩс, аизара ду Нальчик имҩаҧыргарц ахьазыӡбахаз. Уи аизара ду аҟноуп иахьаҧҵахаз хаҭала знапхгараҭаратә хеилак далахәыз ачерқьесқәа жәларбжьаратәи рассоциациа.

Ишдыру еиҧш, иаҳхысыз ашәышықәсқәа 80-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭаз еиҳа-еиҳа иуадаҩхон Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьа. Ҳажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара ацәқәырҧақәа есааира ашьҭыҵра иаҿын. Убарҭ аамҭақәа раан Кавказ Нхыҵ иқәынхо адыга жәларқәеи ҳареи ҳаимадара иазкыз аусқәа реиҿкааҩ-ҧхьагылаҩцәа дреиуан Заур Налоев. Уи данқәыҧшӡаз нахыс дацәымҩашьо агәра игахьан адыга жәларқәа ҳаибабареи, уи иарҿыхо ҳгәеизыбылреи ирыбзоураны, ҳхы ҳхала иаҳмыхьчар, ҳзыхьчо даҽа мчрак шыҟамыз. Ҩнуҵҟала иҵаулаз Заур Магомеҭ-иҧа ажәлар реизарақәа рҟны иқәгыларақәа рҵакы гәаҕьыуацәан усҟантәи аамҭақәа рзы, аха игәҭакы дацәхьаҵны иҟамлеит зныкгьы. Адыгааи аҧсуааи даракәацла ҳаилахәра, ҳаизааигәара, наҟ-наҟтәи ҭоурыхтә лахьынҵала ҳаимадарақәа рыхҭа дҭаҧшны, бжьыҭгала далацәажәон иеишьцәоу ажәларқәа ҳашкеибамыжьша ианакәызаалак, аҧсҭазаара аӡыблараҿы ҳаидымгылар шамуа ахеиқәырхареи ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш лашеи рзы.

Заур Налоев изныкымкәа Аҧсны даҭаахьан, кыр жәашықәсақәа раахыс доуҳала дыззаигәаз Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба дицны ҳажәлар реизарақәа дрылахәхахьан. Убарҭ руак аҟноуп «ҳарҭ – аҧсуааи адыгақәеи згәаҧшь ҕәҕәоу ҵлагәыцәк иахылҵыз амахәҭа жәпақәа ҳауп, аӡә ида аӡә нхашьа ҳамаӡам ари адунеи аҿы» ҳәа ахьиҳәазгьы. Аҧсны аибашьра анцозгьы еиуеиҧшым аҭыҧқәеи аҭагылазаашьақәеи рҟны иқәгыларақәа раан инаҵшьны дазааҭгылон, Кавказ аҵеицәа гәымшәақәа хацәнамырха, нхыҵ иҟа аахыҵ иҟа, рымч еибыҭаны аҕа иҿагылара ҭоурыхла атрадициа аманы азқьышықәсақәа рҟнытә ишаауа, уажәгьы ҳажәларқәа риешьара, реидгылара даҽа аамҭанык еиҧшымкәа ишаҭахыз, арыцҳара ду иақәшәаз Аҧсни уи ажәлари рыхьчаразы.

Заур Налоев иҧсҭазаара далҵит ииуль 5, 2012 ш. рзы, 84 шықәса дшырҭагылаз. Уи ихьӡ наӡаӡа аҭоурых ианызаауеит адыга жәларқәа назлоу, Кавказ Нхыҵ иқәынхо реизааигәатәра, урҭ реиларҵәара зыҧсҭазаара азызкыз дыруаӡәкны.

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me